Лаҵара 08, 2024

АԤХЬАРҬАТӘ ЗАЛ

И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә билилотекаҿы аԥхьарҭатә зал зегь реиҳа аԥхьаҩцәеи, аҩызцәеи, асацәеи зҭаауа ҟәшоуп. Ара иуԥылоит аҵаҩцәа, астудентцәа, арҵаҩцәа, аҵарауаа, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рызҟазацәа, хыԥхьаӡара рацәала аԥснытәи ашәҟәыбзиабаҩцәа, араҟа ирымоуп алшара аԥхьаҩ ииҭаху аҭыжьымҭа, алитература ԥшааны идгалара. Иазыхиоуп гәыкала аԥхьаҩ имаҵ аура, аха аҭыԥ аҟны ихы иаирхәароуп, аҩныҟа агара азин рымаӡам. Аԥхьарҭатә зал аҟны иаԥҵоуп аҭагылазаашьа бзиа, аԥхьаҩ дтәаны аус иуртә, даԥхьартә еиԥш. Аԥхьаҩ дарбанзаалак, ихыҵуазаалак ԥкыра амам, уи имаҵи игәаҳәареи нарыгӡоит. Аинформациатә ресурс беиоуп, иара убас аинтернет ухы иаурхәартә аҭагылазаашьа ыҟоуп. Афонд ахьчара иацклаԥшуеит аҟәша аусзуҩцәа. Аԥхьарҭатә зал афонд наӡоит 45639 нызқь рҟынӡа екземплиар.

Rate this item
(0 votes)

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика