Лаҵара 06, 2024

Арт-фестиваль - аиубилеитә шықәс

Арт-фестиваль - аиубилеитә шықәс.

«Амшын аԥшаҳәаҿтәи анеи-ааира» захьӡу Жәларбжьаратәи Арт-фестиваль - сынтәа хә-шықәсоуп ас еиԥш иҟоу афестиваль мҩаԥыргоижьҭеи. Иара еиҿыркааит АУ И. Гь. Папсқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаи Аԥсны Аҳәынҭқарра акультуреи аҭоурыхтә ҭынха ахьчареи рминистрреи.

Афестиваль амҩаԥгара ҵакы хадас иамоуп ашәҟәы аларҵәара, аҿар ашәҟәы аԥхьара радԥхьалара, ашәҟәы агәыблра дыркра. Сынтәатәи аиубилеитә фестиваль еиҿкаан Амилаҭтә библиотека ахыбраҿы, адәахьы акәша-мыкәша. Еиҿкаан еиуеиԥшымыз акультуреи, аҟазареи, амилаҭ напҟазареи уҳәа рҭыԥқәа. Иаҳҳәап: алитературеи абиблиотекаи рҭыԥ, ахәыҷтәы ҟәша аҭыԥ, арҵага шәыҟәқәа рҭыԥ, зыԥсы ҭоу ажәа аҭыԥ, амузеи аҭыԥ, лаԥшылатәи аҟазареи амилаҭтә напҟазареи рҭыԥ, амилаҭқәа рхеилакқәа рҭыԥ, аспорт аҭыԥ, брен штормигн аҭыԥ, асцена хада. Уи асценаҿы идырбан амода, акәашара, ашәаҳәара, ажәеинраала аԥхьара, Аԥсны ахи аҵыхәеи араионқәа рҟынтәи зыпрограммақәа рыман иааз зҟазара ддырбарц. Ишаҳҳәаз еиԥш афестиваль ихадароу принципс иамоу аҟазаратә коллективқәеи агәаҳәара змоу зегьы рхы алархәра алшара рыҭара ауп.

Амилаҭтә библиотека иаҭааит сынтәатәи V-тәи аиубилеитә Жәларбжьаратәи Арт-фестиваль рҽаладырхәырц асасцәа Краснодартәи атәылаҿацә аҿартә библиотека И. Ф. Варрава ихьӡ зху аҟынтәи.

Иара ишаԥу еиԥш, V-тәи Жәларбжьаратәи Арт-фестиваль ааиртит асааҭ 1:00 азы Амилаҭтә библиотека ахада Борис Ҷолариа. Уи дазааҭгылеит афестиваль ахықәкы, уи аҿиара шыҟалаз, насгьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатә аиҿкаараҿы ацхыраара ҟазҵаз зегьы. Ашьҭахь ажәа лыман Аԥсны Аҳәынҭқарра акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра ахантәаҩы Ельвира Арсалиаԥҳа. Иара убас ажәахә лыман, Краснодартәи атәылаҿацә аҿартә библиотека И. Ф. Варрава ихьӡ хзу адиректор ихаҭыԥуаҩ, уҳәа егь.

Ажәахәқәа ианрылга, иаартын аҭыԥ хадақәа зегьы. Абиблиотека аҩнуҵҟа аԥшьбатәи аихагылаҿы Амилаҭтә литература аҟәшаҿы имҩаԥган «Зыԥсы ҭоу ажәа» ҳәа захьӡыз аҭыԥ, уа еиҿкаан ашәҟәыҩҩцәа реиԥылара, аҿарацәа рхатәы  ражәеинраалақәа ирыԥхьеит, иара убас ажәабжь кьаҿқәеи афоризмқәеи рыҩра ҿыц знапалазкызгьы ыҟан. Урҭ зегьы гәаларшәагас аҳамҭақәеи аграмотақәеи рыҭан.

Аконцерттә программа атәы ҳҳәозар... V-тәи аиубилеитә Жәларбжьаратәи аҿартә Арт-фестиваль аконцерттә программа аадыртит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Циала Ҷкадуа напхгара зылҭо ахәыҷтәы хориографиатә ансамбль «Абаза». Идырбан араионқәа рҟынтәи иааз ахаԥшьгартә гәыԥқәа рҟазара, ажәеинраалақәа рыԥхьара. Иазгәаҭатәуп, ара ажәлар зыршынхаз акәны иҟалаз, амоделиер Мака Кочал-иԥа лцәыргақәҵатә цәамаҭәа, ахәыҷқәа ирышәҵаны идырбаз. Аконцерттә программа хыркәшан К. Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынтқарратә музыкатә училишьа ашәаҳәаҩцәа рашәаҳәарала.

V-тәи Жәларбжьаратәи аҿартә Арт-фестиваль «Амшын аԥшаҳәаҿтәи анаи-ааира» хыркәшан асааҭ 20:00 рзы, «Аиааира» ашәа ала.

 

Last modified on Maandag, 22 Жьҭаара 2018 15:35

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика