Лаҵара 05, 2024

Аӡҩыбжьатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа Амилаҭтә библиотекаҿы

Очамчыра араион Аӡҩыбжьатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа аҭааит И. Гь. Папсқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека. Урҭ шаауаз заа адырра ҳарҭахьан, ҳарзыԥшын ирԥыларан иҟаз ауаҩгьы дааҳаԥхьахьан. Иааиран иҟаз асасцәа абиблиотека аԥхьарҭатә зал аҟны ашәҟәқәа еизганы рҭыԥқәа рхианы ирзыԥшын, аусзуҩцәа. Ара аҵаҩцәа рыблала ирбараны иҟоу ашәҟәқәа рыдагьы, ирыман аҭагылазаашьа аинтернет ахархәара, иара убас ирыԥшаарц рылшон ҳаилектронтә базала ргәы ззыҳәоз ашәҟәқәа.

Иахьа даҽа аамҭанык еиԥшымкәан еиҵагыло аҿар ирылааӡатәуп: апатротизмра, аԥсуара, аламыс, апату... Уи дырбатәуп ухатә ҿырԥштәыла, мамзаргьы ажәлар рҿы даара ҳаҭыр зқәу ауаҩы иҿыԥшроуп. Убри азы иахьатәи ҳасасцәа дырԥыларц ааԥхьара иаҳҭеит Даур Латариа. Уи ахәыҷқәа ирзеиҭеиҳәеит аԥсуара атрадициақәа, уи иамоу амч, ҭоурыхла Аԥсны иахҭнагахьоу, аԥсуа дахьыҟазаалакгьы дшаԥсыуоу шихамышҭыша атәы. Ахәыҷқәа рыблақәа ҭырхаха уи изыӡырҩуан акы реишәарҳәа ишәаны. Апериодика аҟәшаҿы аҵаҩцәа еихдыршәшәеит аҭоурыхтә бӷьыцқәа, ирбеит рабдуцәеи рандуцәеи зыԥхьоз аԥсуа газеҭқәа, ажурналқәа зеиԥшраз.

Гәаларшәагас...

Зны-зынла аԥсҭазаараҟны угәы зырԥхо акоуп агәалашәара. Иахьа иаҳҭаз аҿар рыԥсҭазаараҿ иақәшәар ҟалоит, убас еиԥш ахҭысқәак ианрықәшәо ргәаҳәаразы аинтересқәа рыхьчарц, ауаҩы изҳацыԥхьаӡа зны дкаҳауеит, азны дгылоит, ихәыцрақәа, ихшыҩзцарақәа ирызҳауеит. Хымԥада урҭ еиуеиԥшым ахҭысқәеи аиааирақәеи рзыԥшуп. Ҳара урҭ ирзеиӷьаҳшьап рыԥсҭазаараҿ аманшәалара, аҵараҿы ақәҿиара дуқәа, Аԥсны иаҵеицәа иашаны ихьӡырҳәагахарц.  

Last modified on Dinsdag, 16 Жьҭаара 2018 11:28

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика