Лаҵара 05, 2024

Ҭамара Иван-иԥҳа Коӷониа лԥылара Амилаҭтә библиотекаҿы

87 шықәса зхыҵуа Ҭамара Иван-иԥҳа Коӷониа лԥылара мҩаԥган маи 2 рзы, И. Гь. Папсақьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы. Уи еиҿылкааит ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа. Арахь имҩахыҵит Ҭамара лҩызцәа, лҭынхацәа пату лықәызҵо ауаа зегьы. Уи дырҵаҩын, дҿырԥшыган, аҵарадырра ашьҭыхраҿы даара лџьабаа рацәоуп. Ҭамара лықәгылараҿ ҭабуп ҳәа раҳәо еизаз зегьы, убас лҳәеит аҿар рахь лхы нырханы - «Исҭахуп, аԥсҭазаара лаша, аԥеиԥш бзиа шәоурц, Аԥсны ԥшӡахарц, ишәҭларц, икакаҷхарц...» ҳәа.

Адунеи азна деигәырӷьеит дахьыргәалашәаз лџьабаа ахьырхамышҭыз, ахә ахьыршьаз. «Ауаҩы игәы аҟаҵара уамак аҭахым... Лыԥсҭазаара шәықәсқәак ацаҳҵеит» - лҳәеит, Бебиа Екатерина Гьаргь-иԥҳа.   

Last modified on Dinsdag, 16 Жьҭаара 2018 11:15

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика