Мшаҧы 24, 2024

Ашәҟәы шҳацу XXI ашәышықәсахь

Цәыббра 25 рзы Аҟәа имҩаҧысит VII Жәларбжьаратәи аҿартә арт-фестиваль «Амшын аҧшаҳәаҿтәи анеиааира». Уи И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны Амилаҭтә библиотека еиҿнакаауа, уажәшьҭа итрадицианы ишьақәгылаз, атәыла ауаажәларрагьы адгылара зырҭаз культура-массатә усмҩаҧгатәуп. Сынтәатәи афестиваль девиз хадас иаман: “Ашәҟәы шҳацу XXI ашәышықәсахь”.

Ишдыру еиҧш, аамҭа ҿыц иацны иаҳзааит ӡхыҵраҵас адунеи зегьы зымҽхазкыз аглобализациа. Уи иахҟьаны ҳаҧсҭазаараҿы акыр аиҭакрақәа, аҽыҧсахрақәа уҳәа мҩаҧысуеит: ашәҟәқәа, еиуеиҧшым акьыҧхьтә ҭыжьымҭақәа – агазеҭқәа, ажурналқәа – рыҧсахуеит аелектронтә версиақәа рыла. Аха егьа убас акәзаргьы, макьаназы ашәҟәы зыҧсахуа даҽакы зыҟалом. Абарҭқәа зегьы ҳасаб рызуа, имҩаҧгаз афестиваль ауснагӡатәқәа рызкын: ашәҟәқәа рӡыргара, ашәҟәыҧхьара аларҵәара, аҿар рдыррақәа реизырҳара, рырҭбаара, ашәҟәи аҧхьаҩи реимадара, реигәныҩра арӷәӷәара.

Зҽеиҭазкыз аамҭа ҳасаб азуны, адунеиаҿ ҳаамҭазтәи абиблиотекақәа русурагьы даҽа блакала иахәаҧшуеит, ирыҧшаауеит еиуеиҧшым азнеишьақәа. Ҳгәы иаанагоит, зыӡбахә ҳамоу афестивальгьы абарҭ азҵаарақәа рганахьала иаҵанакуа маҷым ҳәа.

VII Жәларбжьаратәи аҿартә арт-фестиваль «Амшын аҧшаҳәаҿтәи анеиааира» аҟны еиҿкаан еиуеиҧшымыз аҭыҧқәа: алитературеи абиблиотекақәеи рҭыҧ – анапхгаҩы Ламзира Шьынқәырҧҳа; амузеи аҭыҧ – Мадона Џьапуа-ҧҳа; лаҧшылатәи аҟазареи амилаҭтә напҟазареи рҭыҧ – Асҭанда Миқаиа; амодеи, акәашареи, амузыкеи рҭыҧ – Диана Гәлиа-ҧҳа; аспорт аҭыҧ –Ҭемыр Нанба; ахәыҷқәа рзы аҭыҧ – Лаина Черқьезиаҧҳа; амилаҭқәа рхеилакқәа рҭыҧ – Рафида Гәылариаҧҳа. Иҳәатәуп, арҭ аҭыҧқәа русура аиҿкаара, иара афестиваль ахаҭа амҩаҧгара, амҩақәҵара, даҽакала иаҳҳәозар, координаторра азызуаз шлакәу Руанда Бжьаниаҧҳа.

Афестиваль иалахәыз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа. Уи иазгәеиҭеит, есышықәса еиҿыркаауа ари афестиваль атрадициа бзиақәа шаиуз, араҟа ишцәырҵуа ахьыӡ ҿыцқәа, абиблиотекеи аҧхьаҩцәеи реимадарақәа акыр ишацхраауа.

Ари аусмҩаҧгатә ихы алаирхәит Аҧсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр лхаҭыҧуаҩ Беслан Гәырџьуа. Иара убасгьы афестиваль ахь иааит Урыстәылантәи асасцәа: И.Ф. Варавва ихьӡ зху Краснодартәи атәылаҿацә ақәыҧшцәа рбиблиотека аҟынтә Роман Быков, Саратов ақалақь аҟынтә Вадими Еленеи Потиомкинаа. Урҭ Амилаҭтә библиотека аҳамҭақәа азыҟарҵеит.

Роман Быков иқәгылараҿы, ахәҭакахьала, иазгәеиҭеит Аҧсны Амилаҭтә библиотекеи Краснодартәи атәылаҿацә ақәыҧшцәа рбиблиотекеи русеицура атәы.
И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотека аҿиара мҩаҧысуеит иахьатәи ҳаамҭа аҽақәыршәаны. Уи анапхгареи аусзуҩцәеи азҿлымҳара азыҟарҵоит абиблиотека аус ахь акомпиутертә технологиақәа раларҵәара. Абиблиотека рылахәуп Аҧсны анҭыҵ имҩаҧысуа аҭҵаарадырратә форумқәа. Убас, шьҭа традицианы иҟалеит Амилаҭтә библиотека ахаҭарнакцәа Жәларбжьаратәи абиблиотекатә конференциа “Абиблиотекақәа рыла – аҧеиҧш ахь” зыхьӡу иахьалахәу. Сынтәагьы ҳбиблиотека аусзуҩцәа XIХ аконференциа аҟынтә ақәҿиарақәа рыманы ихынҳәит. Ари аконференциа амҩаҧгара еиҿнакаауеит И.Ф. Варавва ихьӡ зху Краснодартәи Атәылаҿацә Ақәыҧшцәа рбиблиотека.

VII Жәларбжьаратәи аҿартә арт-фестиваль «Амшын аҧшаҳәаҿтәи анеиааира» акультуратә программа иалахәын аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, апрофессионалтәи ахаҧшьгаратәи коллективқәа, аҟазара-уаа, аҵаратә усбарҭақәа. Араҟа иҟан ҳтәыла араионқәа зегьы рхаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа, аҿар.
Афестиваль алахәылацәа зегьы ирыман алшара дасу рдыррақәа раарҧшра, рҟазара дырбара, ҳаҧсуа культуреи аҟазареи рӡыргара.

Ҷыдала иалкааны сазааҭгыларц сҭахуп афестиваль аусурҭа ҭыҧ хадақәа ируакыз алитературеи абиблиотекақәеи рҭыҧ. Араҟа ицәыргақәҵан Аҧсни уи анҭыҵи иҭыжьу ашәҟә ҿыцқәа. Афестиваль асасцәа алшара рыман ашәҟәыҩҩцәеи алитература абзиабаҩцәеи лабҿаба рбара, рацәажәара, рзыӡырҩра, ахатәрақәеи ҿыц аҩра иалагази рыҿцәажәара. Убри аҟынтә ари аҭыҧ аусурахь инаҧхьан, рыхгьы аладырхәит еицырдыруа аҧсуа поетесса, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Гәында Сақаниаҧҳаи апоет Иван Миқаиеи.

Ари аҭыҧ аҟны еиҿкааз апрограмма иалахәын Аҟәатәи абжьаратә школқәа жәпаки Очамчыра араион ашколқәа рхаҭарнакцәеи.

Иалкааны аӡбахә ҳәатәуп, афестиваль ари аусурҭа ҭыҧ аҟны аҭааҩцәа акыр здызыҧхьалаз, Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа Акультура ҩнаҿы еиҿкаау Ахьӡ-Аҧша амузеи иҟанаҵаз ацәыргақәҵа. Урҭ аекспонатқәа арахь иаалгеит амузеи аҧҵаҩы, иахьагьы еиҳабыс иамоу Мзиа Кәыҵниаҧҳа.

Аҭааҩцәа акыр изыршанхаз иреиуоуп Б.У. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи 1-тәи абжьаратә школ аҵаҩцәеи ахәыҷтәы театртә студиа “Нарҭ” еиднакыло аҿар рықәгылареи (Астудиа анапхгаҩы Гәдиса Ҭодуа, ахореограф – Лана Џьапуаҧҳа).

Араҟа иҟан зыҧсы ҭоу ажәа аҭыҧгьы. Уи рызкын ҿыц аҩра иалагаз, апоезиахь, мамзаргьы апрозахь зшьаҿақәа еихызго авторцәа. Дара ирыман алшара рҩымҭақәа рыҧхьаразы, афестиваль алахәылацәа рҿаҧхьа иқәгылартә еиҧш.
Ашколхәыҷқәа рыбжьара имҩаҧгаз исахьаркны ажәеинраалақәа рыҧхьареи ақәгыларақәеи рҟны иалкаахаз рнапаҿы ирыҭан аграмотақәеи еиуеиҧшым аҳамҭақәеи.
Имҳәакәа узавсуам афестиваль егьырҭ аусурҭа ҭыҧқәагьы даара ибзианы ишеиҿкааз. Иаҳҳәап, ахәыҷтәы шәҟәы аҭыҧ аҿы акәзар, афестиваль асасцәа қәыҧшцәа ирыдгалан ахәыҷтәы литература иаҵанакуа ашәҟәқәа. Иара убасгьы ҷыдала ахәыҷқәа рзы имҩаҧган аҧсихологиатә тренинг. Уи еиҿылкааит Шәача ақалақь аҟынтәи иааҧхьаз ақтриса, аҧсихолог Диана Иванова.

Арҵага шәҟәқәа рҭыҧ аҿы ицәырган арҵагатә литература ҿыцқәа. Лаҧшылатәи аҟазареи амилаҭтә напҟазареи рҭыҧ аҟны акәзар, дарбанзаалак аҭааҩ алшара иман Аҧсны асахьаҭыхратә ҟазара иҽадиҧхьаларц. Ҳтәыла араионқәа рымчала еиҿкаан ацәыргақәҵа. Жәлар рҟазацәа рыбзоурала идырбан зеиҧшыҟам арҿиамҭақәа.

Афестиваль аҟны иалкааз аҭыҧ ааннакылон амузеи аҭыҧ. Араҟа аҭааҩцәа ирыман алшара Аҧсны ажәытә ҭоурых иадҳәаланы рдыррақәа рхарҭәаара, Аҧсуа ҳәынҭқарратә музеи илыҧшааху, зеҧшыҟам аекспонатқәа лабҿаба рбара. Аҧсны аҭоурых ифырхаҵаратәу аамҭақәеи ҳдоуҳатә культура аизҳареи рымҩахь ухьадырҧшуан араҟа еиҿкааз Ешыратәи Ахьӡ-Аҧша Амузеии Д.И.Гәлиа илитература-мемориалтә Музеии афестиваль аҭааҩцәа ирыдыргалаз ацәыргақәҵа.

Афестиваль аусурҭа ҭыҧ хадақәа иреиуаз акакәын амодеи, акәашареи, амузыкеи рҭыҧ. Уи аусура мҩаҧысуан афестиваль асцена хада аҟны. Араҟа иқәгыланы рҟазара аадырҧшуан ҳтәыла араионқәа рхаҭарнакцәа: еиуеиҧшым агәыҧқәа, ахаҧшьгаратә коллективқәа, ансамбльқәа, ашәаҳәаҩцәа, акәашаҩцәа уҳәа. Аҭааҩцәа идырбан зегьы зыршанхаз ҳаамҭазтәи амодагьы. Аҳәса рцәамаҭәа зыӡбаз, изхәыцыз иреиуоуп Мака Кочал-иҧеи Амра Шьакаиеи. Иара убасгьы ахәыҷтәы ҵкқәа дырбара еиҿылкааит Алиона Сангәлиаҧҳа.

Аспорт аҭыҧ акәзар, еиҿкаан ашахматтә хәмаррақәа, аицлабрақәа, астолтә ҧқьаҭмпыл асра.
Амилаҭқәа рхеилакқәа рҭыҧ аҟны афестиваль алахәылацәа рзы еиҿкаан афотоцәыргақәҵа. Араҟа аҭааҩцәа ирбарц рылшон Аҧсны еицырдыруа ауаа рхаҿсахьақәа зныҧшуа афотоцәыргақәҵа, иара убасгьы ҳтәыла иқәынхо егьырҭ амилаҭқәа ирыдҳәалангьы.

Ашколхәыҷқәа рнаҩсангьы, аконцерттә программа рхы аладырхәит аӡәымкәа-ҩыџьамкәа еиуеиҧшым анагӡаҩцәагьы. Урҭ иреиуоуп, иаҳҳәап, Аҧсны жәлар рартист Роза Чамагәуаҧҳа напхгара зылҭо авокалтә-инструменталтә ансамбль «Гәында» алахәылацәа Саида Алҭеиҧҳа, Жанна Ӷәынџьиаҧҳа, иара убасгьы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аспирантка, ашәаҳәаратә проект «Apsny-star» иалахәыз Лиубов Черқьезиаҧҳа уҳәа егьырҭгьы.

Алхас Чхамалиа

Last modified on Woensdag, 22 Ажьырныҳәа 2020 13:42

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика