Мшаҧы 19, 2024

ЗХАҾРА МЫӠУА, АҬОУРЫХ ДУ ЗМОУ

Арубрика: Амилаҭтә библиотека – 100 шықәса

Март 29, 2021 шықәсазы Аҧсны акультуратә хәышҭаара хадақәа ируаку И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека иахыҵуеит 100 шықәса. Ари аамҭа иалагӡаны атәыла абиблиотекатә ус имариамыз аҭоурыхтә мҩа ианысит. Уи рхаануп «аамҭа еиқәаҵәақәеи», иара убасгьы ҩ-еибашьрак – 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьреи. Ари аиубилеитә рыцхә ҳтәылаҿы ишахәҭоу еиҧш аҧыларазы Амилаҭтә библиотека анапхгареи аколлективи уажәнатә дҵаны рҿаҧхьа иқәдыргылоит еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа реиҿкаара. Урҭ рымҩаҧысшьа аҧхьаҩ иҟынӡа анагаразы, насгьы Аҧсны абиблиотека аус аҭоурыхи, аҿиареи, иахьатәи аҭагылазаашьеи ирызкны ихацҳаркуеит астатиақәа рцикл.

Аҧсны абиблиотекатә ус аҭоурых ҳаназааҭгыло, ҳхьанарҧшуеит иҳаҩсыз ашәышықәса алагамҭахь. Убасҟан, март 17, 1901 шықәсазы гәыҧҩык аинтеллигенциа ақалақь анапхгара рахь иҟарҵаз аҳәарала еиҿкаан Абиблиотекатә комитет, уи иагьеиқәнаршәоит «Аҟәатәи ақалақьтә библиотека – аҧхьарҭа Аҧҟаҧҵа апроект», иагьышьақәырӷәӷәан ноиабр 18, 1902 шықәсазы. Уи инақәыршәаны иазҧхьагәаҭан Аҟәа анапхгара ахьыҩназ ахыбраҿы ҭыҧк азылхзарц. Акомиссиа агәаанагарала, раҧхьатәи аамҭазы уадаки идуум адкыларҭеи азхон. Аха, изыхҟьазаалакгьы, абиблиотека аартразы азин ҟарымҵеит. Аамҭа цон, ауаажәларратә ҭагылазаашьа аҽаҧсахуан.

Ноиабр 7, 1911 шықәсазы Аҟәатәи ақалақьтә библиотека анапхгаҩы Ӡука (Порфири) Лолуа Абиблиотекатә комиссиаҿы иҟаиҵаз ажәахә ишаҳәоз ала, Аҟәа Ауаажәларратә библиотекахь раҧхьаӡа акәны аҧхьаҩцәа мҩахыҵит 1905 шықәсазы.

Иазгәаҭатәуп, Ауаажәларратә библиотека раҧхьаӡатәи анапхгаҩы Ӡука Лолуа Аҧсны абиблиотекатә ус аиҿкаара еснагь гәыҵха дус ишимаз. Иаагап уи зырҵабыргуа цитатак хыхь зыӡбахә ҳҳәаз ажәахә аҟынтә: «…Имаҷуп аурыс классикатә литература. Иаҳҳәап, ирлас-ырласны изызҵаауа Достоевски иҩымҭақәа зегьы ыҟам, ҩбаҟа ҭыжьымҭа роуп иҟоу… Иара убас ауада хада даара ацәаакыра амоуп. Сара схаҭа сычмазаҩхеит, иҧхасҭахоит ашәҟәқәа. Анапхгаҩы иуалафахәы лаҟәуп, аҧсҭазаара Аҟәа есымшааира иуадаҩхоит».

Абиблиотекатә ус аиҿкаара иазкны Ӡука Лолуа Абиблиотекатә комиссиа аҿаҧхьа изныкымкәа азҵаарақәа ықәиргылахьан егьырҭ ашықәсқәа рзгьы, аха урҭ ирлыҵшәахаз ҳәа еилкааны уаҩы акгьы издыруам, иҟам архивтә документқәагьы.

Март 4, 1921 шықәсазы Аҧсны Асовет мчра анышьақәгыла мышқәак рнаҩс, Аревком Жәлар рҵара аҟәша ирыланаҳәеит Аҟәа ақалақь аҟны Ацентртә библиотека аартра. Самсон Ҷанба инапы зҵаҩыз ари адокумент иаиуеит алҵшәа. Абасала, март 29, 1921 шықәсазы Аҟәа иаатуеит Ацентртә жәлартә библиотека. Ари арыцхә инаркны ауп атәылаҿы маҷ-маҷ абиблиотекатә ус аҿиара ианалага, есааира иаатуан егьырҭ абиблиотекақәагьы. Иазгәаҭатәуп, Ацентртә жәлартә библиотека анаҩстәи ашықәсқәа рзы изныкымкәа ахьӡ шырыҧсаххьаз, аха уи абиблиоткатә ҧсҭазаара излаҧырхагаз ҳәа уамак акгьы ыҟамызт. Афонд акәзар, еиҳа-еиҳа ихаҭәаауан, араионтә центрқәа рҿы акәзар, иаадыртуан араионтә библиотекақәа. Ишнеи-шнеиуаз, 1933 шықәсазы Аҟәа иаадыртуеит ахәыҷтәы библиотекагьы.

Август 28, 1938 шықәсазы Аҧснытәи АССР Жәлар ркомиссариат ақәҵарала, Ацентртә ақалақьтә библиотека ахьӡ ҧсахын «Аҧснытәи АССР Ареспубликатә библиотека» ҳәа. Ихацыркын абиблиотекатә кадрқәа разыҟаҵареи рзанааҭ аизырҳареи ирызкыз аусқәа. Ареспубликатә библиотека аҵак ҷыда шьҭнахуеит 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа рзы. Ирацәан уи инанагӡоз афункциақәа. Уахь иаҵанакуеит, иаҳҳәап, аилыркаагақәа, абжьагарақәа реиқәыршәара, аибашьратә, ауаажәларра-политикатә зҵаарақәа ирызкны алитературатә сиа аҟаҵара уҳәа убас иҵегьы. Еиҿыркаауан Ар Ҟаҧшь ирызкыз ашәҟәтәы-иллиустрациатә цәыргақәҵақәа.

Аҧсны абиблиотекатә ус аҿиара аетап ҿыц алагоит 1956 шықәса инаркны. Убасҟан ишьақәыргылахоит Ареспубликатә библиотека аструктура ҿыц. Уахь иалаҵан аҵәахырҭа, аметодикатәи абиблиографиатәи ҟәшақәа, абиблиотекабжьаратә абонемент асектор, абламбаратә абонемент, атәым бызшәақәа рлитература асектор. Аха усҟан абиблиотека иамамызт ахатә хыбра, иара ахьыҟаз Аҧсуа ҭҵаарадырратә институт ахыбраҟны акәын.

1960 шықәса инаркны абиблиотека ҿыцқәа раартра иалагоит Гагра, Гәдоуҭа, Очамчыра, Гал араионқәа рҟны, иара убас ашахтиортә қалақь Тҟәарчал. Азҿлымҳара арҭо иалагоит атәылаҿацәҭҵааратә литература.

Ицон ашықәсқәа, ажәашықәсқәа. Абиблиотекатә ус есааира иҿион, аха убри аамҭазы ицәырҵуа иалагеит абиблиотека ахатә хыбра амамзаара иадҳәалаз апроблемақәа. Абри азҵаара аӡбара аганахьала акыр аџьабаа збаз дреиуоуп зхытәы инициатива аарҧшны 1965 шықәсазы, Аҧсны усҟантәи акультура аминистр В.Д. Кәарҷелиа иақәшаҳаҭрала, Москва, Асовет Еидгыла Ацентртә комитет амаӡаныҟәгаҩ Борис Николаи-иҧа Пономариов иҟны анеира зылзыршаз, усҟан абиблиотека еиҳабыс иамаз Елеонора Виктор-иҧҳа Бжьаниа (лара дреиуоуп раҧхьаӡа акәны аҧсуаа рахьтә иреиҳау абиблиотекатә ҵара зауз). Уи Борис Николаи-иҧа агәра илыргоит Аҧсны ареспубликатә библиотеказы итиптәу ахыбра ҷыда аргылара аус хымҧадатәны ишыҟаз азы. Анаҩс, аргыларақәа акырӡа ирыгханы акәзаргьы, 1981 шықәсазыахыбра ҿыц ахь аиасра алыршан. Иара убри ашықәс азы абиблиотека ихьӡ ахҵан Аҧсны жәлар рышәҟәыҩҩы Иван Гьаргь-иҧа Папасқьыр. Абарҭ ашықәсқәа рзы абиблиотека иаиуеит анаукатә библиотека астатус (апрель 27, 1983 ш.), иагьахьӡырҵоит И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Ареспубликатә ауниверсалтә наукатә библиотека ҳәа. Атәыла анапхгара ракәзар, еиҳа азҿлымҳара арҭо иалагоит. Убас, 1985 шықәсазы, абиблиотека аус аҟны рлагала азы, гәыҧҩык абиблиотека аусзуҩцәа ирыхҵан «Аҧснытәи АССР зҽаҧсазтәыз абиблиотека аусзуҩы» ҳәа ахьӡ. Урҭ иреиуоуп: В.Г. Власенко, З.М. Кәыҵниа, Н.А. Кокаиа, И.А. Осиа.

Ареспубликатә библиотека, ҳтәыла егьырҭ аҳәынҭқарратә усбарҭақәа зегьы реиҧш, Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иаиуит ааха ду. Афонд еимҵәан, ахыбра еихсын, амца ацраҵан. Аха, насыҧла, абиблиотека ааигәара инхоз абиблиотека аусзуҩцәеи ауааҧсыреи ирылшеит амца аанкылара. Аха, зегьакоуп, абылра иамҽханакит абиблиотека абонемент, апериодика, атәым бызшәақәа рлитературеи аҧхьарҭатә зали ирыҵаркуаз ашәҟәтәы фонд.

Аибашьра ашьҭахь абиблиотека аусзуҩцәа русурахь ианыхынҳә, ирбаз уаӷеимшхаран: ахыбра ауадақәа зегьы хыла-гәыла еилажьын, иблыз блын, аҧенџьырқәа зегьы ҟәыбаса иқәҵан, ахыбра акәзар ақәа кылыҩрны ицон, уи иахҟьаны аибашьра иацәаанхаз алитературагьы еилабааӡа еилажьын. Усҟан иалшон ауаҩы игәы каҳар, абиблиотека аус игәы ацәцар, аха ззанааҭ бзиа избоз аколлектив, шамахамзар, икажьны џьаргьы имцеит, дасу изларылшоз ала рус напы адыркит. Аха даҭахын абиблиотека аус ҩаҧхьа аиҭашьақәыргылара, аиҭарҿиара зылшашаз, хшыҩлагьы, ҵаралагьы, гәамчлагьы иақәнагаз, доуҳала иӷәӷәаз анапхгаҩ ҿыц. Уи атәыла анапхгара агәрагара зырҭаз – Борис Шьаликәа-иҧа Ҷолариа иакәхеит. Ари ауаҩ абиблиотека иаанханы иҟаз амазара еидкыланы, иацҵаны, аамҭа кьаҿкла аиҭашьақәыргылара аџьабаа ӷәӷәа, ишырҳәо еиҧш, иҟәаҟәа иқәихит. Имахәҿа еилҳәаны аколлектив драҧхьагылеит.

Абасала, Борис Шьаликәа-иҧа Ҷолариеи икәша-мыкәша игылаз аколлективи ирыбзоураны, Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь ҩаҧхьа ҿыц абиблиотека ашәқәа аартын Октиабр 18, 1995 шықәсазы. Жәаҳәарада, ари аус аҟны аҳәынҭқарра анапхгара ррольгьы акраҵанакуан, аха, изеицәааӡарызеи, аҳәынҭқарра алшарақәагьы рацәамыз.

Ноиабр 27, 1998 шықәсазы Аҧсны Аиҳабыра Реилазаара ақәҵарала Ареспубликатә библиотека иаиуит амилаҭтә библиотека астатус, ахьӡгьы ҧсахын И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотека ҳәа.

Еиқәхеит, аамҭа аӡеибафара иаламӡит шәышықәса ирхаану, зхаҿра мыӡуа, аҭоурых ду змоу ҳкультуратә хәышҭаара ду – Аҧсны амилаҭтә библиотека.

Автор: Алхас ЧХАМАЛИА

 

 

Last modified on Maandag, 24 Нанҳәа 2020 15:36

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика