Мшаҧы 27, 2024

Ишәыдаҳныҳәалоит иааиуа 2020-тәи Ашықәс ҿыц!

Ҳаҭыр зқәу Аԥсны абиблиотекатә система аусзуҩцәа, сколлегацәа!

Ҳаҭыр зқәу ҳаԥхьаҩцәа!

Мышқәак роуп иаанхаз зегьы ргәы хыҭхыҭуа иззыԥшу – Ашықәс ҿыц аныҳәа аҟынӡа. Ҳашьҭахьҟа иаанҳажьуеит акыр ауадаҩрақәа зцыз, имариамыз, аха убри аан культуратә хҭысла ибеиаз 2019-тәи ашықәс.

И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсны амилаҭтә библиотка аусура атәы ҳҳәозар, имаҷым инаскьааго ашықәс азы иалаҳкаауа ахҭысқәа. Абиблиотека есҽнытәи аусура инаваргыланы, имҩаԥаагон акультуратә ԥсҭазаара иадҳәалаз еиуеиԥшымыз аусмҩаԥгатәқәа: аиԥыларақәа, аиубилеиқәа, ашәҟәқәа рӡыргара уҳәа убас иҵегьы. Қәҿиарала имҩаԥган абар шьҭа итрадициахаз акциа «Абиблиоҵхы», иара убасгьы Жәларбжьаратәи аҿартә арт-фестиваль «Амшын аԥшаҳәаҿы анеиааира».

Амилаҭтә библиотека аус ауеит ҳаамҭатәи аҭахрақәа аҽрықәыршәаны, иҳаҩҳажьуам абиблиотекатә система аганахьала адунеиаҿ ицәырҵуа аҿыцрақәагьы. Убри аҟынтә иҳаҩсуа ашықәс азы ҳбиблиотека ахы рыланархәуан Аԥсны анҭыҵ имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аконференциақәа.

Иахьатәи аамҭазы адунеиаҿ абиблиотекақәа русура аҽеиҭакрақәа ахҭысуеит, иаладырҵәоит аметодика  ҿыцқәа, абиблиотекақәа рхаҿреи, реиҿкаашьеи ракәзар, шьаҭанкыла ирыԥсахуеит: абиблиотекақәа ҟарҵоит ауааԥсыра аинформациа рылазырҵәо хәышҭаараны, культуратә центрқәаны. Убри азы ҳаамҭазтәи компиутертә техникала, интернетла еиқәдыршәоит, иаадыртуеит аԥхьаҩцәа рҭахрақәа ирықәшәо ҷыдала ирхиоу ауадақәа. Ус еиԥш иҟоу абиблиотекақәа хьӡыс ирырҭоит «Амодельтә библиотекақәа» ҳәа. Ажәакала, Амилаҭтә библиотекагьы ари аганахьала еиҵахарц ҳҭахым. Убри азы иҳалшоз зегьы ҟаҳҵон, иҟаҳҵалоит аԥхьаҟагьы. Аха  ҳгәы хьаауеит Аԥсны егьырҭ абиблиотекақәа зегьы асеиԥш алшарақәа макьаназы иахьрымам.  

Егьа аамҭа царгьы, егьа технологиа ҿыцқәа цәырҵыргьы, ҳгәы иаанагоит, ашәҟәы зыԥсахуа даҽакы ҟалом хәа.

Ҳаҭыр зқәу ҳтәыла абиблиотекақәа русзуҩцәа!

Гәык-ԥсык ала зегьы ишәыдысныҳәалоит ҳазҭало 2020-тәи Ашықәс ҿыц! Ишәзеиӷьасшьоит хаҭа-хаҭала, ҩнаҭа-ҩнаҭала агәабзиара, аҭынчра, аманшәалара, шәнапы злаку шәзанааҭтә усураҿы ақәҿиарақәа, аԥхьаҩцәа рацәаҩны.

Ҳаҭыр зқәу  ҳаԥхьаҩцәа!

 Ҳара еснагь ҳазыхиоуп шәара шәымаҵ аура, шәҭахрақәа рхарҭәаара. Шәымҩахыҵла  ҳара ҳахь. Ишәымазааит аизҳара, ақәҿиарақәа, аманшәалара. Иааиуа ашықәс азы инагӡахааит дасу шәыгәҭакқәа, шәгәаҳәарақәа.

Ҽаанбзиала шәнеиааит!

 

Борис Ҷолариа,

И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху

Аԥсны амилаҭтә библиотека аиҳабы

Last modified on Maandag, 30 Desember 2019 15:35

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика