Лаҵара 06, 2024

Ақәра рацәа нызҵыз рфотоцәыргақәҵа

Хәажәкыр 27, 2016 494

85 шықәса зхыҵуа акомпозитор, Кәасҭа Ченгелиа ииубилеитә шықәса иазкны, март 27 рзы Аҟәа И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы иаартуп ақәра рацәа нызҵыз рфотоцәыргақәҵа. Афотоцәыргақәҵаҿы иҟан 100 инареиҳаны ақәра рацәа нызҵыз рфосахьақәа, раԥхаӡа акәны ауаа ирбазгьы ыҟоуп, лҳәеит ацәыргақәҵа еиҿызкааз археолог Наталиа Милованова. Ас, еиԥш аиҿкаара азылкит акомпозитор, ансамбыль «Нарҭаа» напхгаҩыс иамаз Кәасҭа Ченгелиа, март 27 рзы ииубилеи азгәаҭара арыцхә. Афотосахьақәа рыԥшаараҿы ацхыраара ду сырҭеит Гәдауҭеи Аҟәеи рмузеиқәеи, Аԥсны жәлар рҟазаратә центр русзуҩцәеи, иара убас ақәра рацәа нызҵыз рҭаацәеи, лҳәоит аиҿкааҩ. Афотосахьақәа рмотериал еиҳарак ансамбль «Нарҭаа» ирызкыз лиҭеит, ԥыхьа Аԥсны аминистр культура ихаҭыԥуаҩыс иҟаз Шота Абутиӡе, иахьагьы Аҟәа инхоу. Афотоцәыргақәҵаҿ иқәыргылахо абжа ҭыхуп 1947 шықәсаанӡа, уа иубоит акыр шықәса зхыҵуа аҭаҳмадцәа, аҩбатәи ахәҭа рызкуп «Ахьтәы павлин» иаԥсахаз ансамбль «Нарҭаа», жәабаҟа фотосахьа рызкуп иахьа Аԥсны иҳамоу ақәра ду нызҵхьоу ауаа. Ацәыргақәҵа аартуп мшаԥымза жәабанӡа. Аинтерес змоу зегьы ижәбарц шәылшоит И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аҩбатәи аихагылаҿы.   

Last modified on Maandag, 15 Жьҭаара 2018 15:44

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика