Хәажәкыр 29, 2024
Русудан

Русудан

Email: Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees.
Томас Майн Рид — английский писатель, автор приключенческих романов и произведений для детей и юношества.
Томас Майн Рид  «Приключения молодых буров»
Роман, 1855 год; цикл «Южноафриканская трилогия» на французском языке
В наш век телевидения и интернета, казалось бы, уже трудно удивить человека, знакомящегося с Южной Африкой, чем нибудь необычным. Однако, прочитав эту книгу, вы узнаете такое множество подробностей о природе и истории этого края, что будете действительно несказанно удивлены. А теперь представьте, как завораживала эта книга читателей в 19 веке. И все это благодаря мастерству автора, который все эти факты преподнес не в виде сухой информации, а облек их в яркий и напряженный сюжет, заставляющий сопереживать героям до последней страницы.
 
 
 
 
 
 
 
 

Дорогие друзья! Предлагаем вашему вниманию новую рубрику от отдела иностранной литературы НБРА им. И. Г. Папаскир, в которой будут публиковаться редкие книги отдела - "Листая прошлого страницы..." Несчастья Софи (французский: Les Malheurs de Sophie) - детская книга, написанная графиней Софьей де Сегюр. Книга была издана в 1858 г. издательством Hachette. Иллюстрации выполнены французским художником Горацием Кастелли. Это первая книга трилогии; его продолжения Хорошие маленькие девочки (1858) и Каникулы (1859). Отдел литературы на иностранных языках

 

 

 

Le tour du monde en quatre-vingts jours

 

«Вокру́г све́та за во́семьдесят дней»  приключенческий роман французского писателя Жюля Верна, повествующий о путешествии эксцентричного и флегматичного англичанина Филеасса Фогга и его слуги-француза Жана Паспарту вокруг света, предпринятом в результате одного пари.

Роман написан в 1872 году и в том же году публиковался на страницах ежедневной газеты «Le Temps» (с 6 ноября по 22 декабря). Затем вышел отдельным томом в парижском издательстве «J. Hetzel et Compagnie» (1873).

 

Отдел литературы на иностранных языках

Шәышықәса дшырҭагылаз лыҧсҭазаара далҵит Адиле Шахбас-иҧҳа Аббас-оглы, Аҧсны анапхгаҩы, аҵеи хьӡырҳәага Нестор Аполлон-иҧа Лакоба иҭаацәара иахәҭакыз (иабхәында иҧҳәыс), аамҭа еиқәаҵәақәа ирхааныз, уи зегьы хаҭала изхызгаз аҧҳәыс гәымшәа, ауаҩы-легенда.

Амыҟәмабарақәа зегьы дыриааины, лара илыллыршеит иҳаҩсыз ашәышықәса 30-тәи ашықәс еиқәаҵәақәа ирызку ахҭыс хлымӡаахқәа аҭоурых азныжьра. Зегьы еицырдыруа иҟалеит Адиле Аббас-оглы авторс дызмоу ашәҟәқәа (урыс бызшәала): раҧхьатәи "Не могу забыть", иара убасгьы анаҩс ихарҭәааны ҿыц иҭыжьыз "Моя Абхазия... Моя судьба". Урҭ рҟны цәаҳәа ҟаҧшьны иагәылсуеит Нестор Лакобеи, уи иҭаацәареи, асовет тәыла анапхгаҩы И.Сталини, Л.Бериеи уҳәа убас егьырҭгьы ирызку агәалашәарақәа, Аҧсны имҩаҧысуаз арепрессиақәа ртәы.

Аҧсны зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩы, аџьа аветеран, "Ахьӡ-аҧша" аорден II аҩаӡара занашьаз Адиле Аббас-оглы лышәҟәқәа И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека, ҳтәыла егьырҭ абиблиотекақәа рҟны еиҧш, ахьтәы фонд иахыҧхьаӡалоуп. Арҭ аизгақәа ирыбзоураны ҳаҧхьаҩцәа алшара роуит аҭоурыхтә ҵабырг "лабҿаба" агәылаҧшра, автор "илыцны" уи агәылсра.
И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека анапхгареи аколлективи гәалсра дула ирыдышшылоит Адиле Аббас-оглы луацәеи лҭынхацәеи.
Лыҧсаҭа бзиазааит!
Хашҭра лықәымзааит!

Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрреи Аҧсны Аҳәынҭқарра И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека Ашәҟәытә палатеи рыгриф ала иҭыҵит "Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар2020".

Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар - ари есышықәса иҭыҵуа, аиллиустрациа зызу
ҭыжьымҭоуп. Уи хықәкы хадас иамоуп аҧхьаҩцәа Аҧсны аҭоурыхи,
акультуреи, аҭҵаарадырреи, аҟазареи ирызкны еиуеиҧшым аинформациа
рызнагара.

Амзар аҿы иуҧылоит еицырдыруа аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи
усзуҩцәа, ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, акультуреи аҟазареи рхаҭарнакцәа уҳәа егьырҭ аиубилиарцәеи, аҭоурыхтә хҭысқәа ррыцхәқәеи ирызкны аинформациа.
Амзар рзынархоуп еиуеиҧшым аҧхьаҩцәа.

Аиқәыршәаҩ: Ҭ.В. Нанба.
Аредакторцәа: В. В. Никонов, Е. Г. Ушакова.
Аҭыжьразы аҭакзыҧхықәу: Б. Шь. Ҷолариа.
Акомпиутертә кьыҧхь: Ҭ.В. Нанба.
Акомпиутертә верстка: С. А. Белогур.

Амзар аелектронтә версиа (pdf)

«Иҿыхоит сгәаҵаҿ апоезиа…» – абас хьӡыс иаман иахьа И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсны амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысыз, Аҟәа ақалақь ашколхәыҷқәеи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәеи злахәыз ахәылԥаз. Уи аиҿкаара хықәкыс иамоуп алитература бзиа избо, зхатә ҩымҭақәа раԥҵараҿы зхы ԥызшәо ахәыҷқәеи аҿарацәеи рбаҩхатәра аарԥшра, ацхыраара рыҭара, амҩа иаша рықәҵара.

Абиблиотка анапхгареи аусзуҩцәеи, ҷыдала ари апроект аиҿкаара зҭакҧхықәраз Виолетта Иванбеи даара аус руит аҳҭнықалақь аҟны: ашколқәа рнапхгаҩцәеи арҵаҩцәеи рыҽрымаданы иалрыԥшааит имаҷҩымкәа абаҩхатәрақәа, аусгьы рыдырулеит. Апроект иақәҿырҭит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет В.П. Анқәаб ихьӡ зху акабинет аҟны еиҿкаау алитературатә еилазаара алахәылацәагьы.

Борис Ҷолариа иажәақәа рыла, ахәылԥаз зхы алазырхәыз аҿарацәа реиҳараҩык И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсны амилаҭтә библиотека аԥхьаҩцәа роуп, аусмҩаԥгатә аиҿкаарагьы хықәкы хадас иамоуп урҭ ашәҟәы агәыбылра, абзиабара дыркра, аԥхьаратә культура ашьҭыхра.

Апроект еиднакылеит зынӡа 34-ҩык аҿарацәа. Зегьы алшара рыман рхатәы жәеинраалақәа исахьаркны рыԥхьаразы. Урҭ рахьтә иҟоуп раԥхьаӡа акәны зажәеинраала хәыҷқәа рыла ицәырҵызгьы.

Аусмҩаԥгатә далахәын Аԥсны акультура аминистрра ахаҭарнак Адамыр Гәынба.
Ахәылԥаз мҩаԥысит даара аҩаӡара ҳаракы аманы, илахҿыхны. Аҿар рпоезиатә қәгыларақәа хадырҭәаауан арахь ааԥхьара змаз Аԥсны жәлар рартист Роза Чамагәуаԥҳа напхгара зылҭо аҭыԥҳацәа рашәаҳәаратә гәыԥ. Инарыгӡеит акымкәа-ҩбамкәа аҧсуа жәлар рашәақәа.

Иазгәаҭатәуп, абиблиотека анапхгара рыбзоурала ахәылԥаз иалахәыз авторцәа ҿарацәа ражәеинраалақәа еидызкыло аизга шәҟәы шҭыжьыз. Уи дара рзы зегьы иреиҳау ҳамҭа дуны иҟалеит.

Афото: © Чхамалиа А.А.

И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотекаҿы имҩаҧысит иналукааша аҧсуа шәҟәыҩҩы, апублицист, Аҧсны зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩы, "Ахьӡ-Аҧша" аорден III аҩаӡара занашьоу Владимир Констонтин-иҧа Басариа 85 шықәса ихыҵра иазкыз аиҧылара.

Аусмҩаҧгатә иалахәын Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа, ауаажәларра, аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа, ажурналистцәа.

Аиԥылара аартуа Аҧсны амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа иазгәеиҭеит:
«Владимир Константин-иҧа Басариа аҧсуа жәлар деицырдыруеит ипрозатәи, идраматәи, ипублицистикатәи ҩымҭақәа рыла. Уи диит 1934 шықәсазы Очамчыра араион Кәтол акыҭан, аҵарауаҩ ду, Вашингтонтәи агеографиатә еилазаара ҳаҭыр зқәыз алахәыла Симон Басариеи, Аҧсны жәлар рышәҟәыҩҩы Иван Папасқьыри, иара убас егьырҭ ҳашәҟәыҩҩцәеи ҳҵарауааи аӡәырҩы ахьииз Кәтол ақыҭан, Қьарақьан ҳәа иахьашьҭоу аҳаблаҟны.

Иқыҭантәи ашкол даналга ашьҭахь дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа. Уи дышҭаз аррамаҵурахьы иҧхьоит. Шықәсык инацны иуалҧшьа наигӡон. Уантәи даныхынҳә, ҩаҧхьа иҵара иациҵоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҟны, дагьалгоит 1962 шықәсазы.

Аамҭала зынгьы рҵаҩыс ашкол аҟны аус иуан, анаҩс, 17 шықәса инарзынаԥшуа – агазеҭ “Аҧсны ҟапшь” аредакциаҟны. Уаҟа имаҷымкәа аҧсҭазааратә ҧышәа иоуит. 1979 шықәсазы диасуеит Аҧсны аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭахь. Араҟагьы аус иуит 29 шықәса.
Абри аамҭала есышықәса иҭыҵуаз аҧсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа акыр ирацәаны редақторра рзиуит. Аус ахьиуазаалакгьы, аџьабаа шацызгьы, ихатә ҩымҭақәа аҧиҵон.

Владимир Константин-иҧа иҩымҭа ҿыцқәа рҭыҵра еснагь иазыҧшын аҧхьаҩцәа, иазыҧшуп иахьагьы.
Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи. Шәҳагымзааит, шәрыгымзааит шьардаамҭа шәҭаацәа, шәыуаажәлар, аҧхьаҩцәа!
Шәагымзааит Аҧсны!»

Ашәҟәыҩҩы иҧсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи инарҭбааны дазааҭгылеит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу.

Аиубилиар идныҳәалауа иқәгылеит: Аҧсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа, апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа, алитератураҭҵааҩы, акритик Руслан Қапба, Аҧсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Зураб Аргәын, иара убасгьы апоетцәа - Терент Ҷаниа, Гәында Кәыҵниаҧҳа, Иван Миқаиа убас егьырҭгьы.
Аҵыхәтәаны Кәтолаа рыхьӡала аиубилиар дидныҳәалеит Кәтол ақыҭа ахада Вахтанг Кәарацхьелиа. Уи иҭабуп ҳәа реиҳәеит аусмҩаҧгатә еиҿызкаази зхы алазырхәызи зегьы.

Аиҧылара еиҿыркааит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла анапхгара.

Афото: © Алхас Чхамалиа

И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотека аҟны имҩаҧысит ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы Ҳаири Қәҭарба 60 шықәса ихыҵра иазкыз аиҧылара.

Ҳаири Қәҭарба занааҭла дынџьныруп. Аха акыршықәса раахыс инапы алакуп ашәҟәыҩҩреи аиҭагареи.

2007 ш. раахыс Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иалоу Ҳаири Қәҭарба диит 1959 ш. Ҭырқәтәыла, Диузџье, Акчокоџьа араион Енџьы-Ҳаным ақыҭан.

Аҧсныҟа даныхынҳә аус иуан ателехәаҧшратә канал "Абаза-ТВ" аҟны, имҩаҧигон адырраҭара "Ҳара ҳадиаспора".

Данқәыҧшӡаз инаркны дазҿлымҳан аҧсуа бызшәа, афольклор. Ажәлар рҿаҧыцтә ҳәамҭақәа шьаҭас измаз ажәабжьқәеи алакәқәеи иҩуан. Аха нас Кавказаа рхылҵшьҭрақәа иртәыз аҭыжьымҭақәа рҟны астатиақәа ркьыҧхьра напаиркуеит: аҧсуа-адыга жәлар рҭоурых иадҳәалаз арҿиамҭақәа раҧҵарагьы далагоит. Иҩызцәеи иареи еицхырааны еиҿыркаауеит ашәҟәҭыжьырҭа "Нарҭ".

Ҳаири Қәҭарба аҧсуа-адыга жәлар рҭоурыхи рлитературеи ирызку аҧҵамҭақәа жәпакы аҭырқәшәахь еҭаганы иҭижьхьеит. Урҭ иреиуоуп Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах". Уи раҧхьатәи аҭыжьра аан атираж 5 нызқь рҟынӡа инаӡон, нас изныкымкәан еиҭаҭыжьын. Иааидкыланы иугозар, ари ашәҟәы атираж 40 нызқь инареиҳаны иҭыжьын, иагьрыларҵәан Ҭырқәтәыла.

2005 ш. иҭыжьын Ҳаири Қәҭарба раҧхьаӡатәи ироман "Ахырҵәара". Иахьагьы ари атемала ашәҟәқәа рыҩра даҿуп.

Ҳаири Қәҭарба иажәақәа рыла, Ҭырқәтәыла инхо аҧсуааи ҳареи иахьазы иҳамоу аимадарақәа ҧсыҽуп. Абызшәа аганахьала акәзар, аҭагылазаашьа уадаҩуп атәым жәҩан аҵаҟа, еиҳаракгьы аҿар рыҩнуҵҟа. Дара ирҭахуп рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь ихынҳәырц, аха зегьыҵәҟьа уи еиҧш аҭагылазаашьа рымам.

Аиҧылараҿы еизаз аӡәырҩы рықәгыларақәа рҟны иазгәарҭеит, Ҳаири Қәҭарба ҳажәлар реимадара, реигәныҩра аганахьала иҟаиҵо аусқәа шырацәоу. Насгьы ирҳәеит, уи имҩаҧиго аусура иахьа уажәраанӡагьы инагӡаны ахәшьара шаҭам.

Ашәҟәыҩҩы ииубилеи иадҳәаланы изеиҿыркааз аиҧыларазы зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Алхас Чхамалиа

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика