Мшаҧы 24, 2024

ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АҾАРТӘ АРТ-ФЕСТИВАЛЬ "АМШЫН АԤШАҲӘАҾТӘИ АНЕИ-ААИРА"

Аҿартә арт-фестиваль «Амшын аԥшаҳәаҿтәи анеи-иааира» мҩаԥысуеит еиҳарак, еиҳарак збаҩхатәра аазырԥшырц, зҟазара Аԥсны иқәынхо ауааԥсыра идзырбарц агәаҳәара змоу аҿар зегьы рзы. Уи мҩаԥысуеит, иара убас, иахьатәи аҿар рҟазара ҳауаажәлари Аԥсны иаҭаауа асасцәеи рҟазареи аиҭарҿиареи апропогандеи рзуразы.

Ари – иаарту арт-фестиваль рхы аладырхәырц рылшоит арҿиаратә апроектқәа змоу ауааи ақалақьи ареспубликеи рҿы еиҿкаау арҿиаратә коллективқәеи. Апроект ҷыдала иаԥҵоуп амилаҭтә культура еиуеиԥшым ахырхарҭақәа ԥхьаҟа ргаразы. Уахь иԥхьаӡоуп: амузыка, атеатр, акәашара, акино, акультура, алитература, абиблиотека. Ари хазы хаз иҟоу аҟазаратә ҭыԥқәа еидызкыло акоуп. Тематика хаданы иԥхьаӡоуп амилаҭтә культура еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рӡыргареи зегьы еицырдыруа рыҟаҵареи. Аҭыԥқәа зегьы ирымазароуп зеиԥшыҟам рхатә антураж, иаарԥшхо амузыкала, акәашарала, атеатр аелементқәа, акино, афотоцәыргақәҵа, алитературатә квестқәа уҳәа уб.иҵ. рыла. Иаҭаауа сасцәа ирылшоит аконкурсқәа. Авикторинақәа, амастер-классқәа рҽаларҿәра.

АФЕСТИВАЛЬ АХЫҚӘКЫ

Амилаҭтә культура арҿиареи арӷәӷәареи аус аҿы зхатә инициативала акультура ацхыраара рызҭо ауаа рзы аҭагылазаашьеи иконфорттәу аусеицуреи аԥҵара ауп. Аҿартә фестиваль – ари артистцәа, асахьаҭыхыҩцәа, аусзуҩцәа, амузыкантцәа ҿарацәа рҟазара ԥхьаҟа ргаразы еиҿкаау проектуп. Урҭ афестиваль ирынаҭоит аләара рҟазара цәырганы аарԥшра.

АФЕСТИВАЛЬ АХЫҚӘКЫ ХАДАҚӘЕИ АҲАСАБТӘҚӘЕИ:

- аҿар рҟазара ацхыраара аҭара, арҿиара;

- ақалақь аҿы акультуратә ԥсшьара аиҿкаареи аԥсшьараамҭа гәахәарыла амҩаԥгареи еиҳа иахьанаало аҭыԥ ауаа радԥхьалара;

- амилаҭтә культуреи аҟазареи раларҵәара Аԥсны иқәынхо ажәлар рзеиԥш интерректуалтә ҩаӡара аизырҳара;

- аҟазара злоу аҿари арҿиаратә гәыԥқәеи рырҿиаратә идеиақәа рынагӡаразы аҭагылазаашьақәа рзаԥҵара;

- ашәҟәыԥхьара аларҵәараз апрограммақәа, ахархәага ҿыцқәа реиқәыршәареи рынагӡареи.

Афестиваль аҿы имҩаԥгахоит конкурсқәа, иалкаахоит ииааизи алауриатцәеи еиуеиԥшым аноменациақәа рыла:

  1. Иреиӷьу апоет қәыԥш.
  2. Иреиӷьу ҿырҳәалатәи аԥхьаҩ (апоезиа, апроза).
  3. Иреиӷьу ашәа (иколлективтәуи ихаҭалатәуи).
  4. Иреиӷьу акәашара (иколлективтәуи ихаҭалатәуи).
  5. Иреиӷьу амоделиер, иреиӷьу акостиум, иреиӷьу аколлекциа.
  6. Иреиӷьу асахьаҭыхыҩ қәыԥш (аҿыханҵа, аграфика, акерамика, аинсталлиациа).
  7. Иреиӷьу жәлартә напҟаза.
  8. Иреиӷьу абзиарҿиаҩ.
  9. Иреиӷьу ашколқәранӡатәи аусҳәарҭа.
Last modified on Dinsdag, 16 Жьҭаара 2018 11:22

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика