Мшаҧы 25, 2024

VI Жәларбжьаратәи аҿартә Арт-фестиваль «Амшын аԥшаҳәаҿтәи анеи-ааира» аԥҟара

Жәларбжьаратәи аҿартә Арт-фестиваль, ари акыр шықәса АУ «И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека» еиҿнакаауа итрадициатәхаз ауаажәларратә арезонанс зауз ауааԥсыра адгылара зырҭаз акультура-массатә усмҩаԥгатәуп.

Афестиваль мҩаԥысуеижьҭеи ишьақәгылеит итрадициатәу аформақәа, ақәкы хадақәеи ауснагӡатәқәеи рынагӡаразы аметодқәа. Урҭ зегьы аанхоит ԥсахрада.

2018-тәи аҿартә Арт-фестиваль азы иҷыдарахеит аԥсуа жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иргаз Аиааира 25 шықәсеи, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра Урыстәылатәи Афедерациа азханаҵеижьҭеи 10 шықәса ахыҵреи рызгәаҭара иахьақәшәаз.

Убри инамаданы, афестиваль аҭыԥқәа русура азкхоит аԥсуа жәлар рыԥсадгьыл ахьчаразы рықәԥара аан иаадырԥшыз афырхаҵара атема: апатриотизм рылааӡара, аԥсуа жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҭоурых, иҭахази зыԥсы ҭаны иаанхази афырхацәа ргәалашәара, иара убас Ихьыԥшым Аԥсуа Ҳәынҭқарреи Урыстәылеи ҳаамҭазтәи рҭоурых. Афестиваль аҿы иалхыу атематика ала иқәгылоит арҿиаратә коллективқәеи, хаҭалатәи анагӡаҩцәеи.

Афестиваль рхы аладырхәуеит аԥсуа жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа, еиуеиԥшым ауаажәларратә еиҿкаарақәа. Урҭ рпрограммақәа хықәкыс ирымоуп арратә-патриотизми аинтернационализми изызҳауа аҿар рылааӡара.

Хыхь иазгәаҳҭаз атематика арбахоит Арт-фестиваль аҭыԥқәа реиқәыршәараҿы, атрибутикаҿы. Афестиваль рхы аладырхәуеит иара убас аҳәаанырцәтәи алахәылацәа: Нхыҵ-Кавказ, Краснодартәи атәылаҿацә, Урыстәылатәи Афедерациа егьырҭ арегионқәа рҟынтәи. Традициала ари Арт-фестиваль есышықәса зхы алазырхәуа, еиҳарак абиблиотекатә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа роуп.  

Арт-фестиваль рхы аладырхәуеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедерациа иатәу аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи аструктурақәагьы.

Афестиваль имҩаԥнаго ауснагӡатәқәа зегьы рызкуп абарҭ аидеиа хадақәа рынагӡара: ашәҟәы аԥхьара апропаганда азура, аҟазаратә ҷыдарақәа ралкаара, аҿар рдыррақәа реизырҳара, рырҭбаара. Ари аидеиа аларҵәаразы еиднакылоит Аԥсны иқәынхо ауааԥсыра реиԥш, ҳтәыла иаҭаауа асасцәагьы, қәрала еилых ҟамҵакәа.

Афестиваль алахәылацәа зегьы ирымоуп алшара рҟазара аарԥшра, ҳаамҭазтәи Аԥсны акультуреи аҟазареи аҿы иҟоу аихьӡарақәа. Ари ақәкы анагӡаразы Арт-фестиваль иаднаԥхьалоит аҳәынҭқарратә акультуратә усбарҭақәа, аҟазара азҟазацәа, апрофессионалтәи, ахаԥшьгаратәи аҟазаратә коллективқәа, аҵаратә усбарҭақәа, ауаажәларратә еидҵарақәа. Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны алахәылацәа зегьы ироуеит алшара рҟазаратә ҟыбаҩ аарԥшра.

Афестиваль мҩаԥысуеижьҭеи асоциалтә уаажәларраҿы иаиуит аҵак ду, иаларшахеит еиуеиԥшым аҟазаратә коллективқәеи хаҭалатәи анагӡаҩцәеи аудиториеи реимадара, аԥхьаҩцәа рхыԥхьаӡара аизырҳара, ашәҟәы ахь абзиабара архынҳәра.

Афестиваль еиҿкааҩцәаси мҩаԥгаҩцәаси иамоуп И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека анапхгареи уи аусзуҩцәеи.

Арт-фестиваль аусура азеиԥш ҳәынҭқарратә ҵаки Жәларбжьаратәи астатуси  ахьамоу инамаданы, уи амҩаԥгаразы еиқәыршәахоит аиҿкааратә комитет.

Амҩаԥгара арыцхә: VI Жәларбжьаратәи Арт-фестиваль «Амшын аԥшаҳәаҿтәи анеи-ааира» цәыббра 25, 2018 ш.

Амҩаԥгара аҭыӡҭыԥ: И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭ библиотека ахыбреи уи азааигәареи.

Амҩаԥгара аамҭа: 12:00-21:00.

Last modified on Dinsdag, 16 Жьҭаара 2018 11:29

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика