Лаҵара 03, 2024

ЗЗАНААҬ ЗЫҦСҬАЗААРОУ

 Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа Кәыҵниаҧҳа – 80 шықәса

Сентиабр 10 рзы И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаҧысит абиблиотека аусзуҩы, аҩаӡара ҳаракы змоу абиблиограф, абиблиотека Зҽаҧсазтәыз аусзыҩы ҳәа ахьӡ зыхҵоу, абиблиотекатәи аҭҵааратәи усқәа рзы Амилаҭтә библиотека аиҳабы ихаҭыҧуаҩ, зыҧсҭазаара аиҳарак абиблиотекатә ус иазызкыз Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа Кәыҵниаҧҳа 80 шықәса лхыҵра иазкыз аиубилеитә еиҧылара. Уи рхы аладырхәит Аҧсны ақалақьқәеи араионқәеи рбиблиотекақәа русзуҩцәа, акультура аус ахаҭарнакцәа, ауаажәларра, аҿар, иара убасгьы аиубилиар лҩызцәеи лҭынхацәеи.

Аиҧылара аартуа Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа инарҭбааны дазааҭгылеит Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа Кәыҵниаҧҳа шықәсырацәалатәи лусура, уи абиблиотека аусхк аганахьала илбахьоу аџьабаа. Иазгәеиҭеит, лықәра ҳасаб ҟамҵакәа иахьагьы ааҧсара шлықәым, лҧышәа дуи лдыррақәеи абиблиотека аусзуҩцәа ҿарацәа ишрымалдо.

“Иахьатәи ҳаиқәшәара хҭыс дуӡӡоуп, избан акәзар лиубилеи азгәаҳҭоит акыршықәса инеиҧынкыланы абиблиотека амаҵ азызуа, ҳҳәынҭқарра злаҽхәаша, иҳамоу ашәҟәтәы фонд зегьы аизакра, аидкылара зџьабаа дуӡӡа аду Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа, – иҳәеит Борис Ҷолариа иқәгылара хацыркуа. – Ҩажәа шықәса ракәӡан илхыҵуаз раҧхьаӡа аусуразы абиблиотекахь данымҩахыҵыз. Усҟантәи аамҭазы аҧсуаа рзы аусурҭа ҭыҧ аҧшаарагьы мариамызт, аусурагьы даара иуадаҩын: днаганы еиҳа иахьцәыҵлашьцараз кәакьк аҿы ддыртәеит. Аха зус гәыкала бзиа избоз Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа лгәы камыжькәа, ичҳаны, маҷ-маҷ лзанааҭ шьҭкаауа лнахьы иааго лусура налыгӡон. Анаҩс аҵара дугьы лҵоит: лара дрылгеит Қарҭтәи акультура-ҵаралашаратә ҵараиурҭеи Н.К. Крупскаиа лыхьӡ зху Ленинградтәи аҳәынҭқарратә акультуратә институти. Усҟантәи аамҭазы абиблиотека аусхк аганахьала аҵара змаз даараӡа имаҷын, аӡәы-ҩыџьа ракәымзар”, – иазгәеиҭеит Борис Ҷолариа.

Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа Кәыҵниаҧҳа 1961 шықәса инаркны абиблиотека аусзуҩык лаҳасабала Ареспубликатә библиотекаҿы аусура далагоит, иара убри ашықәсан дук хара имгакәа диаргоит ақыҭанхамҩатә литература аҟәшахьы, аҟәша еиҳабыс. 1978 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа Амилаҭтә библиотека аиҳабы ихаҭыҧуаҩыс дыҟоуп.

“Иҟоуп ауаа 60 шықәса рнаҩс тәанчара ицо, зусура аанзыжьуа, аха Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа лтәы ҳҳәозар, лџьатә усура, иаацқьаны 60 шықәсеи ҧшьымзи ирҭаӡоит”, – инаҵшьны иазгәеиҭеит Борис Ҷолариа.
Абиблиотека аиҳабы иажәақәа рыла, Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа лусура атәы иааркьаҿны алацәажәара мариам. Избан акәзар абиблиотека аусхк аҿы еснагь ауадаҩрақәа ыҟан, еиҳаракгьы уи финансла аиқәыршәара аганахьала, иҟалалон иахьынӡахәҭаз азҿлымҳара анарымҭоз, аха абиблиотека аҩнуҵҟатәи аусура аангылар ҟалозма, еиҳаракгьы аҭҵаарадырратә ҟәша! Убасҟан Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа еснагь знеишьа ҷыдак аалырҧшуан, аус еиҵалырхомызт: афонд аидкылара, ашьақәыргылара, асистематизациа азура уҳәа ирацәоуп абиблиотека иамоу ахатәы кәамаҵамақәа. Убарҭ зегьы лара илыллыршон, лыкәша-мыкәша игылаз ауаагьы лыцырхырааны. Асовет аамҭазы Москвантәи агәаҭарақәа рзы ианаауаз, зегь раҧхьаӡагьы Ареспубликатә библиотекахь акәын иахьымҩахыҵуаз. Араҟа аусура ишахәҭаз еиҧш еиҿкаан, Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа лҩызцәа аспециалистцәа ирыбзоураны, лара урҭ зегьы драҧхьагылан. Иуҳәар ҟалоит, Зоиа Кәыҵниаҧҳа Аҧсны Амилаҭтә библиотека ашьақәгылара аетапқәа зегьы дрылахәын ҳәа.

Аиубилеитә еиҧылараҿы иқәгылоз зегьы еицҿакны иазгәарҭон Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа ламысцқьалатәи лусура, лџьабаа, уаҩҧсык иаҳасабалагьы илылоу аамсҭашәара, лхы-лыҧсы дамеигӡакәа еснагь ауаҩы ицхыраара дшашьҭоу, лыҿҵаа шыбзиоу, ҟазшьала зегьы ргәы дшақәшәо.
Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа илыдныҳәалауа иқәгылеит лҩызцәа, лколлегацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа уҳәа аӡәырҩы. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟан: Очамчыратәи араионтә библиотекаҿы акыршықәса аус зухьоу Виолетта Иванба, Аҟәатәи араионтә библиотека аиҳабы Зина Сабекиа, Аҟәатәи ацентртә библиотекатә система аиҳабы Цинули Нанба, Аҟәатәи ахәыҷтәы библиотека аиҳабы Иулиа Еныкь, Аҟәа араион акультура аҟәша аиҳабы Емма Бобуа, Амилаҭтә библиотекаҿы уаанӡа аус зуаз Манона Бжьаниа, Амилаҭтә библиотека ашәҟәтәы фонд аиҳабы Ҭемыр Нанба, ашәҟәтәы фонд аусзуҩы, ажурналист Владимир Никонов, иара убасгьы Гәырам Амқәаб, Надежда Венедиктова, Гьаргь Акаба.

Иазгәаҭатәуп, аиубилиар илыдныҳәаларц имҩахыҵыз зегьы рнапы ҭацәны ишымнеиз, урҭ илырҭон аҳамҭақәа, илдыркуан ашәҭ шьыҵәрақәа. Зымҩа иаанымхеит иахьа аус лыцызуа лколлективгьы, урҭ иҟарҵеит аҳамҭа ҷыда – “80 шықәса шәыдаҳныҳәалоит” ҳәа зықәҩыз “ашәҟәы” (ачыс хаа).

Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа Кәыҵниа-ҧҳа шықәсырацәалатәи лџьабаа азгәарҭахьеит атәыла анапхгара. Хамеигӡарала лусуреи, лџьабааи, абиблиотекатә ус арҿиараҿы ллагалеи рзы иланашьан “Аҧснытәи АССР Зҽаҧсазтәыз абиблиотека аусзуҩы” ҳәа ахьӡ ҳаракы. 2009 шықәсазы илыхҵан “Аҧсны акультура Зҽаҧсазтәыз аусзуҩы” ҳәа ахьӡ. Аҧсны Ахада С.У. Багаҧшь иқәҵарала иланашьан Аҧсны иреиҳаӡоу Аҳәынҭқарратә ҳамҭа – “Ахьӡ-Аҧша” аорден III аҩаӡара.

Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа иахьа 80 шықәса дшырҭысызгьы, ааҧсарак ҟамҵакәа аус шылуц илуеит.
“Хынҩажәа шықәса инареиҳауп сара абиблиотека аусхк аҟны аус зуеижьҭеи, абиблиотека – ари аҩбатәи сыҩны исзаҩызахеит. Сџьабаа хәыҷык шаду еиҧш, иадуп сгәыбылрагьы”, – лҳәеит Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа лара ишылҟазшьоу еиҧш, ахӡыргара дашьҭамкәа.
Хараӡа илаҩсхьоу аамҭақәа азгәаҭауа, лџьатә мҩа даныҧшыланы иаци-иахьеи еиҿырҧшуа аиубилиар иазгәалҭеит:
“Ҳара уаанӡатәи ҳусушьеи иахьатәи ҳусушьеи зынӡа еидкылашьа рымаӡам. Избан акәзар аамҭа акыр ҧхьаҟа ицеит, уаанӡа ҳусура зегьы “ақьаадқәа” мацара ирыдҳәалазҭгьы, иахьа атехника ҿыцқәа, атехнологиақәа цәырҵит, иааит аинформациатә, акомпиутертә аамҭа. Ҳаргьы ҳусура маҷ-маҷ иҳаҧсахуеит, уахь ҳмиасыр ҟалом, аамҭа ҳҽақәыршәаны ҳцалароуп. Аха аҧхьаҟа ицәырҵлакгьы, ашәҟәы зыҧсахуа акгьы ҟалом”.

Аиубилеитә еиҧылара хыркәшан зегьы агәалаҟазаара ҳаракы рыманы, Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа лакәзар, такәаамҭа доурыжьуамызт: аӡәаӡәала илыдныҳәалон, дгәыдыркылон-дхыдыркылон, лнапаҿы илдыркуан ашәҭқәа.

Гәык-ҧсык ала илыдаҳныҳәалоит, ззанааҭ зыҧсҭазаароу Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа Кәыҵниаҧҳа 80 шықәса лхыҵра. Илзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, агәалаҟазаара бзиа, аҭынчра!

Алхас Чхамалиа

Last modified on Woensdag, 22 Ажьырныҳәа 2020 13:43

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика