Лаҵара 05, 2024

«АБИБЛИОҴХЫ-2018!»

И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека сынтәа ҩышықәсоуп имҩаԥнагоижьҭеи асоциокультуратә акциа «Абиблиоҵхы» («Библионочь»). Акциа дивизс иаман «Ара ухшыҩ ззушьҭыша акыр шәзыԥшуп, абаҩхатәра аарԥшраҿ ашәҟәы маҭәахәуп» ҳәа. Ҳара хықәкыс иҳаман ашәҟәы аԥхьара ажәлар рыларҵәара, аҿар абиблиотекахь рхьарԥшра. Ажәытә ишыҟаз еиԥш, абиблиотека аԥхьаҩцәа рацәаҩхарац. Избанзар, аинтернет иахнаго рацәаҩхеит, абиблиотка зымҩа ирхашҭит. Убри инамаданы Амилаҭтә библиотека аусзуҩцәа, ҳхада Борис Ҷолариа раԥхьа днаргылан еиҿаҳкаауеит еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа, есымша ҳазҿлымҳауп аҿыцрақәа, ауаа абиблиотека иадзыԥхьалаша.

Абиблио ҵхы амҩаԥысшьа...

Амшаԥы 23 рзы ашьыжь асааҭ 10 инаркны «Абиблиоҵхы» амҩаԥгаразы иаартын абиблиотека аҩнашәқәа. Ара еихагыла цыԥхьаӡа узыршанхашаз аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуан. Актәи аихагылаҿы еиҿкаан «Ахәыҷқәа рҭыԥ». Уа иҟан ашәҟәытә цәыргақәҵа «Адунеиаҿ ажәларқәа зегь рлакәқәа», уи аганаҿ иавагылан «Буккроссинг» - аԥхьаҩ игәаԥхаз ашәҟәы аашьҭыхны аҩныҟа игарц, даԥхьарц алшара иман, иазгәасҭарц сҭахуп ари ашәҟәықәыргыларҭа ашьыжь инаркны ауха асааҭ 11-нӡа аантәы иҳарҭәит шәҟәыла, хышә шәҟәы инарзынаԥшуа еилаҳаны иргеит ауаа. Ахәыҷтәы ҭыԥ хыԥхьаӡара рацәала иаҭааит Аҟәатәи ашкол хәыҷқәа №3, №4, №7, №8, №9, №13, №14 ашколқәа 5-6-тәи аклассқәа рҿы итәоу. Иара убас ахәҷқәа идырбан амультфильмқәа жәаба. Акциахь ааԥхьара рыман Цандрыԥшь ақыҭантәи ахәыҷтәы акьанџьатә театр, урҭ инарыгӡеит аспектакль «Бжь-мшынрнырцә аҳра». Уи ашьҭахь ахәҷқәа ирзеиҿкаан аниматорцәа имҩаԥыргоз аусмҩаԥгатәқәа, уа изҭахыз ахәҷқәа рхырҿқәа ршәуан, ахәмаррақәа мҩаԥган.

Аҩбатәи аихагыла

Араҟа еиҿкаан Ажәытәтәи Аҟәа ахаҿра аазырԥшуа афотосахьақәа рцәыргақәҵа Анзор Агәмаа ирхьив аҟынтәи, уи ацәыргақәҵа аҟаҵаразы ацхыраара ҳарҭеит Аминистрра акультура аҟынтәи урҭ иҭабуп ҳәагь раҳҳәоит. Насгьы ицәыргақәҵан, иара убас еиуеиԥшым амаҭәарқәа ажәытәан рхы иадырхәоз. Ишыжәдыруа еиԥш, сынтәа зныкымкәа ҩынтәымкәа Аԥсны иаахьаз аурыс шәҟәыҩҩы М. Горки 150-шықәа ихыҵит, убри инамаданы Аӡҩыбжьатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа рықәгыларала идырбан аспектакль М. Горки иҩымҭа «Данко». Уи ашьҭахь ара еиҿкаан артистцәа рықәгылара, еиҳарак аџази, арок шәаҳәаҩцәеи, агитара арҳәаҩцәа, абарабан асыҩцәа рыла.

Ахԥатәи аихагыла

Ахԥатәи аихагылаҿы акинои аспорти рҭыԥ акәын. Акино зал аҟны идырбаны «Максим Горки» изкны аочерк Абаза ателехәаԥшра иҭнахыз. Аҽны уи афильм 9-нтәы идырбан, насгьы ахәыҷқәа афильм ахәаԥшра иҩналаанӡа М. Горки иажәеинраалақәа ирыԥхьон. Асааҭ фба рзы идырбан М. Лакрба иновеллақәа ирылхкны иҭыху афильмқәа быжьба. Уи афильм ҳарбаразы ацхыраара ҳарҭеит амобилтә еимадара Амобаил, иҭабуп иҳарҭаз адгыларазы. Убысҟак иргәаԥхеит ажәлар иҩныҵуамызт акино зал, уи ҭәын, аҭыԥ змоукәа игылан иахәаԥшуазгьы рацәаҩын, афильм ҩынтә идырбан ицон ахәылбыҽха асааҭ 6-инаркны уахынла асааҭ 11-нӡа. Насгьы ара еиҿкаан аспорт аҭыԥгьы, иҟан ашахмат, аԥкьаҭымпыл асрала аамҭа хьырхыргашаз. Иара убас Аҟәатәи асахьаҭыхратә училшьа аҟынтәи иҟан анапҟазаҩцәа, урҭ рнапкымҭақәа цәырыргеит.

Аԥшьбатәи аихагыла, Амилаҭтә библиотека агәеисырҭа… Ари аихагылаҿы иҟоуп амилаҭтә литература аҟәша. Темасгьы ишьҭыхын «Аԥсуара ашьаҭақәа», ицәыргақәҵан аԥсуара иазку ашәҟәқәа, аԥсуа маркақәа аԥошьҭа иҭнажьуаз Аԥсны ауаа дырыҩцәа ирызкны, иара убас аԥсуа иашҭа ҳзырбо Викториа Оҭырԥҳа лнапкымҭа ацәыргақәҵа. Имҩаԥган: ашкол ахәыҷқәа ажәеинраалақәа рыԥхьара,  урҭ еиҿыркааз асценкақәа рықәыргылара, Амодалиер Мака Кочал-Иԥа лнапҟазара ҳзырбо аԥсуа маҭәақәа ахәыҷқәа рынагӡарала. Есымша ацхыраара ҳазҭо, иҳавагылоу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟнытәи Владими Платон-иԥа Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа литература акабинет напхгара азҭо Ахра Анқәаб истудентцәеи иареи ҳҭан, урҭ ирыԥхьеит ажәеинраалақәа, Аԥсны Жәлар рартист Роза Чамагәуа напхгара зылҭо ансамбль «Гәында» ашәақәа ҳзырҳәеит, иара убас Тҟәарчалтәи атеатр актиор Нур Аџьынџьал иаҳирбеит арччарху мениатиурақәа.

Аицлабра...

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҟәшеи ажурналистика аҟәшаҿы итәоу астудентцәа рыбжьара еиҿкаан аицлабра. Аицлабра иахьӡын «Аԥсуара астудент иблала». Аицлабра хықәкыс иаман, дасу игәаанагарала Аԥсуара иазкны аессе аҩра. Изҩыз рыхьыӡқәа ҳаздырӡомызт, рбагас ирыман ацифрақәа. Аицлабра иаман 3-ҭыԥк: актәи, аҩбатәи, ахԥатәи. Актәи аҭыԥ згаз азин иоухеит шықәсык Амилаҭтә библиотекаҿы хәыда-ԥсада ииҭаху алитература ихы иаирхәаларц, иара убас аинтернетгьы налаҵаны, аҩбатәи аҭыԥ иаԥсахаз хәыда-ԥада аинтернет ихы архәара, ахԥатәи аҭыԥ уи асахьаркыратә литературатә шәҟәқәа хәыда-ԥсада ихы иаирхәарц аҭагылазаашьа иоуит.

Аӡбаҩцәас иҟан Инна Ҳаџьымԥҳа, Альбина Амқәабԥҳа, Дырмит Габалиа.

Актәи аҭыԥ даԥсахеит Аинар Ҷыҭанаа, аҩбатәи Кәарацхьелиа Сариа, ахԥатәи Алиса Инаԥшьԥҳа.

Ахыркәшара гәырӷьарыла...

Ари аҽны абиблиотекахь имҩахыҵит 4-нызқьҩык инарзынаԥшуа ауаа, ашәҟәы рыҽҭарҩит аашә-ҩык.

«Абиблиоҵхы» Амилаҭтә библиотекаҿы ихыркәшан «Фаер шоу» ҳәа изышьҭоу «Амца алахәмарра» ала.

Иҭабуп адгылара ҳазҭаз зегьы. Шәымҩахыҵла абиблиотекахь ҳара ҳахоуп шәымаҵ ауразы.

 

Last modified on Dinsdag, 16 Жьҭаара 2018 11:32

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика