Апроектқәа
Vrydag, 03 Нанҳәа 2018 14:20
Еизаку амилаҭтә автоматизациатә библиотекатә система апроект
Аамҭа ԥхьаҟа ицоит есымша, аангылашьа амам, аҿыцрақәа урыхьӡарц азы излаулшо ала ушьаҿақәа еихҳәаны уашьҭазаароуп. Иахьа XXI-тәи ашәышықәса ҳҭагылоуп атехника ҿиоит, ауаҩы аусура угәацԥыҳәо, уусура зырманшәало атехника аԥырҵоит. Абар Амилаҭтә библиотекаҿ стол цыԥхьаӡа акомпиутерқәа ықәгылоуп, ҳара аусзуҩцәа ирӷәӷәаны аус адаҳулоит аелектронтә…
Vrydag, 03 Нанҳәа 2018 12:53
ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АҾАРТӘ АРТ-ФЕСТИВАЛЬ "АМШЫН АԤШАҲӘАҾТӘИ АНЕИ-ААИРА"
Аҿартә арт-фестиваль «Амшын аԥшаҳәаҿтәи анеи-иааира» мҩаԥысуеит еиҳарак, еиҳарак збаҩхатәра аазырԥшырц, зҟазара Аԥсны иқәынхо ауааԥсыра идзырбарц агәаҳәара змоу аҿар зегьы рзы. Уи мҩаԥысуеит, иара убас, иахьатәи аҿар рҟазара ҳауаажәлари Аԥсны иаҭаауа асасцәеи рҟазареи аиҭарҿиареи апропогандеи рзуразы. Ари – иаарту арт-фестиваль рхы…
Tagged under
Sondag, 14 Ажьырныҳәа 2018 11:29
Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада В. Г. Арӡынба 70-шықәса ихыҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа рцикл апроект «Иара далнахит аамҭа»
Аԥсны «В. Г. Арӡынба ишықәс» ҳәа иахьрылаҳәо инақәыршәаны, И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аԥшьгарала еиҿкаахоит Аԥсны араионқәеи, Аҟәа ақалақьи ршколқәа а-7-11-тәи аклассқәа рҵаҩцәа рзы еиуеиԥшым ардырреи ааӡареи рҟазшьа змоу аусмҩаԥгатәқәа. Апроект ақәкы В. Г. Арӡынба иԥсҭазаареи иусуреи аҿырԥшрала…