Мшаҧы 25, 2024

Амилаҭтә литературеи аҳәынҭқарратә библиографиа асектори рыҟәша афонд аҿы еизгоуп, иҳаҩсыз ашәышықәса алагамҭа инаркны иахьанӡа Аԥсни уи анҭыҵи иҭыҵхьоу атәыла иазкны ашәҟәқәа. Ари аҟәша аҟазаара - атәыла акультуратә ԥсҭазаараҿы ицхыраагӡа дууп, аԥсуа жәлар рдоуҳа ахьчареи аҿиареи рзы ихадоу факторуп, Аԥсны аԥсҭазаара аганқәа зегьы ирызку инарҭбаау аинформациа иахыҵхырҭоуп.

Афонд иахьатәи аамҭазы ишьақәгылоуп 27 нызқь цыра шәҟәы рҟынӡа, иара убас еиуеиԥшым апериодикатә ҭыжьымҭақәа: агазеҭқәа, ажурналқәа 20 хьӡы инарзынаԥшуа Аԥсны иҭыҵуа рыла.

Аинформациатә хыҵхырҭақәа:

Аҟәша иамоуп асисематикатә каталоги, аҭыԥантәи акьыԥхьи рыхнаралогиатә каталоги, архив библиографиатә еилыркаагеи. Амилаҭтә литературеи аҳәынҭқарратә библиографиа асектори рыҟәшаҿы еиқәыршәоуп иахьатәи аамҭа иақәшәо иҿыцу техналогиала. 2006 шықәса раахыс, аҟәшаҿы еиҿкаауп аелектронтә каталог. Аҟәша аусзуҩцәа, апрограмма ИРБИС аелектронтә абаза иҭаргалоит Аԥсны иааҭыҵуа агазеҭқәеи ажурналқәеи рыстатиақәа ахҳәаа азуны.

Амилаҭтә литературеи аҳәынҭқарратә библиографиа асектори рыҟәшаҿы аусура - аҭакԥхықәра ҳарак ацуп. Дара афонд зегьы ҿырҳәала ирдыруазароуп, афонд ацқьара иацклаԥшроуп, аԥхьаҩ игәаҳәара хымԥада инарыгӡароуп. Урҭ русура иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп атематикатә цәыргақәҵақәа, ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи реиԥылара аиҿкаара, аиубилеиқәа рымҩаԥгара, ашәҟәқәа рӡыргара, уҳәа убас егьырҭ аусҩаԥгатәқәагьы.

Атәым бызшәақәа здыруа, урҭ зҵар зҭаху Амилаҭтә библиотека хыԥхьаӡара рацәала иаҭаауа аԥхьаҩцәа рахь иахыԥхьаӡалатәуп. Дара рзоуп изеиҿкаазгьы атәым бызшәақәа рыла алитература аҟәша. Аҟәша иамоуп асахьаркыратә литература, арҵагатә литература, ажәарқәа, аилыркаагақәа, аенциклопедиақәа 40 бызшәа рҟынӡа ашәҟәқәа. Иамоуп иара ахатәы инвернтартә шәҟәы, ихадоу ашәҟәытә каталог, алфавитттә, асастиматикатә каталог, ахатәы картотека. Имҩахыҵуеит арахь аԥхьаҩцәа: аҭҵраадырра аусзуҩцәа, анаука ҭҵааҩцәа, астудентцәа, ашкол хәыҷқәа уҳәа уб. егь. Иамоуп аԥхьарҭатә зал, иара убас аԥхьаҩ ииҭаху ашәҟәы ҭаҩны аҩныҟа игартә аҭагылазаашьа аԥҵоуп. Иаԥҵоуп аелекторнтә база, имҩаԥыргоит ашәҟәытә електронтә каталог. Аҟәша аусзуҩцәа ҵыхәаԥҵәарада имҩаԥыргоит ашәҟә ҿыцқәа рцәыргақәҵақәа.

Аԥхьаҩ изы абиблиотека алагоит, аԥхьаҩцәа рҭаҩреи ргәаҭареи рсектор ала. Ара аԥхьаҩцәа абиблиотекахь иҭарыҩуеит, ирырҭоит аԥхьаҩ ибилеҭ, ианаамҭоу имҩаԥыргоит аиҭаҭаҩра. Аҟәша аусзуҩцәа рус хадақәа рахь иԥхьаӡатәуп абиблиотека ахархәаразы абжьгаратә цхыраара рыҭара, урҭ аԥхьаҩцәа ирарҳәароуп изышьҭоу алитература иарбан ҟәшоу иахьыҟоу. Иаԥҵоуп аԥхьаҩцәа рҭаҩратә билеҭ аелектронтә база.

Аԥхьаҩцәа еиуеиԥшым адыррақәа ирызку алитература ахьроуа, абонементла рымаҵ ахьыруа аҟәша ауп. Аҟәша аусзуҩцәа хықәкы хадас ирымоуп, аԥхьаҩ дзызҵаауа алитература алхраҿы ацхраара, аелектронтә гаталог ала аԥшаара, уи имоу азҵаараҿы абжьгара иҭара, иара убас, ашәҟәы аԥхьара апропоганда азыруеит. Ари аҟәша аԥхьаҩцәа рацәаҩны изҭаауа ҟәшоуп. Аԥхьаҩ ииҭаху алитература аҩныҟа игар алшоит хә-екземплиарк рҟынӡа жәа-мш, аԥхьаҩ иигаз алитература иҵегь аамҭа ацҵара иҭахызар, уи азыҳәан дааироуп абиблиотекахь, мамзаргьы аҭел дасны иҳәоит, урҭ ашәҟәқәа макьана аус адиуларц шиҭаху. Аҟәшаҟны идырмазеиуеит ашәҟәқәа релектронтә каталог. Аҟәша аусзуҩцәа иҟарҵоит алитературатә цәыргақәҵақәа, ҿыц ироуз алитература ахҳәаа азуны, имҩаԥыргоит еиуеиԥшым амассатә усмҩаԥгатәқәа.

И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә билилотекаҿы аԥхьарҭатә зал зегь реиҳа аԥхьаҩцәеи, аҩызцәеи, асацәеи зҭаауа ҟәшоуп. Ара иуԥылоит аҵаҩцәа, астудентцәа, арҵаҩцәа, аҵарауаа, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рызҟазацәа, хыԥхьаӡара рацәала аԥснытәи ашәҟәыбзиабаҩцәа, араҟа ирымоуп алшара аԥхьаҩ ииҭаху аҭыжьымҭа, алитература ԥшааны идгалара. Иазыхиоуп гәыкала аԥхьаҩ имаҵ аура, аха аҭыԥ аҟны ихы иаирхәароуп, аҩныҟа агара азин рымаӡам. Аԥхьарҭатә зал аҟны иаԥҵоуп аҭагылазаашьа бзиа, аԥхьаҩ дтәаны аус иуртә, даԥхьартә еиԥш. Аԥхьаҩ дарбанзаалак, ихыҵуазаалак ԥкыра амам, уи имаҵи игәаҳәареи нарыгӡоит. Аинформациатә ресурс беиоуп, иара убас аинтернет ухы иаурхәартә аҭагылазаашьа ыҟоуп. Афонд ахьчара иацклаԥшуеит аҟәша аусзуҩцәа. Аԥхьарҭатә зал афонд наӡоит 45639 нызқь рҟынӡа екземплиар.

И. Г. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аиҳабы.

Барис Шьаликәа-иԥа Ҷолариа диит 1948 шықәса сентиабр 20 рзы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Тамшьтәи абжьаратә школ далгеит 1966 ш. 1966 шықәсазы дҭалоит Аҟәатәи аиндустриалтә техникум дагьалгоит 1977ш. Арратә маҵзура ихигеит Хабаровск. Аԥсныҟа дгьежьуеит 1969 шықәсазы. 1970 ш. инаркны аус иуан Аҟәатәи агазеҭтә типографиаҿы, иара убри ашықәсан дҭалоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педадогикатә институт агеографиатә факультет, далгоит 1975 ш. 1977 шықәса рзы аусура далагоит агеографиа рҵаҩыс №10 Аҟәатәи абжьаратә школ аҿы. Иаарласны диаган аҵара аминистрра аметодикатә ҟәшахьы. 1979ш. диаргеит Ареспубликатә хәыҷтәы екскурсиатә станциа аусмҩаԥгатәқәа реиҿкааҩ аҟәша еиҳабыс. Уи еиҿикаауеит ԥыҭк асоиузтә зегьеидгылатәи атуристтә еизарақәа.

Убырҭ зегьы инапы шалакызгьы Борис Ҷолариа атипографиаҿ иусура иациҵон. Далгеит Одессатәи аполиграфиатә техникум. 1989 шықәсазы аицлабратә шьаҭала далхын еиҳабыс агазеҭтә типографиаҿы Аԥсны еизаку аполиграфиа усеиҿкаараҿы.

1995 шықәса раахыс директорс дыҟоуп И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы. Иара ибзоурала аццышә иалхны ишьақәиргылоуп абиблиотекатә фонд, ашәҟәытә палата, ишьҭыхын аҳәынҭқарраҿ абиблиотека аус, еиқәиршәеит абиблиотекатә ус ихымԥадатәиу аекземлиар иазку азакәан, ишьақәыргылан Аԥсны аҳәынҭқарратә библиографиа. Имҩаԥсуеит иара ибзоурала зымҽхак ҭбаау апроектқәа. Ишьақәиргылеит агәыҳалалратә усеицурақәа жәларбжьаратәии иҳәынҭқарратәыми аиҿкаарақәа рыбжьара. Урҭ рыцхыраарала ишьақәыргылан аҟәшақәа: апериодика, аԥхьарҭатә зал, амилаҭтә литература аҟәша, иара убас ахыбра зегьы иҭасан асаркьақәа. Б. Ҷолариа ибзоурала иахьа еиқәырхоуп иуникалтәу абаблиотекатә фонд.

1998 ш. абибилиотека иаиуит астатус Амилаҭтә библиотека ҳәа. Борис Ҷолариа абиблиотекахь имоу агәыбылреи ахамеигӡареи ихатә ԥышәеи ирыбзоураны иҽазҵәылхны ихықәкы наигӡоит, есымшааира Амилаҭтә библиотека иадиԥхьалоит иахәаша ауаа, ацхыраара азҭаша аспонсорцәа...

2002 шықәсазы уи имч ала еиҿкаахеит аелектронтә каталог атехнологиа ҿыцқәа рыҟәша, абиблиотекатә процессқәа автоматизациа рзура, аелектронтә каталог «ИРБИС» аилазаарала аиқәыршәара. Урыстәыла Афедерациа еиуеиԥшым арегионқәа рбиблиотекақәа рыбжьара аимадарақәа еизырҳауа жәларбжьаратәи абиблиотекатә конференциақәа ихы рылаирхәуеит. Аиԥыларақәеи аиҿцәажәарақәеи ирыбзоураны илшеит урыстәылатәи абиблиотека хадақәа рыбжьара акыр еиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵареи, аусеицзуреи.

Борис Ҷолариа иидеиа ала Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы иаартын «Архҭҵаареи абиблиотекатә-информациатә усуреи» рыҟәша. 2010 шықәса рзы, ари азанааҭ ала иоужьын актәи аушьҭымҭацәа.

2017 шықәсазы , Б. Шь. Ҷолариа ианашьан «Аԥсны акультура аусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы. 1987 шықәсазы ихҵан «Қырҭтәыла ССР зҽаԥсазтәыз арҵаҩы» ҳәеи «Ҳаҭыр зқәу аполиграфист» ҳәеи ахьыӡқәа.

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика