Лаҵара 03, 2024

АБИБЛИОТЕКАҚӘА – ҲААМҬАЗТӘИ АҬАХРАҚӘА ИРЫҚӘШӘО

«Абиблиотекақәа рыла – аҧеиҧш ахь» зыхьӡу XIX Жәларбжьаратәи аконференциа аҟынтә

Сентиабр 16 инаркны 21 рҟынӡа Краснодартәи атәылаҿацә Анапа ақалақь аҟны имҩаҧысуан «Абиблиотекақәа рыла – аҧеиҧш ахь» ҳәа хьӡыс измаз  XIX Жәларбжьаратәи аконференциа. Уи еиҿнакааит И.Ф. Варавва ихьӡ зху Краснодартәи атәылаҿацә ақәыҧшцәа рбиблиотека. Аконференциа амҩаҧгараҿы ацхыраара ҟарҵеит: Краснодартәи атәылаҿацә акультура аминистрра, Урыстәылатәи абиблиотекақәа рассоциациа, Аҿар рзы Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә библиотека, Абиблиотекатә усеицуразы арегионбжьаратә центр, «Аинформациа зегь рзы» зыхьӡу «ЮНЕСКО» апрограмма Урыстәылатәи акомитет, ашәҟәҭыжьырҭақәа «Традиция», «Лань – Юг». 

Аконференциа аусура иалахәын Азербаиџьани, Аҧсни, Беларусиеи, иара убасгьы Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәеи рҟынтәи 130-ҩык инарзынаҧшуа абиблиотека аусзуҩцәа.

Аҧснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟан: И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа, абиблиотека ахаҭарнакцәа Елизавета Ушакова, Милана Ҷанҧҳа, иара убасгьы абарҭ ацәаҳәақәа равтор.

 

«Абиблиотекеи аҿари XXI ашәышықәсазы: алыҵшәахьы ахырхарҭа» ҳәа тема хадас измаз аконференциаҿы ирзыӡырҩын аинформациа-библиотекатә усура атеориатәи апрактикатәи зҵаарақәа ирызкыз 30 инареиҳаны ажәахәқәа.

Афорум аделегатцәа зегьы еицҿакны иазгәарҭеит, аконференциа атема хада – «Абиблиотекеи аҿари XXI ашәышықәсазы: алыҵшәахьы ахырхарҭа» – ари ҳаамҭазы актуалра ду шамоу. Избан акәзар, аҳәынҭқарра аҿиараҟны иахьатәи аҿар инарыгӡо ароль акраҵанакуеит. Насгьы дара рҭахрақәа, ринтересқәа «рышьақәыргылараҿы» ҳаамҭазтәи абиблиотекақәа ирыбзоуроу маҷӡам. Аҿар ироуеит есҽнытәи аинформациатә цхыраара: рхаҭарақәа рышьақәыргылара, аҧсҭазаара разыҟаҵара, иааидкыланы, ауаҩытәыҩса иҟазшьа бзиақәа рылааӡара иацхраауеит.

«Абиблиотекеи аҿари XXI ашәышықәсазы: алыҵшәахьы ахырхарҭа» – ари иактуалтәу, ганрацәала еибыҭоу, ҭҵаарадыррала ахцәажәара зҭаху темоуп», – иазгәалҭеит аконференциа аартраҿы И.Ф. Варавва ихьӡ зху Краснодартәи ақәыҧшцәа рбиблиотека аиҳабы Иулиа Нардид.

Аконференциаҿы азҿлымҳара ду зырҭаз иреиуоуп ақәгыларақәа: Урыстәыла аҳәынҭқарратә априоритеттә проектқәа Рдепартамент аиҳабы, апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Евгениа Гусева, Ауаажәларратә арегионбжьаратә еиҿкаара «Аурыс аҧхьара ассоциациа» ахада, апсихологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Наталиа Сметанникова, Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ахәыҷтәы библиотека аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Илиа Гавришин уҳәа егьырҭгьы.

Аконференциа алахәылацәа гәахәарала ирзыӡырҩит иара убасгьы Азербаиџьан ахаҭарнак Оруџь Гулиев, Беларусиа ахаҭарнак Виачеслав Бондаренко, Евразиа абиблиотекақәа рассамблеа аиҳабы, Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә библиотека аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Мариа Нериуева, Аҿар рзы Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә библиотека аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Марина Захаренко уҳәа аӡәырҩы.

Хаҭала иалыркааит, ацәажәарақәагьы маҷымкәа иахылҿиааит арҭ ацәаҳәақәа зыҩуа аконференциа апленартә еилатәараҿы сықәгыларагьы. Аҧсны Амилаҭтә библиотека ахьӡала сзыҧхьаз ажәахә иахьӡын – «Аҭоурыхтә гәынкылара аиқәырхареи аҭоурых аицакра аҿагылареи рганахьала абиблиотекақәа русура».

Ажәахәқәа рыхцәажәара ашьҭахь, имҩаҧысит авидеоконференциагьы, ишьақәыргылан Анапеи Москвеи рыбжьара ишиашоу аимадара.

Иазгәаҭатәуп, аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиҧшым асекциақәа, астол гьежьқәа, аицлабрақәа шеиҿкааз. Аҧснытәи аделегациагьы урҭ рҟны активла рхы аладырхәит. Иазгәаҭатәуп, Анапатәи археологиатә музеи «Горгиппиа» аҟны имҩаҧгаз аинтеллектуалтә еицлабра «Чемпионат читателей России. Библио IQ» зыхьӡыз аҟны арҭ ацәаҳәақәа равтор аҧыжәара шааникылаз, иагьшианашьаз адиплом.

Аҭыҧҳацәа Елизавета Ушаковеи Милана Ҷанҧҳаи ракәзар, рхы аладырхәит аустә хәмарра «Прокачаи свою библиотеку» ҳәа хьӡыс измаз, активлагьы рхы аадырҧшит.

Амилаҭтә библиотека ахаҭарнакцәа алахәын иара убасгьы Беларусиеи Урыстәылеи ашәҟәыҩҩцәа реидгылақәа рлахәыла Виачеслав Бондаренко ирҿиаратә еиҧылара. Уаҟа тема хадас автор ишьҭихит «XXI ашәышықәсазы асахьаркыратә литература ароль». Ари аиҧылараҿы имҩаҧгаз ахцәажәарақәа, иара убасгьы аимак-аиҿак иҽалаирхәит Аҧсны Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа.

Аконференциа амшқәа руак азы алахәылацәа аҭааит Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы центр «СМЕНА». Араҟа жәеиза шықәса зхыҵуа инадыркны жәибыжь шықәса зхыҵуа рҟынӡа ахәыҷқәа раҧхьаҟатәи рзанааҭтә хырхарҭа алхразы иазыҟарҵоит. Еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла иақәнагоу материал-техникатә базала еиқәыршәоуп. Уи ҳарҭ ҳаблала иаабеит ацентр аҟны иаҳзеиҿыркааз аекскурсиа аан.

«СМЕНА» аҟны иацҵан аконференциа асекциақәа ируакыз, «Аҿар рыҭҵаарадырра-техникатә рҿиара арегион аекономика аизырҳара иадҳәаланы» ҳәа хьӡыс измаз аусура. Араҟагьы иҟаҵан ҳаамҭазтәи абиблиотекақәа русура иадҳәалоу ажәахәқәа жәпакы.

Иааидкыланы, XIX Жәларбжьаратәи аконференциа «Абиблиотекақәа рыла – аҧеиҧш ахь» аихшьала ҟаҳҵозар, даара аҩаӡара ҳаракы аманы, ахәарҭара ду аланы имҩаҧысит ҳәа иҳаҧхьаӡоит. Алкаақәа ҳарзааҭгылозар, араҟа иуҳәаша рацәоуп. Аха урҭ рахьтә ихадароуп акы: аелектронтә хархәагақәа ирыхҟьаны еиҳа-еиҳа ашәҟәы иаҧхьо рхыҧхьаӡара маҷхоит. Ус анакәха иҟаҵатәузеи? Ари азҵаара аҭак аконференциа иҟанаҵеит. Иҟаҵатәу уи ауп, ҳаамҭазтәи абиблиотекақәа русура аҽеиҭанакроуп, иахьатәи ҳаамҭа аҭахрақәа ирықәшәо. Убри аҟынтә дунеи аҟны акыр иаладырҵәо иалагеит «амодельтә библиотекақәа».

«Амодельтә библиотека» ҳәа изышьҭоу – ари иаабац библиотекоуп, аха иамоуп ахатәы ҷыдарақәа: аҭыҧантәи ауааҧсыра рҭахрақәа ирықәшәо, абиблиотека афондқәа зегьы рзы иаартны, аелектронтә хархәагақәа рыла аусура уҳәа иҵегьы. Амодельтә библиотека рҟны аус руазароуп еиуеиҧшым аклубқәа, аконсультациатә пунктқәа, алекториқәа.

Алхас Чхамалиа

Last modified on Woensdag, 22 Ажьырныҳәа 2020 13:44

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика