Мшаҧы 26, 2024
Rusik

Rusik

Email: Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees.
   Акрааҵуеит ақалақь Мончегорск аҭҵаара-техникатә библиотека уаанӡатәи анапхгаҩы Светлана Мамакинеи Аҧсны амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариеи рыбжьара аиҩызаратә, аусеицуратә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи. Лара 2007 шықәса раахыс Амилаҭтә библиотека даҭаауеит, акыргьы ацхыраара ҟалҵоит абиблиотека аусхк ахь атехнологиа ҿыцқәа ралагалара азҵааразы. Изныкымкәа Амилаҭтә библиотека аусзуҩцәа рзы асеминарқәа мҩаҧылгахьеит.
Светлана Мамакина уажәтәи лаара акәзар, машәырны иҟамлеит. Уи Амилаҭтә библиотеказы иаалгеит аҳамҭақәа - Евстафи Аҧсил исахьа зну аныхачаҧеи хәы змаӡам аҭыжьымҭақәеи. Аныхачаҧа афинифт иалхуп, инагӡоуп ҩаӡара ҳаракыла, ацәаакыреи, аҧхареи, ахьшәашәареи рҟынтә ҧырхага амоуа.
   "Иазгәасҭарц сҭахуп, аныхачаҧа - ари, зегь раҧхьа иргыланы, адинхаҵацәа, аҧшьаҩцәа ирусуп, аха абиблиотека сара сахәаҧшуеит адыррақәа рхы ахьеиларсу ныхабаак еиҧш. Убри азоуп уи ҳамҭас шәбиблиотека иасҭарц зысыӡбазгьы.", - лҳәеит Светлана Мамакина.
   Аныхачаҧа авторс дамоуп Кандалакш ақалақь аҟны инхо еицырдыруа аурыс сахьаҭыхҩы Нина Снигур. Лара уи аныхачаҧа ҭылхит Алеқсандри Светланеи Мамакинаа зхаҭарнакцәоу Арҿиаратә еидгыла "Снежный лев" иҟанаҵаз аҿаҵаҧҟала.
   Борис Ҷолариа иазгәеиҭеит, Амилаҭтә библиотека ҳамҭас иаҭоу аныхачаҧазы адырра шрыҭахо аҭыҧантәи адинхаҵара ахаҭарнакцәа, насгьы иара ауахәама азакәанқәа рыла иҧшьаны абиблиотека ауадақәа руак аҟны ишыкнаҳахо.
Асасцәа иара убасгьы Амилаҭтә библиотека ҳамҭас иарҭаз аҭыжьымҭақәа иреиуоуп хәызмам альбомқәа ҩба: "Урыстәыла. Романоваа. 1613-2013" (Романоваа рыҩны афотографиақәа рыла), Романоваа рыҩны 400 шықәса ахыҵра иазкны иҭыжьу (атираж зынӡа - 200 екземплиар). Иара ҭнажьит Карл Булла ихьӡ зху аҭоурыхтә ҭыхымҭақәа Рфонд. Амилаҭтә библиотека ахьӡала Мамакинаа иааргаз аекземплиар инапынҵамҭа ануп Афонд анапхгаҩы Валентин Ельбек.
Аҩбатәи аҭыжьымҭа - Урыстәыла ҳаамҭазтәи афотографиа иазку афотобиеннале 5-тәи акаталог (Санкт-Петербург, Аҳәынҭқарратә аурыс музеи).
   Борис Ҷолариа асасцәа иҭабуп ҳәа раҳәауа иазгәеиҭеит, Светлана Мамакина дызхаҭарнаку арҿиаратә еилазаареи Аҧсны амилаҭтә библиотекеи аҧхьаҟагьы русеицура дшақәгәыӷуа, дагьшадгыло аҩганк рзы хәарҭара злоу апроектқәа реиҿкаареи рымҩаҧгареи.

АҞӘА, февраль 12, Алхас Чхамалиа. Аҧсны абиблиотекатә ҧсҭазаара аҭоурых уазхьаҧшуазар, аханатә аахысгьы хыҧхьаӡарала ирацәаҩымызт абиблиотекатә ҵара зманы аус зуаз аҧсуаа. Уи моу, иааидкыланы иугозар, урҭ рахьтә аӡәырҩы иреиҳау аҵарагьы рымамызт. Аха аамҭа цон, маҷ-маҷ аҭагылазаашьа аҽаҧсахуан, ҳкультуратә хәышҭаарақәагьы есааира рҽеибырҭон, русура еиҿыркаауан, ицәырҵуан акадр ҿыцқәа. Убас, иҳаҩсыз ашәышықәса 50-60-тәи ашықәсқәа инадыркны азҿлымҳара арҭо иалагеит абиблиотекатә занааҭ. Аӡәаӡәала ицәырҵуан иреиҳау абиблиотекатә ҵарахьы зхы зырхоз, уи аҵакы еилкааны иазнеиуаз аҧсуаагьы. Убри инаркны иааиҵагылаз абиблиотекатә усхк аспециалистцәа дырхыҧхьаӡалоуп иахьа И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотека аметодист нага, 1958 шықәса раахыс зыҧсҭазаара адыррақәа рхыҵхырҭа – ашәҟәқәа ирыдҳәалоу, Аҧсны зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩы, «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара занашьоу Виолетта Елызбар-иҧҳа Иванба. Лара 17 шықәса ракәӡан илхыҵуаз раҧхьаӡа акәны Очамчыра араионтә библиотекахь аусура даннарыҧхьаз.

Виолетта Елызбар-иҧҳа Иванба диит апрель 12, 1941 шықәсазы Очамчыра ақалақь аҟны.

1948 шықәсазы дҭалоит Очамчыратәи аурыс абжьаратә школ №2, аха 1954 шықәсазы ҩаҧхьа аҧсуа школқәа анаадырт, уахь диасуеит аҵаразы. Ашкол далгоит 1958 шықәсазы.

Виолетта Елызбар-иҧҳа ашкол аҿы аҵара анылҵоз зегь рыла дҿырҧшыган: лхы рылалырхәуан ашкол аҟны имҩаҧыргоз ауаажәларратә усқәа зегьы, ашколтә радио аҟны дикторк лаҳасабала лхы ҧылшәон, аныҳәақәеи аконцертқәеи раан мҩаҧгаҩыс далырхуан. Активла лхы аалырҧшуан аспорт аҿы, еиҳаракгьы атлетика ласи амҵәышәымпыли рганахьала.

Ашкол даналга илыӡбоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт атәым бызшәақәа рыҟәша дҭаларц, аха ацхыраара ахьылмоуз иахҟьаны абалқәа лзымхеит. Аха гәкажьрак ҟамҵакәа дхынҳәуеит лықалақь гәакьахь, аусуразгьы Очамчыра араионтә библиотекахь днарыҧхьоит. Убри инаркны Виолетта Елызбар-иҧҳа абиблиотека агәыбылра шьҭылхуеит.

1960 шықәсазы дҭалоит Москватәи акультура аинститут абиблиотекатә факультет, дагьалгоит қәҿиарала 1965 шықәсазы, занааҭла – иреиҳаӡоу аквалификациа змоу абиблиотека аусзуҩы-абиблиограф. Иара убри ашықәс азы аус ахьылуаз Очамчыра араионтә библиотекаҿы аҧхьарҭатә зал еиҳабыс дҟарҵоит.

1976 шықәсазы абиблиотекақәа реидҵа хада асистема анаҧырҵа ашьҭахь, ашәҟәытә фонд аиҿкаареи ахархәареи рыҟәша еиҳабыс диаргоит. Шықәсык аҟара ааҵуаны Очамчыра араион абиблиотекақәа реидҵа хада аиҳабы ихаҭыҧуаҩс дҟарҵоит. Ари амаҵураҿы ламысцқьала жәашықәса аус анылу ашьҭахь, абиблиотекақәа реидҵа хада анапхгара лнапы ианырҵоит.

Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь Виолетта Елызбар-иҧҳа илыллыршеит аибашьраан ааха зауз Очамчыра араион абиблиотекақәа реидҵа хада аиҭашьақәыргылара. Лара илыбзоураны иаартын акымкәа-ҩбамкәа абиблиотекақәа: Тамшь, Баслахә, Ҧақәашь, Кәтол, иара убасгьы Очамчыра ақалақь аҟны иҟаз Аҧсны атәылахьчара аминистрра Архәҭа мрагыларатәи агәыҧ акоменданттә ротаҿы. Урҭ раартра анаҩсгьы, еснагь дрымадан, ихалырҭәаауан рфонд ҿыц иҭыҵуаз алитературала, имаҷымкәа ацхыраара рылҭон еиуеиҧшымыз акультуратә усмҩаҧгатәқәа реиҿкаараҿы.

Иазгәаҭатәуп, Виолетта Иванба абиблиотекаҿы лусура лҽахаршәаланы лхаҭа активла ауаажәларратә усура лхы шалалырхәуаз. Асовет аамҭазы 20 шықәса инареиҳаны аҭыҧантәи арадио аҟны дикторс аус луан, аныҳәа дуқәеи апарадқәеи рымҩаҧгара акәзар, лдикциа ахьыбзиаз азы, еснагь лара лнапы ианырҵон. Араион аҿы лассы-лассы еиуеиҧшым ахәылҧазқәеи аиҧыларақәеи еиҿылкаауан, иагьымҩаҧылгон. Уи иадлыҧхьалон аџьаус аҿы аҧхьагылара аазырҧшуаз анхацәа, 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа, Аҧсны жәлар Рџьынџьтә еибашьра афырхацәа, анацәа, ашәҟәыҩҩцәа, апоетцәа, аҵарауаа уҳәа убас егьырҭгьы. Ҷыдала аусмҩаҧгатәқәа еиҿылкаауан алитература абзиабаҩцәа, аҩраҿы зхы ҧызшәоз аҿар рзы: имҩаҧылгон ахәылҧазқәа, ахәмаррақәа, аицлабрақәа.

Виолетта Елызбар-иҧҳа шықәсырацәала инеиҧынкыланы  лусуреи иаалырҧшуаз ақәҿиарақәеи азгәаҭаны усҟантәи Қырҭтәылеи Аҧсны автономтә республикеи рнапхгара изныкымкәа аҳаҭыртә шәҟәқәа, адипломқәа уҳәа ланаршьахьан. 1983 шықәсазы абиблиотекатә ус арҿиараҿы ллагала азгәаҭаны илыхҵан «Аҧснытәи АССР зҽаҧсазтәыз абиблиотека аусзуҩы» ҳәа ахьӡ ҳаракы.

Апрель 3, 1970 шықәсазы В.И. Ленин диижьҭеи 100 шықәса аҵра аҳаҭыраз СССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ахьӡала Виолетта Иванба иланашьан аиубилеитә медал.

2009 шықәсазы абиблиотека аусзуҩы 50 шықәса лусура, лааҧсара еихызшьаало акакәны иҟалеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.У. Багаҧшь иқәҵарала «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара ланашьара.

Виолетта Елызбар-иҧҳа шықәсырацәалатәи лусура иалагӡаны ирацәаҩуп ашәҟәы абзиабара, агәыбылра злыркыз, аҵарадыррахь ихьалырҧшыз, анаҩс ҳаҧсуа культура, ҳаҧсуа ҟазара уҳәа инаҵагылаз ауаа. Лара аханатә аус лыцызуаз лҩызцәа иазгәарҭоит, Виолетта Елызбар иҧҳа луаҩышьа ҳаракы, лаамсҭашәара, лыламыс, лчеиџьыка. Иуҳәар ҟалоит, ари аҧҳәыс аҧсҭазаараҿы акыр џьа лбахьазаргьы, акыр амыҟәмабарақәа дрықәшәахьазаргьы, насыҧ ду змоу уаҩуп ҳәа. Избан акәзар лара илааӡеит ахшара бзиа: илымоуп хҩык ахәыҷқәеи хҩык амаҭацәеи.

Абраҟа иазгәасҭарц сҭахуп, Виолетта Иванба ишлылоу даҽа ҟазшьа ҷыдакгьы: лгәы иҭалкуа, дызлаго аус аҵыхәтәанынӡа иналыгӡаанӡа лгәы ҭынчым, иналмыгӡаргьы луӡом. Изхысҳәаауа, аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рзы Очамчыра абиблиотекақәа реидҵа хада аматериал-техникатә база аганахьала аҭагылазаашьа даараӡа иуадаҩын: адашьмақәа ҭаҧыҽҽын, ишьыхыз аҭыӡқәа ана-ара икыдыҩрны илеиуан, ацәаакыра мыцхәы иахҟьаны ашәҟәқәа аҧхасҭа роур ҳәа ашәарҭара ыҟан. Араион аҿы афинансқәа рыҟамзаара иахҟьаны изалыршахомызт абиблиотека ахыбра арҽеира. Аха уи аус ӡбамкәа иаанхар луазма Виолетта Елызбар-иҧҳа! Уахи-ҽни дзызхәыцӡоз иара акәын. Изныкымкәа апроблема шьҭылххьан араион ахадараҿы. Убас, 2013 шықәсазы арион ахада Мурман Џьапуа ибзоурала ақалақь агәҭаны абиблиотеказы 9 уадак ылхын. Уи ахыбра аиҭашьақәыргыларазы уаанӡа ацхыраара ҟаиҵахьан С.У. Багаҧшь. Абиблиотекатә маҭәарқәа аахәан араион ахадара рыбзоурала.

Абасала, Очамчыра абиблиотекақәа реидҵа хада ахыбра ҿыц ашәқәа аартын 2015 шықәса, ноиабр мзазы. Уи официалла аартра иалахәын атәыла акультура аминистрра, Аҧсны амилаҭтә библиотека анапхгара, араион ахадара, акультура аҟәша ахаҭарнакцәа, абиблиотекақәа русзуҩцәа. 

Виолетта Иванба иахьа лышьҭахьҟа дынхьаҧшны дызнысхьоу аҧсҭазааратә амҩа даныҧшылауа иазгәалҭоит: «Сара насыҧ сыманы схы сыҧхьаӡоит Аҧсны абиблиотекатә ҧсҭазаара аҿиара саӡәыкны сахьалахәу. Сазыгәдууп 61 шықәса аус ахьызуаз Очамчыра абиблиотекақәа реидҵа хада, насгьы агәахәара снаҭоит уи ҿыц аиҭашьақәыргылара сџьабаа ахьаду. Сгәы азыбылуеит иахьагьы. Абиблиотека – ари сара исыҧсҭазаароуп. Исылшоз ҟасҵеит, иҟасҵоит иахьагьы. Аха уажәшьҭа аамҭа зтәу шәара шәоуп, аҿар», – лҳәоит лара.

Ҳазҭысыз ашықәс февраль 1 азы Виолетта Елызбар-иҧҳа лқәыҧшра ашықәсқәа инадыркны аус ахьылуаз Очамчыра абиблиотекақәа реидҵа хадаҿы лусура аанлыжьит хатәгәаҧхарала. Аха асеиҧш ззанааҭтә ҩаӡареи зыҧсҭазааратә ҧышәеи ҳараку аспециалист абиблиотека еснагь даҭахуп. Убри ҳасабс иҟаҵаны ауп И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа Виолетта Елызбар-иҧҳа длыҳәаны ҩаҧхьа абиблиотекатә ус дзадиҧхьалазгьы. Лара Амилаҭтә библиотекаҿы аусура далагеит октиабр 1, 2019 шықәсазы. Араҟагьы лдырреи лҧышәеи аҿар ирымалдоит. Аколлектив акәзар, ҳаҭыр дула илзыҟоуп.

Аамҭа кьаҿк иалагӡаны Виолетта Иванба Амилаҭтә библиотекаҿгьы еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа рынагӡара напалыркит. Убас, мызқәак раҧхьа еиҿылкааит 33-ҩык Аҟәатәи ашколхәыҷқәеи Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәеи злахәыз, алитература абзиабаҩцәа, ҿыц аҩра иалаго ирызкыз «Иҿыхоит сгәаҵаҿ апоезиа» ҳәа хьӡыс измаз ахәылҧаз. Уи аихшьаалақәа рыла хаз шәҟәны иҭыжьын авторцәа ҿарацәа еидызкыло аизга.

Илзеиҕьаҳшьап нас Виолетта Елызбар-иҧҳа агәабзиара, аҧсуа иқәранҵыра ду, агәалаҟазаара бзиа!

 

 

 

 

 

 

Ҳаҭыр зқәу Аԥсны абиблиотекатә система аусзуҩцәа, сколлегацәа!

Ҳаҭыр зқәу ҳаԥхьаҩцәа!

Мышқәак роуп иаанхаз зегьы ргәы хыҭхыҭуа иззыԥшу – Ашықәс ҿыц аныҳәа аҟынӡа. Ҳашьҭахьҟа иаанҳажьуеит акыр ауадаҩрақәа зцыз, имариамыз, аха убри аан культуратә хҭысла ибеиаз 2019-тәи ашықәс.

И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсны амилаҭтә библиотка аусура атәы ҳҳәозар, имаҷым инаскьааго ашықәс азы иалаҳкаауа ахҭысқәа. Абиблиотека есҽнытәи аусура инаваргыланы, имҩаԥаагон акультуратә ԥсҭазаара иадҳәалаз еиуеиԥшымыз аусмҩаԥгатәқәа: аиԥыларақәа, аиубилеиқәа, ашәҟәқәа рӡыргара уҳәа убас иҵегьы. Қәҿиарала имҩаԥган абар шьҭа итрадициахаз акциа «Абиблиоҵхы», иара убасгьы Жәларбжьаратәи аҿартә арт-фестиваль «Амшын аԥшаҳәаҿы анеиааира».

Амилаҭтә библиотека аус ауеит ҳаамҭатәи аҭахрақәа аҽрықәыршәаны, иҳаҩҳажьуам абиблиотекатә система аганахьала адунеиаҿ ицәырҵуа аҿыцрақәагьы. Убри аҟынтә иҳаҩсуа ашықәс азы ҳбиблиотека ахы рыланархәуан Аԥсны анҭыҵ имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аконференциақәа.

Иахьатәи аамҭазы адунеиаҿ абиблиотекақәа русура аҽеиҭакрақәа ахҭысуеит, иаладырҵәоит аметодика  ҿыцқәа, абиблиотекақәа рхаҿреи, реиҿкаашьеи ракәзар, шьаҭанкыла ирыԥсахуеит: абиблиотекақәа ҟарҵоит ауааԥсыра аинформациа рылазырҵәо хәышҭаараны, культуратә центрқәаны. Убри азы ҳаамҭазтәи компиутертә техникала, интернетла еиқәдыршәоит, иаадыртуеит аԥхьаҩцәа рҭахрақәа ирықәшәо ҷыдала ирхиоу ауадақәа. Ус еиԥш иҟоу абиблиотекақәа хьӡыс ирырҭоит «Амодельтә библиотекақәа» ҳәа. Ажәакала, Амилаҭтә библиотекагьы ари аганахьала еиҵахарц ҳҭахым. Убри азы иҳалшоз зегьы ҟаҳҵон, иҟаҳҵалоит аԥхьаҟагьы. Аха  ҳгәы хьаауеит Аԥсны егьырҭ абиблиотекақәа зегьы асеиԥш алшарақәа макьаназы иахьрымам.  

Егьа аамҭа царгьы, егьа технологиа ҿыцқәа цәырҵыргьы, ҳгәы иаанагоит, ашәҟәы зыԥсахуа даҽакы ҟалом хәа.

Ҳаҭыр зқәу ҳтәыла абиблиотекақәа русзуҩцәа!

Гәык-ԥсык ала зегьы ишәыдысныҳәалоит ҳазҭало 2020-тәи Ашықәс ҿыц! Ишәзеиӷьасшьоит хаҭа-хаҭала, ҩнаҭа-ҩнаҭала агәабзиара, аҭынчра, аманшәалара, шәнапы злаку шәзанааҭтә усураҿы ақәҿиарақәа, аԥхьаҩцәа рацәаҩны.

Ҳаҭыр зқәу  ҳаԥхьаҩцәа!

 Ҳара еснагь ҳазыхиоуп шәара шәымаҵ аура, шәҭахрақәа рхарҭәаара. Шәымҩахыҵла  ҳара ҳахь. Ишәымазааит аизҳара, ақәҿиарақәа, аманшәалара. Иааиуа ашықәс азы инагӡахааит дасу шәыгәҭакқәа, шәгәаҳәарақәа.

Ҽаанбзиала шәнеиааит!

 

Борис Ҷолариа,

И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху

Аԥсны амилаҭтә библиотека аиҳабы

Октиабр 29 рзы И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсны амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа литература акафедра адоцент, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабы Тыжын Али Чуреи урыс бызшәала иҭлыжьыз лышәҟә ҿыц «Ҭырқәтәылан аԥсуааи адыгааи рмузыкатә фольклор» аӡыргара. Хыԥхьаӡарала ари автор аабатәи лышәҟәы ауп.

Тыжын лажәақәа рыла, аԥсуа-адыга диаспора рмузыкатә фольклор иахьа уажәраанӡагьы иҭҵааны иҟам, еиҳаракгьы уи зыхҟьо ҳажәларқәа рҭоурыхтә ԥсадгьыли дареи реимадара ахьыҧсыҽыз ауп. Ашәҟәы аиқәыршәараан лара аус рыдылулеит архивтә хыҵхырҭақәа жәпакы, насгьы хаҭала Ҭырқәтәыла аҭҵаарақәа рацәаны имҩаԥылгеит.

Иазгәаҭатәуп, Тыжын Чуреи 2016 шықәса раахыс Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны адокторантура дшахысуа. Аус здылуло лдиссертациатә темагьы зызку аԥсуааи адыгааи рмузыкатә фольклор ауп. Урҭ лыҭҵаамҭақәа ирыхәҭакхеит зыӡбахә ҳамоу ашәҟәгьы.

Тыжын Чуреи лышәҟәы иахцәажәауа иқәгылаз Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа иазгәеиҭеит:
«Иахьа зӡыргара мҩаԥааго ашәҟәы «Ҭырқәтәылан аԥсуааи адыгааи рмузыкатә фольклор» – ари даараӡа акрызҵазкуа аинформациа ду згәылоу усумҭоуп. Автор араҟа иҭылҵаауа аԥсуа жәлари адыга жәлари рмузыкатә фольклор мацарагь акәӡам. Лара дазааҭгылоит иара убасгьы аорганологиа, аергологиа, иаалгоит акыр аинтерес зҵоу аҭоурыхтәи аетнографиатәи нҵамҭақәа. Убри аан лхы иалырхәаз алитература ҳалацәажәозар, ахыҵхырҭақәа 300 рҟынӡа инаӡоит».

Ашәҟәы ианыԥшуеит XIX ашәышықәсазы Кавказ ажәларқәа зықәшәаз арыцҳара, ихҵәаны еиуеиԥшым аҳәаанырцәтәи атәылақәа рахь иԥсаҟьаны ишагаз. Аха убри аан иаалырԥшуеит, урҭ егьа мыҟәмабара рхыргазаргьы рмилаҭтә хдырра, рҵас-рқьабз, иааизакны иугозар, ркультура аиқәырхара шрылшаз.

Ашәҟәаҿы автор дазааҭгылоит амамлиукцәа раамҭа инаркны иахьатәи ҳаамҭазынӡа ачерқьес жәларқәа рдиаспора аҭоурых анализ азызуз, иҭызҵааз Иззет Аидемыр имонографиатә усумҭа. Дазааҭгылоит иара убасгьы XII-XIII ашәышықәсақәа рзы Мысра аҵакырадгьылаҿ Амамлиукцәа рҳәынҭқарра ҩышә шықәса инарзынаԥшуа напхгара азҭоз Кавказ ажәларқәа рхылҵшьҭрақәа шракәыз зныԥшуа Кадырбаев иҭҵаамҭагьы. Иазгәалҭоит, аҭоурых аҿы ачерқьес диаспора раԥхьатәи рышьҭа ахьану Мысра шакәу.

Амузыкатә фольклор аҳәаақәа ирҭагӡаны Тыжын Чуреи иаалырԥшуеит аԥсуааи адыгааи рчараушьа атрадициақәеи иахьатәи аамҭеи.

Аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба иқәгылараҿы игәалаиршәеит иҳаҩсыз ашәышықәса 70-тәи ашықәсқәа инадыркны Аԥсни Ҭырқәтәылеи рыбжьара асалам шәҟәқәа шрыбжьысуаз. Иара иажәақәа рыла, акырынтә изырыҩхьан ҳадиаспора ахьынхо ақыҭақәа рҿы рмилаҭтә ҵасқәа, рқьабзқәа, ркультура еиқәханы ишыҟаз атәы. Аха аиҭанеиааирақәа залыршахомызт.

Руслан Гәажәба излаигәалашәо ала, Ҭырқәтәылантәи раԥхьаӡа аԥсуа ашәақәа анҵаны Аԥсныҟа иааигеит Игор Григолиа. Анаҩс, 1973 шықәсазы Орҳан Шамбеи Маҳинуп Папԥҳаи ачарақәа рҟны 20 инареиҳаны ашәақәа ҭарҩит. Нас еиҳа-еиҳа аимадарақәа шьақәгыло иалагеит. Аха иахьа уажәраанӡа ари атема иазкны хазы шәҟәык, ҭҵаамҭак ыҟаӡамызт. Убри аҟынтә Тыжын Чуреи лышәҟәы акрызҵазкуа лагаланы иҧхьаӡоит.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа литература акафедра аиҳабы, адоцент Диана Џьынџьалԥҳа иазгәалҭеит, Ҭырқәтәыла ииз-иааӡаз аҟабарда ҭыԥҳа, анаҩс зыԥсадгьыл гәакьахь, Ҟабардаҟа ихынҳәны, нас аԥсуаа ирҭацахаз Тыжын Чуреи иахьа ҳажәларқәа еимаздо цҳаны дшыҟалаз:
«Тыжьын Чуреи аԥсуа литература акафедраҿы дарӷьажәҩаны дҳавагылоуп: аҳәаанырцәтәи ачерқьес диаспора рлитературеи аԥсуа-адыга диаспора ретнокультуреи ирызкны алекциақәа дрыԥхьоит. Убри адагьы лхаҭа амузыкатә ҟазара лнапы алакуп, нхыҵ-аахыҵ цҳаны дҳабжьоуп», – лҳәеит Диана Џьынџьалԥҳа.

Аԥсуа литература акафедра адоцент, алитератураҭҵааҩы Лиудмила Хьыбба лакәзар лықәгылараҿы инаҵшьны иазгәалҭеит, амузыкатә фольклор ҭызҵаауа рахьтә ишыҟоу амузыка атәы ззымдыруа, мамзаргьы зынӡа иззеилымкаауа, аха убри аганахьала Тыжын Чуреи даара ишлықәҿиаз.

Аӡыргараҿы Тыжын Чуреи лыҭҵааратә усура иахцәажәауа иқәгылеит иара убасгьы: Цира Габниаԥҳа, Светлана Тапаӷәуаԥҳа, Лиубов Сосналиева, Ҳаири Қәҭарба, Оқтаи Чкотуа уҳәа аӡәырҩы. Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа-адыга диаспора аҭоурых иазкны ажәахә ҟалҵеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет астудент Милена Дарсалиаԥҳа.

Ақәгыларақәеи ахцәажәарақәеи рхыркәшамҭазы ажәа рыман Аԥсны жәлар рартист Роза Чамагәуаԥҳа напхгара зылҭо аҭыԥҳацәа ргәыԥ. Урҭ инарыгӡеит аԥсуааи адыга жәлари рашәақәа. Тыжын Чуреи лхаҭа лакәзар, афлеита алырҳәеит.

Алхас Чхамалиа

«Абиблиотекақәа рыла – аҧеиҧш ахь» зыхьӡу XIX Жәларбжьаратәи аконференциа аҟынтә

Сентиабр 16 инаркны 21 рҟынӡа Краснодартәи атәылаҿацә Анапа ақалақь аҟны имҩаҧысуан «Абиблиотекақәа рыла – аҧеиҧш ахь» ҳәа хьӡыс измаз  XIX Жәларбжьаратәи аконференциа. Уи еиҿнакааит И.Ф. Варавва ихьӡ зху Краснодартәи атәылаҿацә ақәыҧшцәа рбиблиотека. Аконференциа амҩаҧгараҿы ацхыраара ҟарҵеит: Краснодартәи атәылаҿацә акультура аминистрра, Урыстәылатәи абиблиотекақәа рассоциациа, Аҿар рзы Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә библиотека, Абиблиотекатә усеицуразы арегионбжьаратә центр, «Аинформациа зегь рзы» зыхьӡу «ЮНЕСКО» апрограмма Урыстәылатәи акомитет, ашәҟәҭыжьырҭақәа «Традиция», «Лань – Юг». 

Аконференциа аусура иалахәын Азербаиџьани, Аҧсни, Беларусиеи, иара убасгьы Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәеи рҟынтәи 130-ҩык инарзынаҧшуа абиблиотека аусзуҩцәа.

Аҧснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟан: И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа, абиблиотека ахаҭарнакцәа Елизавета Ушакова, Милана Ҷанҧҳа, иара убасгьы абарҭ ацәаҳәақәа равтор.

 

«Абиблиотекеи аҿари XXI ашәышықәсазы: алыҵшәахьы ахырхарҭа» ҳәа тема хадас измаз аконференциаҿы ирзыӡырҩын аинформациа-библиотекатә усура атеориатәи апрактикатәи зҵаарақәа ирызкыз 30 инареиҳаны ажәахәқәа.

Афорум аделегатцәа зегьы еицҿакны иазгәарҭеит, аконференциа атема хада – «Абиблиотекеи аҿари XXI ашәышықәсазы: алыҵшәахьы ахырхарҭа» – ари ҳаамҭазы актуалра ду шамоу. Избан акәзар, аҳәынҭқарра аҿиараҟны иахьатәи аҿар инарыгӡо ароль акраҵанакуеит. Насгьы дара рҭахрақәа, ринтересқәа «рышьақәыргылараҿы» ҳаамҭазтәи абиблиотекақәа ирыбзоуроу маҷӡам. Аҿар ироуеит есҽнытәи аинформациатә цхыраара: рхаҭарақәа рышьақәыргылара, аҧсҭазаара разыҟаҵара, иааидкыланы, ауаҩытәыҩса иҟазшьа бзиақәа рылааӡара иацхраауеит.

«Абиблиотекеи аҿари XXI ашәышықәсазы: алыҵшәахьы ахырхарҭа» – ари иактуалтәу, ганрацәала еибыҭоу, ҭҵаарадыррала ахцәажәара зҭаху темоуп», – иазгәалҭеит аконференциа аартраҿы И.Ф. Варавва ихьӡ зху Краснодартәи ақәыҧшцәа рбиблиотека аиҳабы Иулиа Нардид.

Аконференциаҿы азҿлымҳара ду зырҭаз иреиуоуп ақәгыларақәа: Урыстәыла аҳәынҭқарратә априоритеттә проектқәа Рдепартамент аиҳабы, апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Евгениа Гусева, Ауаажәларратә арегионбжьаратә еиҿкаара «Аурыс аҧхьара ассоциациа» ахада, апсихологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Наталиа Сметанникова, Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ахәыҷтәы библиотека аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Илиа Гавришин уҳәа егьырҭгьы.

Аконференциа алахәылацәа гәахәарала ирзыӡырҩит иара убасгьы Азербаиџьан ахаҭарнак Оруџь Гулиев, Беларусиа ахаҭарнак Виачеслав Бондаренко, Евразиа абиблиотекақәа рассамблеа аиҳабы, Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә библиотека аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Мариа Нериуева, Аҿар рзы Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә библиотека аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Марина Захаренко уҳәа аӡәырҩы.

Хаҭала иалыркааит, ацәажәарақәагьы маҷымкәа иахылҿиааит арҭ ацәаҳәақәа зыҩуа аконференциа апленартә еилатәараҿы сықәгыларагьы. Аҧсны Амилаҭтә библиотека ахьӡала сзыҧхьаз ажәахә иахьӡын – «Аҭоурыхтә гәынкылара аиқәырхареи аҭоурых аицакра аҿагылареи рганахьала абиблиотекақәа русура».

Ажәахәқәа рыхцәажәара ашьҭахь, имҩаҧысит авидеоконференциагьы, ишьақәыргылан Анапеи Москвеи рыбжьара ишиашоу аимадара.

Иазгәаҭатәуп, аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиҧшым асекциақәа, астол гьежьқәа, аицлабрақәа шеиҿкааз. Аҧснытәи аделегациагьы урҭ рҟны активла рхы аладырхәит. Иазгәаҭатәуп, Анапатәи археологиатә музеи «Горгиппиа» аҟны имҩаҧгаз аинтеллектуалтә еицлабра «Чемпионат читателей России. Библио IQ» зыхьӡыз аҟны арҭ ацәаҳәақәа равтор аҧыжәара шааникылаз, иагьшианашьаз адиплом.

Аҭыҧҳацәа Елизавета Ушаковеи Милана Ҷанҧҳаи ракәзар, рхы аладырхәит аустә хәмарра «Прокачаи свою библиотеку» ҳәа хьӡыс измаз, активлагьы рхы аадырҧшит.

Амилаҭтә библиотека ахаҭарнакцәа алахәын иара убасгьы Беларусиеи Урыстәылеи ашәҟәыҩҩцәа реидгылақәа рлахәыла Виачеслав Бондаренко ирҿиаратә еиҧылара. Уаҟа тема хадас автор ишьҭихит «XXI ашәышықәсазы асахьаркыратә литература ароль». Ари аиҧылараҿы имҩаҧгаз ахцәажәарақәа, иара убасгьы аимак-аиҿак иҽалаирхәит Аҧсны Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа.

Аконференциа амшқәа руак азы алахәылацәа аҭааит Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы центр «СМЕНА». Араҟа жәеиза шықәса зхыҵуа инадыркны жәибыжь шықәса зхыҵуа рҟынӡа ахәыҷқәа раҧхьаҟатәи рзанааҭтә хырхарҭа алхразы иазыҟарҵоит. Еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла иақәнагоу материал-техникатә базала еиқәыршәоуп. Уи ҳарҭ ҳаблала иаабеит ацентр аҟны иаҳзеиҿыркааз аекскурсиа аан.

«СМЕНА» аҟны иацҵан аконференциа асекциақәа ируакыз, «Аҿар рыҭҵаарадырра-техникатә рҿиара арегион аекономика аизырҳара иадҳәаланы» ҳәа хьӡыс измаз аусура. Араҟагьы иҟаҵан ҳаамҭазтәи абиблиотекақәа русура иадҳәалоу ажәахәқәа жәпакы.

Иааидкыланы, XIX Жәларбжьаратәи аконференциа «Абиблиотекақәа рыла – аҧеиҧш ахь» аихшьала ҟаҳҵозар, даара аҩаӡара ҳаракы аманы, ахәарҭара ду аланы имҩаҧысит ҳәа иҳаҧхьаӡоит. Алкаақәа ҳарзааҭгылозар, араҟа иуҳәаша рацәоуп. Аха урҭ рахьтә ихадароуп акы: аелектронтә хархәагақәа ирыхҟьаны еиҳа-еиҳа ашәҟәы иаҧхьо рхыҧхьаӡара маҷхоит. Ус анакәха иҟаҵатәузеи? Ари азҵаара аҭак аконференциа иҟанаҵеит. Иҟаҵатәу уи ауп, ҳаамҭазтәи абиблиотекақәа русура аҽеиҭанакроуп, иахьатәи ҳаамҭа аҭахрақәа ирықәшәо. Убри аҟынтә дунеи аҟны акыр иаладырҵәо иалагеит «амодельтә библиотекақәа».

«Амодельтә библиотека» ҳәа изышьҭоу – ари иаабац библиотекоуп, аха иамоуп ахатәы ҷыдарақәа: аҭыҧантәи ауааҧсыра рҭахрақәа ирықәшәо, абиблиотека афондқәа зегьы рзы иаартны, аелектронтә хархәагақәа рыла аусура уҳәа иҵегьы. Амодельтә библиотека рҟны аус руазароуп еиуеиҧшым аклубқәа, аконсультациатә пунктқәа, алекториқәа.

Алхас Чхамалиа

Цәыббра 25 рзы Аҟәа имҩаҧысит VII Жәларбжьаратәи аҿартә арт-фестиваль «Амшын аҧшаҳәаҿтәи анеиааира». Уи И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны Амилаҭтә библиотека еиҿнакаауа, уажәшьҭа итрадицианы ишьақәгылаз, атәыла ауаажәларрагьы адгылара зырҭаз культура-массатә усмҩаҧгатәуп. Сынтәатәи афестиваль девиз хадас иаман: “Ашәҟәы шҳацу XXI ашәышықәсахь”.

Ишдыру еиҧш, аамҭа ҿыц иацны иаҳзааит ӡхыҵраҵас адунеи зегьы зымҽхазкыз аглобализациа. Уи иахҟьаны ҳаҧсҭазаараҿы акыр аиҭакрақәа, аҽыҧсахрақәа уҳәа мҩаҧысуеит: ашәҟәқәа, еиуеиҧшым акьыҧхьтә ҭыжьымҭақәа – агазеҭқәа, ажурналқәа – рыҧсахуеит аелектронтә версиақәа рыла. Аха егьа убас акәзаргьы, макьаназы ашәҟәы зыҧсахуа даҽакы зыҟалом. Абарҭқәа зегьы ҳасаб рызуа, имҩаҧгаз афестиваль ауснагӡатәқәа рызкын: ашәҟәқәа рӡыргара, ашәҟәыҧхьара аларҵәара, аҿар рдыррақәа реизырҳара, рырҭбаара, ашәҟәи аҧхьаҩи реимадара, реигәныҩра арӷәӷәара.

Зҽеиҭазкыз аамҭа ҳасаб азуны, адунеиаҿ ҳаамҭазтәи абиблиотекақәа русурагьы даҽа блакала иахәаҧшуеит, ирыҧшаауеит еиуеиҧшым азнеишьақәа. Ҳгәы иаанагоит, зыӡбахә ҳамоу афестивальгьы абарҭ азҵаарақәа рганахьала иаҵанакуа маҷым ҳәа.

VII Жәларбжьаратәи аҿартә арт-фестиваль «Амшын аҧшаҳәаҿтәи анеиааира» аҟны еиҿкаан еиуеиҧшымыз аҭыҧқәа: алитературеи абиблиотекақәеи рҭыҧ – анапхгаҩы Ламзира Шьынқәырҧҳа; амузеи аҭыҧ – Мадона Џьапуа-ҧҳа; лаҧшылатәи аҟазареи амилаҭтә напҟазареи рҭыҧ – Асҭанда Миқаиа; амодеи, акәашареи, амузыкеи рҭыҧ – Диана Гәлиа-ҧҳа; аспорт аҭыҧ –Ҭемыр Нанба; ахәыҷқәа рзы аҭыҧ – Лаина Черқьезиаҧҳа; амилаҭқәа рхеилакқәа рҭыҧ – Рафида Гәылариаҧҳа. Иҳәатәуп, арҭ аҭыҧқәа русура аиҿкаара, иара афестиваль ахаҭа амҩаҧгара, амҩақәҵара, даҽакала иаҳҳәозар, координаторра азызуаз шлакәу Руанда Бжьаниаҧҳа.

Афестиваль иалахәыз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа. Уи иазгәеиҭеит, есышықәса еиҿыркаауа ари афестиваль атрадициа бзиақәа шаиуз, араҟа ишцәырҵуа ахьыӡ ҿыцқәа, абиблиотекеи аҧхьаҩцәеи реимадарақәа акыр ишацхраауа.

Ари аусмҩаҧгатә ихы алаирхәит Аҧсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр лхаҭыҧуаҩ Беслан Гәырџьуа. Иара убасгьы афестиваль ахь иааит Урыстәылантәи асасцәа: И.Ф. Варавва ихьӡ зху Краснодартәи атәылаҿацә ақәыҧшцәа рбиблиотека аҟынтә Роман Быков, Саратов ақалақь аҟынтә Вадими Еленеи Потиомкинаа. Урҭ Амилаҭтә библиотека аҳамҭақәа азыҟарҵеит.

Роман Быков иқәгылараҿы, ахәҭакахьала, иазгәеиҭеит Аҧсны Амилаҭтә библиотекеи Краснодартәи атәылаҿацә ақәыҧшцәа рбиблиотекеи русеицура атәы.
И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотека аҿиара мҩаҧысуеит иахьатәи ҳаамҭа аҽақәыршәаны. Уи анапхгареи аусзуҩцәеи азҿлымҳара азыҟарҵоит абиблиотека аус ахь акомпиутертә технологиақәа раларҵәара. Абиблиотека рылахәуп Аҧсны анҭыҵ имҩаҧысуа аҭҵаарадырратә форумқәа. Убас, шьҭа традицианы иҟалеит Амилаҭтә библиотека ахаҭарнакцәа Жәларбжьаратәи абиблиотекатә конференциа “Абиблиотекақәа рыла – аҧеиҧш ахь” зыхьӡу иахьалахәу. Сынтәагьы ҳбиблиотека аусзуҩцәа XIХ аконференциа аҟынтә ақәҿиарақәа рыманы ихынҳәит. Ари аконференциа амҩаҧгара еиҿнакаауеит И.Ф. Варавва ихьӡ зху Краснодартәи Атәылаҿацә Ақәыҧшцәа рбиблиотека.

VII Жәларбжьаратәи аҿартә арт-фестиваль «Амшын аҧшаҳәаҿтәи анеиааира» акультуратә программа иалахәын аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, апрофессионалтәи ахаҧшьгаратәи коллективқәа, аҟазара-уаа, аҵаратә усбарҭақәа. Араҟа иҟан ҳтәыла араионқәа зегьы рхаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа, аҿар.
Афестиваль алахәылацәа зегьы ирыман алшара дасу рдыррақәа раарҧшра, рҟазара дырбара, ҳаҧсуа культуреи аҟазареи рӡыргара.

Ҷыдала иалкааны сазааҭгыларц сҭахуп афестиваль аусурҭа ҭыҧ хадақәа ируакыз алитературеи абиблиотекақәеи рҭыҧ. Араҟа ицәыргақәҵан Аҧсни уи анҭыҵи иҭыжьу ашәҟә ҿыцқәа. Афестиваль асасцәа алшара рыман ашәҟәыҩҩцәеи алитература абзиабаҩцәеи лабҿаба рбара, рацәажәара, рзыӡырҩра, ахатәрақәеи ҿыц аҩра иалагази рыҿцәажәара. Убри аҟынтә ари аҭыҧ аусурахь инаҧхьан, рыхгьы аладырхәит еицырдыруа аҧсуа поетесса, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Гәында Сақаниаҧҳаи апоет Иван Миқаиеи.

Ари аҭыҧ аҟны еиҿкааз апрограмма иалахәын Аҟәатәи абжьаратә школқәа жәпаки Очамчыра араион ашколқәа рхаҭарнакцәеи.

Иалкааны аӡбахә ҳәатәуп, афестиваль ари аусурҭа ҭыҧ аҟны аҭааҩцәа акыр здызыҧхьалаз, Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа Акультура ҩнаҿы еиҿкаау Ахьӡ-Аҧша амузеи иҟанаҵаз ацәыргақәҵа. Урҭ аекспонатқәа арахь иаалгеит амузеи аҧҵаҩы, иахьагьы еиҳабыс иамоу Мзиа Кәыҵниаҧҳа.

Аҭааҩцәа акыр изыршанхаз иреиуоуп Б.У. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи 1-тәи абжьаратә школ аҵаҩцәеи ахәыҷтәы театртә студиа “Нарҭ” еиднакыло аҿар рықәгылареи (Астудиа анапхгаҩы Гәдиса Ҭодуа, ахореограф – Лана Џьапуаҧҳа).

Араҟа иҟан зыҧсы ҭоу ажәа аҭыҧгьы. Уи рызкын ҿыц аҩра иалагаз, апоезиахь, мамзаргьы апрозахь зшьаҿақәа еихызго авторцәа. Дара ирыман алшара рҩымҭақәа рыҧхьаразы, афестиваль алахәылацәа рҿаҧхьа иқәгылартә еиҧш.
Ашколхәыҷқәа рыбжьара имҩаҧгаз исахьаркны ажәеинраалақәа рыҧхьареи ақәгыларақәеи рҟны иалкаахаз рнапаҿы ирыҭан аграмотақәеи еиуеиҧшым аҳамҭақәеи.
Имҳәакәа узавсуам афестиваль егьырҭ аусурҭа ҭыҧқәагьы даара ибзианы ишеиҿкааз. Иаҳҳәап, ахәыҷтәы шәҟәы аҭыҧ аҿы акәзар, афестиваль асасцәа қәыҧшцәа ирыдгалан ахәыҷтәы литература иаҵанакуа ашәҟәқәа. Иара убасгьы ҷыдала ахәыҷқәа рзы имҩаҧган аҧсихологиатә тренинг. Уи еиҿылкааит Шәача ақалақь аҟынтәи иааҧхьаз ақтриса, аҧсихолог Диана Иванова.

Арҵага шәҟәқәа рҭыҧ аҿы ицәырган арҵагатә литература ҿыцқәа. Лаҧшылатәи аҟазареи амилаҭтә напҟазареи рҭыҧ аҟны акәзар, дарбанзаалак аҭааҩ алшара иман Аҧсны асахьаҭыхратә ҟазара иҽадиҧхьаларц. Ҳтәыла араионқәа рымчала еиҿкаан ацәыргақәҵа. Жәлар рҟазацәа рыбзоурала идырбан зеиҧшыҟам арҿиамҭақәа.

Афестиваль аҟны иалкааз аҭыҧ ааннакылон амузеи аҭыҧ. Араҟа аҭааҩцәа ирыман алшара Аҧсны ажәытә ҭоурых иадҳәаланы рдыррақәа рхарҭәаара, Аҧсуа ҳәынҭқарратә музеи илыҧшааху, зеҧшыҟам аекспонатқәа лабҿаба рбара. Аҧсны аҭоурых ифырхаҵаратәу аамҭақәеи ҳдоуҳатә культура аизҳареи рымҩахь ухьадырҧшуан араҟа еиҿкааз Ешыратәи Ахьӡ-Аҧша Амузеии Д.И.Гәлиа илитература-мемориалтә Музеии афестиваль аҭааҩцәа ирыдыргалаз ацәыргақәҵа.

Афестиваль аусурҭа ҭыҧ хадақәа иреиуаз акакәын амодеи, акәашареи, амузыкеи рҭыҧ. Уи аусура мҩаҧысуан афестиваль асцена хада аҟны. Араҟа иқәгыланы рҟазара аадырҧшуан ҳтәыла араионқәа рхаҭарнакцәа: еиуеиҧшым агәыҧқәа, ахаҧшьгаратә коллективқәа, ансамбльқәа, ашәаҳәаҩцәа, акәашаҩцәа уҳәа. Аҭааҩцәа идырбан зегьы зыршанхаз ҳаамҭазтәи амодагьы. Аҳәса рцәамаҭәа зыӡбаз, изхәыцыз иреиуоуп Мака Кочал-иҧеи Амра Шьакаиеи. Иара убасгьы ахәыҷтәы ҵкқәа дырбара еиҿылкааит Алиона Сангәлиаҧҳа.

Аспорт аҭыҧ акәзар, еиҿкаан ашахматтә хәмаррақәа, аицлабрақәа, астолтә ҧқьаҭмпыл асра.
Амилаҭқәа рхеилакқәа рҭыҧ аҟны афестиваль алахәылацәа рзы еиҿкаан афотоцәыргақәҵа. Араҟа аҭааҩцәа ирбарц рылшон Аҧсны еицырдыруа ауаа рхаҿсахьақәа зныҧшуа афотоцәыргақәҵа, иара убасгьы ҳтәыла иқәынхо егьырҭ амилаҭқәа ирыдҳәалангьы.

Ашколхәыҷқәа рнаҩсангьы, аконцерттә программа рхы аладырхәит аӡәымкәа-ҩыџьамкәа еиуеиҧшым анагӡаҩцәагьы. Урҭ иреиуоуп, иаҳҳәап, Аҧсны жәлар рартист Роза Чамагәуаҧҳа напхгара зылҭо авокалтә-инструменталтә ансамбль «Гәында» алахәылацәа Саида Алҭеиҧҳа, Жанна Ӷәынџьиаҧҳа, иара убасгьы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аспирантка, ашәаҳәаратә проект «Apsny-star» иалахәыз Лиубов Черқьезиаҧҳа уҳәа егьырҭгьы.

Алхас Чхамалиа

 Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа Кәыҵниаҧҳа – 80 шықәса

Сентиабр 10 рзы И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаҧысит абиблиотека аусзуҩы, аҩаӡара ҳаракы змоу абиблиограф, абиблиотека Зҽаҧсазтәыз аусзыҩы ҳәа ахьӡ зыхҵоу, абиблиотекатәи аҭҵааратәи усқәа рзы Амилаҭтә библиотека аиҳабы ихаҭыҧуаҩ, зыҧсҭазаара аиҳарак абиблиотекатә ус иазызкыз Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа Кәыҵниаҧҳа 80 шықәса лхыҵра иазкыз аиубилеитә еиҧылара. Уи рхы аладырхәит Аҧсны ақалақьқәеи араионқәеи рбиблиотекақәа русзуҩцәа, акультура аус ахаҭарнакцәа, ауаажәларра, аҿар, иара убасгьы аиубилиар лҩызцәеи лҭынхацәеи.

Аиҧылара аартуа Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа инарҭбааны дазааҭгылеит Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа Кәыҵниаҧҳа шықәсырацәалатәи лусура, уи абиблиотека аусхк аганахьала илбахьоу аџьабаа. Иазгәеиҭеит, лықәра ҳасаб ҟамҵакәа иахьагьы ааҧсара шлықәым, лҧышәа дуи лдыррақәеи абиблиотека аусзуҩцәа ҿарацәа ишрымалдо.

“Иахьатәи ҳаиқәшәара хҭыс дуӡӡоуп, избан акәзар лиубилеи азгәаҳҭоит акыршықәса инеиҧынкыланы абиблиотека амаҵ азызуа, ҳҳәынҭқарра злаҽхәаша, иҳамоу ашәҟәтәы фонд зегьы аизакра, аидкылара зџьабаа дуӡӡа аду Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа, – иҳәеит Борис Ҷолариа иқәгылара хацыркуа. – Ҩажәа шықәса ракәӡан илхыҵуаз раҧхьаӡа аусуразы абиблиотекахь данымҩахыҵыз. Усҟантәи аамҭазы аҧсуаа рзы аусурҭа ҭыҧ аҧшаарагьы мариамызт, аусурагьы даара иуадаҩын: днаганы еиҳа иахьцәыҵлашьцараз кәакьк аҿы ддыртәеит. Аха зус гәыкала бзиа избоз Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа лгәы камыжькәа, ичҳаны, маҷ-маҷ лзанааҭ шьҭкаауа лнахьы иааго лусура налыгӡон. Анаҩс аҵара дугьы лҵоит: лара дрылгеит Қарҭтәи акультура-ҵаралашаратә ҵараиурҭеи Н.К. Крупскаиа лыхьӡ зху Ленинградтәи аҳәынҭқарратә акультуратә институти. Усҟантәи аамҭазы абиблиотека аусхк аганахьала аҵара змаз даараӡа имаҷын, аӡәы-ҩыџьа ракәымзар”, – иазгәеиҭеит Борис Ҷолариа.

Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа Кәыҵниаҧҳа 1961 шықәса инаркны абиблиотека аусзуҩык лаҳасабала Ареспубликатә библиотекаҿы аусура далагоит, иара убри ашықәсан дук хара имгакәа диаргоит ақыҭанхамҩатә литература аҟәшахьы, аҟәша еиҳабыс. 1978 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа Амилаҭтә библиотека аиҳабы ихаҭыҧуаҩыс дыҟоуп.

“Иҟоуп ауаа 60 шықәса рнаҩс тәанчара ицо, зусура аанзыжьуа, аха Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа лтәы ҳҳәозар, лџьатә усура, иаацқьаны 60 шықәсеи ҧшьымзи ирҭаӡоит”, – инаҵшьны иазгәеиҭеит Борис Ҷолариа.
Абиблиотека аиҳабы иажәақәа рыла, Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа лусура атәы иааркьаҿны алацәажәара мариам. Избан акәзар абиблиотека аусхк аҿы еснагь ауадаҩрақәа ыҟан, еиҳаракгьы уи финансла аиқәыршәара аганахьала, иҟалалон иахьынӡахәҭаз азҿлымҳара анарымҭоз, аха абиблиотека аҩнуҵҟатәи аусура аангылар ҟалозма, еиҳаракгьы аҭҵаарадырратә ҟәша! Убасҟан Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа еснагь знеишьа ҷыдак аалырҧшуан, аус еиҵалырхомызт: афонд аидкылара, ашьақәыргылара, асистематизациа азура уҳәа ирацәоуп абиблиотека иамоу ахатәы кәамаҵамақәа. Убарҭ зегьы лара илыллыршон, лыкәша-мыкәша игылаз ауаагьы лыцырхырааны. Асовет аамҭазы Москвантәи агәаҭарақәа рзы ианаауаз, зегь раҧхьаӡагьы Ареспубликатә библиотекахь акәын иахьымҩахыҵуаз. Араҟа аусура ишахәҭаз еиҧш еиҿкаан, Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа лҩызцәа аспециалистцәа ирыбзоураны, лара урҭ зегьы драҧхьагылан. Иуҳәар ҟалоит, Зоиа Кәыҵниаҧҳа Аҧсны Амилаҭтә библиотека ашьақәгылара аетапқәа зегьы дрылахәын ҳәа.

Аиубилеитә еиҧылараҿы иқәгылоз зегьы еицҿакны иазгәарҭон Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа ламысцқьалатәи лусура, лџьабаа, уаҩҧсык иаҳасабалагьы илылоу аамсҭашәара, лхы-лыҧсы дамеигӡакәа еснагь ауаҩы ицхыраара дшашьҭоу, лыҿҵаа шыбзиоу, ҟазшьала зегьы ргәы дшақәшәо.
Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа илыдныҳәалауа иқәгылеит лҩызцәа, лколлегацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа уҳәа аӡәырҩы. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟан: Очамчыратәи араионтә библиотекаҿы акыршықәса аус зухьоу Виолетта Иванба, Аҟәатәи араионтә библиотека аиҳабы Зина Сабекиа, Аҟәатәи ацентртә библиотекатә система аиҳабы Цинули Нанба, Аҟәатәи ахәыҷтәы библиотека аиҳабы Иулиа Еныкь, Аҟәа араион акультура аҟәша аиҳабы Емма Бобуа, Амилаҭтә библиотекаҿы уаанӡа аус зуаз Манона Бжьаниа, Амилаҭтә библиотека ашәҟәтәы фонд аиҳабы Ҭемыр Нанба, ашәҟәтәы фонд аусзуҩы, ажурналист Владимир Никонов, иара убасгьы Гәырам Амқәаб, Надежда Венедиктова, Гьаргь Акаба.

Иазгәаҭатәуп, аиубилиар илыдныҳәаларц имҩахыҵыз зегьы рнапы ҭацәны ишымнеиз, урҭ илырҭон аҳамҭақәа, илдыркуан ашәҭ шьыҵәрақәа. Зымҩа иаанымхеит иахьа аус лыцызуа лколлективгьы, урҭ иҟарҵеит аҳамҭа ҷыда – “80 шықәса шәыдаҳныҳәалоит” ҳәа зықәҩыз “ашәҟәы” (ачыс хаа).

Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа Кәыҵниа-ҧҳа шықәсырацәалатәи лџьабаа азгәарҭахьеит атәыла анапхгара. Хамеигӡарала лусуреи, лџьабааи, абиблиотекатә ус арҿиараҿы ллагалеи рзы иланашьан “Аҧснытәи АССР Зҽаҧсазтәыз абиблиотека аусзуҩы” ҳәа ахьӡ ҳаракы. 2009 шықәсазы илыхҵан “Аҧсны акультура Зҽаҧсазтәыз аусзуҩы” ҳәа ахьӡ. Аҧсны Ахада С.У. Багаҧшь иқәҵарала иланашьан Аҧсны иреиҳаӡоу Аҳәынҭқарратә ҳамҭа – “Ахьӡ-Аҧша” аорден III аҩаӡара.

Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа иахьа 80 шықәса дшырҭысызгьы, ааҧсарак ҟамҵакәа аус шылуц илуеит.
“Хынҩажәа шықәса инареиҳауп сара абиблиотека аусхк аҟны аус зуеижьҭеи, абиблиотека – ари аҩбатәи сыҩны исзаҩызахеит. Сџьабаа хәыҷык шаду еиҧш, иадуп сгәыбылрагьы”, – лҳәеит Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа лара ишылҟазшьоу еиҧш, ахӡыргара дашьҭамкәа.
Хараӡа илаҩсхьоу аамҭақәа азгәаҭауа, лџьатә мҩа даныҧшыланы иаци-иахьеи еиҿырҧшуа аиубилиар иазгәалҭеит:
“Ҳара уаанӡатәи ҳусушьеи иахьатәи ҳусушьеи зынӡа еидкылашьа рымаӡам. Избан акәзар аамҭа акыр ҧхьаҟа ицеит, уаанӡа ҳусура зегьы “ақьаадқәа” мацара ирыдҳәалазҭгьы, иахьа атехника ҿыцқәа, атехнологиақәа цәырҵит, иааит аинформациатә, акомпиутертә аамҭа. Ҳаргьы ҳусура маҷ-маҷ иҳаҧсахуеит, уахь ҳмиасыр ҟалом, аамҭа ҳҽақәыршәаны ҳцалароуп. Аха аҧхьаҟа ицәырҵлакгьы, ашәҟәы зыҧсахуа акгьы ҟалом”.

Аиубилеитә еиҧылара хыркәшан зегьы агәалаҟазаара ҳаракы рыманы, Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа лакәзар, такәаамҭа доурыжьуамызт: аӡәаӡәала илыдныҳәалон, дгәыдыркылон-дхыдыркылон, лнапаҿы илдыркуан ашәҭқәа.

Гәык-ҧсык ала илыдаҳныҳәалоит, ззанааҭ зыҧсҭазаароу Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа Кәыҵниаҧҳа 80 шықәса лхыҵра. Илзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, агәалаҟазаара бзиа, аҭынчра!

Алхас Чхамалиа

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика