Мшаҧы 18, 2024

Ажәабжьқәа

Акрааҵуеит ақалақь Мончегорск аҭҵаара-техникатә библиотека уаанӡатәи анапхгаҩы Светлана Мамакинеи Аҧсны амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариеи рыбжьара аиҩызаратә, аусеицуратә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи. Лара 2007 шықәса раахыс Амилаҭтә библиотека даҭаауеит, акыргьы ацхыраара ҟалҵоит абиблиотека аусхк ахь атехнологиа ҿыцқәа ралагалара азҵааразы. Изныкымкәа Амилаҭтә библиотека…
Арубрика: Амилаҭтә библиотека – 100 шықәса Март 29, 2021 шықәсазы Аҧсны акультуратә хәышҭаара хадақәа ируаку И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека иахыҵуеит 100 шықәса. Ари аамҭа иалагӡаны атәыла абиблиотекатә ус имариамыз аҭоурыхтә мҩа ианысит. Уи рхаануп «аамҭа еиқәаҵәақәеи», иара убасгьы…
Март 12 рзы И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотекаҿы имҩаҧысит иналукааша аҧсуа шәҟәыҩҩы, апублицист Алықьса Камыгә-иҧа Џьениа диижьҭеи 90 шықәса аҵра иазкыз аиубилеитә хәылҧазы. Ахәылҧаз еиҿнакааит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла, иагьымҩаҧигон уи ахантәаҩы, апоет Вахтанг Аҧҳазоу. Ахәылҧаз рхы аладырхәит Аҧсны…
И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа аҳәса – атәыла абиблиотекақәа русзуҩцәа Март 8 рыдиныҳәалеит. Акыр иаҧсоу аҳәса – сколлегацәа, Аҧсны абиблиотекақәа русзуҩцәа!Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит ааҧынра ааиреи аҧсабара аҿыхареи ирсимволу аныҳәа ду Март 8. Ҳтәыла аҭоурых аҟны…
Март 6 рзы И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотекаҿы имҩаҧысит еицырдыруа аҧсуа зиндырҩы, 1994 шықәса инаркны Аҧсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭаҿы аус зуаз, 25 шықәса инареиҳаны прокурорс иҟаз, "Ахьӡ-Аҧша" аорден ахҧатәи аҩаӡара занашьоу Владимир Леуа-иҧа Ҳараниа ишәҟәы "Ахьышьҭра мҩала" аӡыргара. Уи…
И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсны амилаҭтә библиотека амилаҭтә литературеи аҳәынҭқарратә библиографиа асеқтори рыҟәшаҿы еиҿкаауп Владислав Григори-иԥа Арӡынбеи Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшьи ргәалашәара иазку ашәҟәтәы цәыргақәҵа. 10 шықәса раԥхьа, март 4, 2010 шықәсазы иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба. Ари…
И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотека аиҳабы Б.Шь. Ҷолариа Аҧсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа дрыдныҳәалеит. Ҳаҭыр зқәу Аҧсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа, агазеҭ «Аҧсны» аколлектив! И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотека ахьӡала гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит раҧхьаӡатәи аҧсуа газеҭ…
Ишдыру еиҧш, ҳаамҭазы адунеиаҿ абиблиотекақәа русура акыр аҽеиҭанакит, аҧхьаҩцәа рымаҵ аураҿы иаларгалаз аҿыцрақәа маҷӡам. Жәаба-жәохә шықәса раҧхьа иҟаз аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аҽаҧсахит. Иаларгалеит акомпиутерқәа, иҟалеит аинтернет, ицәырҵит еиуеиҧшым аудио-визуалтә хархәагақәагьы. Урҭ зегьы абиблиотекатә маҵзурақәа реиӷьтәра иацхраауеит. Аҧхьаҩцәа рҿаҧхьа иаатуеит алшара ҿыцқәа.…
АҞӘА, февраль 12, Алхас Чхамалиа. Аҧсны абиблиотекатә ҧсҭазаара аҭоурых уазхьаҧшуазар, аханатә аахысгьы хыҧхьаӡарала ирацәаҩымызт абиблиотекатә ҵара зманы аус зуаз аҧсуаа. Уи моу, иааидкыланы иугозар, урҭ рахьтә аӡәырҩы иреиҳау аҵарагьы рымамызт. Аха аамҭа цон, маҷ-маҷ аҭагылазаашьа аҽаҧсахуан, ҳкультуратә хәышҭаарақәагьы есааира рҽеибырҭон,…
АҞӘА, февраль 2, Алхас Чхамалиа. И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотека ҳамҭас иаҭоуп иаарылукааша апартиатәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы Шоҭа Мама-иҧа Шьакаиа иҭаацәаратә библиотекатә фонд. Адунеиаҿ иуҧылоит имаҷымкәа ахаҿсахьақәа, мыцхәы зыбжьы мыргаӡакәа, хӡыргарада, зыҧсҭазаара зегьы зыуаажәлари зыҧсадгьыли рымаҵ аура иазызкыз. Ус…
АҞӘА, ианвар 21, Алхас Чхамалиа. И.Гь. Папасқьыр ихь зху Аԥсны амилаҭтә библиотека ҳаамҭазы аԥхьаҩцәа ргәазыҳәарақәа ҩаӡара ҳаракыла иназыгӡо, ихазырҭәаауа акультуратә усҳәарҭақәа ируакуп. Зҭоурых шәышықәса инарзынаԥшуа ари абиблиотека аханатә аахыс амаҵ азыруан зус ҭакԥхықәрала иазнеиуаз ауаа, абиблиотекатә усхк аганахьала иахәҭоу азыҟаҵара…

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика