Лаҵара 05, 2024

Аслан Нанба инапкымҭатә цәыргақәҵа абиблиотекаҿы

Мшаԥымза 26 рзы Аԥсны Амилаҭтә библиотекаҿы иаартын, Аԥсны еицырдыруа акыцтә сахьаҭыхҩы Аслан Нанба инапкымҭатә цәыргақәҵа. Арахь имҩахыҵит аминистр культура ихаҭыԥуаҩ Беслан Ӷәырџьуа, аҟазара аусзуҩцәа, иара убас ауаа аҟазара абзиабаҩцәа, иҩызцәа, иҭынхацәа. Аусмҩаԥгатә ааиртит Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа. Уи далацәажәеит: - «Аслан Нанба инапкымҭақәа реиԥшымзаара, иҟазара аҵаулара. Уи ҟазарыла аус рыдулоит анышәаԥшь, аиха, амҿы… Насгьы уи ауаҩы цқьа, иԥсадгьыл дапатриотуп» ҳәа азгәеиҭеит Борис Шьаликәа-иԥа. Иақәыԥ Лакоба иазгәеиҭеит, «Аслан Нанба иусумҭақәа рыла иубоит ихы дшақәиҭу, инапкымҭақәа ирнубаалоит дахӡыӡааны иус шрыдиуло».

Амилаҭтә библиотекаҿы ацәыргатә усумҭақәа шәбарц шәылшоит лаҵарамза хԥанӡа.

Last modified on Dinsdag, 16 Жьҭаара 2018 11:33

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика