Ажәабжьқәа
Donderdag, 24 Лаҵара 2018 14:22
Аԥсны ихадоу Амилаҭтә библиотекаҟны ашколхәыҷқәа аекскурсиа мҩаԥыргеит.
Лаҵарамза 18 рзы И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека иаҭан Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ аԥшьбатәи акласс аҵаҩцәа. Ахәыҷқәа рзы иҿыцыз, ирымбацыз абиблиотека ишыныҩналаз рыбжьыла иҩндырҭәааит иҭбааӡа, иҭынчӡа иҟаз абиблиотека афоие. Асасцәа дырԥылеит аметодист хада Руанда Бжьаниаԥҳа. Урҭ ирзеиҭалҳәеит И.…
Dinsdag, 22 Лаҵара 2018 12:39
Владимир Платон-иԥа Анқәаб - 90 шықәса
Лаҵарамза 22 рзы И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥган апоет, аҵарауаҩ, ауаатәларратә усзуҩы Владимир Платон-иԥа Анқәаб диижьҭеи 90 шықәса аҵра иазкыз аиубилеитә хәылԥазы. Уи еиҿыркааит амилаҭтә литература аҟәша аусзуҩцәа. В. Анқәаб астудентцәа зегь рыбзиабара иаԥсахаз, урҭ рыԥсҭазаара ахьеилашуаз…
Tagged under
Vrydag, 18 Лаҵара 2018 12:26
"Шьынқәба иаԥхьарақәа" Аԥсны Амилаҭтә библиотекаҿы
И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥган итрадициахаз «Шьынқәба иаԥхьарақәа» захьӡуа ахәылԥаз. Алитература еиднакылоит... Абар быжьшықәсоуп ҳбиблиотекаҿы амилаҭтә литература аҟәша еизнагоижьҭеи Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба иҩымҭақәа абзиабаҩцәа. 2007 шықәса раахыс итрадициахаз «Шьынқәба иаԥхьарақәа» ахәылԥаз амҩаԥгара ҳара ныҳәа дук иаҳзаҩызоуп. Ажәа…
Donderdag, 03 Лаҵара 2018 09:47
Кәымф Ломиа диижьҭеи 90 шықәса аҵра
Лаҵарамза 3 рзы И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Абиблиотекаҟны имҩаԥган апоет, аиҭагаҩ, апублицист Кәымф Ломиа диижьҭеи 90 шықәса аҵра иазкыз ахәылԥаз. Ахәылԥаз еиҿкаан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥшьгарала, уи адгылара арҭеит Амилаҭтә библиотека аусзуҩцәеи, Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратә школ арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи. Аиубилеитә …
Woensdag, 02 Лаҵара 2018 12:37
Ҭамара Иван-иԥҳа Коӷониа лԥылара Амилаҭтә библиотекаҿы
87 шықәса зхыҵуа Ҭамара Иван-иԥҳа Коӷониа лԥылара мҩаԥган маи 2 рзы, И. Гь. Папсақьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы. Уи еиҿылкааит ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа. Арахь имҩахыҵит Ҭамара лҩызцәа, лҭынхацәа пату лықәызҵо ауаа зегьы. Уи дырҵаҩын, дҿырԥшыган, аҵарадырра ашьҭыхраҿы даара лџьабаа рацәоуп.…
Tagged under
Donderdag, 26 Мшаҧы 2018 12:57
Аԥсуа бызшәеи аинфомациатә техналогиа ҿыцқәеи
И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҟны Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥшьгарала имҩаԥган астол гьежь «Аԥсуа бызшәеи ҳаамҭазтәи аинформациатә техналогиақәеи» ртемала. Уи иалахәын: ашәҟәыҩҩцәа, аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет азанааҭдырыҩцәа, аԥсышәала иҭыҵуа агазеҭқәеи ажурналқәеи рредақциақәа рнапхгаҩцәа, урҭ…
Donderdag, 26 Мшаҧы 2018 12:13
Аслан Нанба инапкымҭатә цәыргақәҵа абиблиотекаҿы
Мшаԥымза 26 рзы Аԥсны Амилаҭтә библиотекаҿы иаартын, Аԥсны еицырдыруа акыцтә сахьаҭыхҩы Аслан Нанба инапкымҭатә цәыргақәҵа. Арахь имҩахыҵит аминистр культура ихаҭыԥуаҩ Беслан Ӷәырџьуа, аҟазара аусзуҩцәа, иара убас ауаа аҟазара абзиабаҩцәа, иҩызцәа, иҭынхацәа. Аусмҩаԥгатә ааиртит Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа. Уи далацәажәеит:…
Maandag, 23 Мшаҧы 2018 12:29
«АБИБЛИОҴХЫ-2018!»
И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека сынтәа ҩышықәсоуп имҩаԥнагоижьҭеи асоциокультуратә акциа «Абиблиоҵхы» («Библионочь»). Акциа дивизс иаман «Ара ухшыҩ ззушьҭыша акыр шәзыԥшуп, абаҩхатәра аарԥшраҿ ашәҟәы маҭәахәуп» ҳәа. Ҳара хықәкыс иҳаман ашәҟәы аԥхьара ажәлар рыларҵәара, аҿар абиблиотекахь рхьарԥшра. Ажәытә ишыҟаз еиԥш,…
Donderdag, 08 Хәажәкыр 2018 09:51
Ҳаҭыр зқәу аҳәса, ишәыдаҳныҳәалоит Март 8!
Амра кахха иԥхоит, аԥҭақәа ахыҵит, амшын ԥшьаала ицәқәырԥоит, ашәҭқәа шәҭит, аҵлақәа рҽеиларҳәеит, иааит ааԥынра. Март 8 аныҳәа амш аҽны, ҳаҭыр зқәу аҳәса, иахьа ҳара иҳамшун, ҳаччабжь ықәыҩлааит есымшааира Аԥсынра! Ишәыдышәкыл адныҳәалара... И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис…
Donderdag, 22 Жәабран 2018 12:35
Аӡҩыбжьатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа Амилаҭтә библиотекаҿы
Очамчыра араион Аӡҩыбжьатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа аҭааит И. Гь. Папсқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека. Урҭ шаауаз заа адырра ҳарҭахьан, ҳарзыԥшын ирԥыларан иҟаз ауаҩгьы дааҳаԥхьахьан. Иааиран иҟаз асасцәа абиблиотека аԥхьарҭатә зал аҟны ашәҟәқәа еизганы рҭыԥқәа рхианы ирзыԥшын, аусзуҩцәа. Ара аҵаҩцәа рыблала…
Donderdag, 25 Ажьырныҳәа 2018 14:53
Абиблиотека аҩнуҵҟа аекскурсиа
Ҳаҭыр зқәу ҳаԥхьаҩцәа, шәааи ҳаалеи-ҩеип ҳбиблиотека аҩнуҵҟа. Ишәбап ҿыцси интересси иҳамоу аинформациа шәара шәзы. Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Д. И. Гәлиа ишиҳәаз, еиԥш «Аҵара лашароуп - ҵарада лашьцароуп» ҳәа, шәара ижәдыруеит ҵарада, шәҟәыда, информациада ауаҩы ихдыррагь зеизҳаум, аҳәынҭқаррагь зыҿиом. Актәи аихагылаҿы…
Donderdag, 25 Ажьырныҳәа 2018 12:31
Высоцки ииубилеи иазкны ацәыргақәҵа абонемент аҟәша аҟны
Владимир Семион-иԥа Высоцки 80-шықәса ихыҵра иазку ацәыграқәҵа, иахьӡуп «Высоцки. Иҭадуп уԥсы ахьҭоу азы». Аԥснытәи Амилаҭтә библиотека абонемент аҟәша аусзуҩцәа ирыԥшааит апоет иԥсҭазаара иазку аматериалқәа рацәаны, ишәҟәқәа, иеизгақәа, иара убас иашәақәа зну апластинкақәа. Абонемент аҟәша аиҳабы Диана Гәлиаԥҳа илҳәеит: «Иаҭаауа ирылшоит…
Tagged under