© 2018 НАЦИОНАЛЬНАЯ БИБЛИОТЕКА РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ ИМ. И.Г. ПАПАСКИР |
384900, Республика Абхазия, г.Сухум, ул. Лакоба, д. 111 | All Rights Reserved. |
+7(840) 226-81-20 +7 (940) 925-81-80
NBRAAbch@mail.ru
Аамҭа ԥхьаҟа ицоит есымша, аангылашьа амам, аҿыцрақәа урыхьӡарц азы излаулшо ала ушьаҿақәа еихҳәаны уашьҭазаароуп. Иахьа XXI-тәи ашәышықәса ҳҭагылоуп атехника ҿиоит, ауаҩы аусура угәацԥыҳәо, уусура зырманшәало атехника аԥырҵоит. Абар Амилаҭтә библиотекаҿ стол цыԥхьаӡа акомпиутерқәа ықәгылоуп, ҳара аусзуҩцәа ирӷәӷәаны аус адаҳулоит аелектронтә библиотекатә база аҟаҵара. Ҳаԥхьаҩцәа рымаҵ аура ҳарласырц, иҳарманшәаларц. Иара ҳузуҩцәа, џьара рзанааҭ аҿы аӡәы иҵахо иҟам, рыпрофессионалистра наӡоит урыстәыла акәымкәан иара европагьы. 2017 шықәса ииун 1 азы Аԥсны Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥган анаука-практикатә конференциа «Амилаҭтә библиотека: аҿыцрақәеи ԥхьаҟатәи аҿиареи» захьӡыз аҿы ирыдгалан апроект «Еизаку амилаҭтә автоматизациатә абиблиотекатә система Аԥсны жәлар рымаҵ ауразы», урыстәылатәи абиблиотекақәа рԥышәа ашьаҭала. Ари апроект аԥҵара азкуп аԥсуа жәлар рҭоурыхтә мал аҵәахра, насгьы ирыхьчарц реинтеграциатә ҳәаақәа, иара убас ирыхьӡарц шьаҿа ӷәӷәала адунеизегьтәи атехналогиатә ҿыцрақәа. Хықәкы хадас иқәгылоуп аелектронтә база ашьақәыргылара. Аԥсны абиблиотекақәа зегьы еицхырааны еизаку аинфомациатә базааҟаҵара, Аԥсны аҩнуҵҟа мацара акәымкәан атәым ҳәынҭқаррақәа рахьгьы еимырдаларц аелектронтә метод ала. Аелектронтә ресурс ашьақәыргылараҟны еидгылароуп анаукатә абиблиотекақәа, Аԥсны аҵара ахьымҩаԥысуа аусбарҭатә библиотекақәа, акьыԥхьырҭатә ҭыԥқәа, амассатә информациатә хархәагақәа, архивқәа, амузеиқәа зегьы.
Иахьа Аԥсны абиблиотекақәа ауааԥсыра ирыдыргалартә иҟоуп иҿыцу аиформациа-сервистә цхыраара, аинтернеттә режим сисемала. Аелектронтә каталогтә база аԥҵароуп апроект хықәкы хадас иамоу. Уи аус аиҿкааразы акыр аԥхӡы каҭәатәуп. «Абиблиотекатә концепциала Аԥсны ауаажәларра рымаҵ аура 2025 шықәсанӡа» аҿы, Аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәеи, абиблиотекар специалистцәеи, апрограммистцәеи рзы, иҟазароуп рхықәкы анагӡаразы адокументқәа етапла иҩны. Иаҳҳәап: афинанстә цхыраара ҟазцоуи, апроцесс аиҿкаара знапы иануи, иара убас атехнологиа ҿыц азы аҭакԥхықәра здуи.
Абри аус зегь анагӡаразы ихымԥадатәиуп аспециалистцәа, Аԥсны иааны идзырҵаша. Уи зегь раԥхьаӡа игылоу етапуп абиблиотека електронтә база акаҭа аҟаҵара. Убри инадҳаланы 2017 шықәса август 3 рзы Аҟәа и. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотекаҟны иаартын ашкол иҿыцу анформациатә техногогиа авторси напхгаҩыси дамоуп Т. В. Кузнецова. Уи Урыстәылатәи академиа аҳәынҭқарратә маҵзура Урыстәылатәи Афедерациа Ахада аҩнуҵҟеи ихадароу абиблиотекақәа абиблиотекатә ус аспециалистцәа Маскәеи Санкт-Петербурги рҿы.
Раԥхьатәи асеминар азкын инарҵаулан абиблиотекатә программа «ИРБИС», уи ала Аԥсны аус руеижьҭеи акыр шықәса ҵуеит. Асеминар мҩаԥысуан август 3 инаркны 16-нӡа. Модероторс дыҟан Л. К. Гуннарович Санкт-Петербург акорпоротив каҭа анапхгаҩ хада. Аԥхьатәи амш ашкол аусура еиҿкаан астол гьежь ала, уа иалацәажәан И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аинформациатә-библиотекатә системаҿы автоматизациа зызу аихьӡарақәас иамоу, иарбан проблемақәоу ицәырҵуа, насгьы уи апроблема аӡбаразы иқәгылоу азҵаарақәа.
Ашкол анапхгаҩы Т. В. Кузнецова лҿаԥхьа иқәлыргылеит ахықәкы: апрограмма ИРБИС аҿы ирызцәырҵуаз азҵаарақәа рыӡбара, урҭ иагу-иабзоу еилкааны абиблиотека аусзуҩцәа зегьы апрограммала аус руа аҟаҵара.
Абиблиотекақәа рҿы еизаку аелектронтә системакны иҟаҵазар, уи аԥхьаҩ имаҵ аураҿы иманшәалахоит, насгьы аԥхьаҩ игәазыҳәара ирласны инагӡахоит. Насгьы иалкаатәуп, иаҳҳәап уажәы аԥхьаҩ игәаиҭарц илшоит ииҭаху ашәҟәы иарбан библиотекоу иахьыҟоу. Насгьы иҟалоит иара дааиаанӡа ашәҟәы аӡәгьы ирымҭарц аҳәара аиҵаргьы. Абас иухәаша узырҵоз акакәын ари ашкол. Иҵегь аԥхьаҟа иацҵахоит апроект.