© 2018 НАЦИОНАЛЬНАЯ БИБЛИОТЕКА РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ ИМ. И.Г. ПАПАСКИР |
384900, Республика Абхазия, г.Сухум, ул. Лакоба, д. 111 | All Rights Reserved. |
+7(840) 226-81-20 +7 (940) 925-81-80
NBRAAbch@mail.ru
Ашәҟәытә палата аҟәша аусзуҩы.
Даниз ашықәс, дахьиз: 1965 шықәса Лаҵарамза 24 рзы Очамчыра араион Беслахә ақыҭан.
Иреиҳау аҵара: далгахьеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, афилологиатә факультет, аԥсуа бызшәеи алитературеи азанааҭ ала.
Аџьатә мҩа: 1989-1994 шықәсқәа рзы аус луан аԥсуа бызшәеи алитературеи рҵаҩыс. 1994-1998 шықәсқәа аус луан Аԥсны аҳауагәаҭарҭатә станциаҿ. 1999 шықәса инаркны 2007 шықәсанӡа Амилаҭтә библиотекаҿы, абиблиотекар хадас амилаҭтә литература аҟәшаҿы. 2007 шықәса раахыс абиблиотекар хадас ашәҟәытә палата аҟәшаҿы.
Аҭҵаарадырратә зҿлымҳарақәа реикәшара: еиқәлыршәеит, аԥсуа критик Р. Қапба 70-шықәса ихыҵра иазку абиблиотграфиатә рбагеи, Аԥсны жәлар рпоет Б. Шьынқәба 90-шықәса ихыҵра иазку абиблиографиатә рбагеи. Амилаҭтә библиотека 90-шықәса ахыҵразы еиқәдыршәаз абуклет аиқәыршәара далахәын. 2005 шықәса раахыс есышықәса иҭыҵуа «Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар» аиҭалгара лнапы алакуп.
Атәым бызшәақәа рдырра: анемец бызшәеи англыз бызшәеи (ажәар лыцырхырааны).
Аҭаацәаратә ҭагылазаашьа: длымоуп аԥа, ҩыџьа амоҭацәа драндууп.
Selfies labore, leggings cupidatat sunt taxidermy umami fanny pack typewriter hoodie art party voluptate. Listicle meditation paleo, drinking vinegar sint direct trade.
www.themewinter.com