Мшаҧы 28, 2024

Кәымф Ломиа диижьҭеи 90 шықәса аҵра

Лаҵарамза 3 рзы И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Абиблиотекаҟны имҩаԥган апоет, аиҭагаҩ, апублицист Кәымф Ломиа диижьҭеи 90 шықәса аҵра иазкыз ахәылԥаз. Ахәылԥаз еиҿкаан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥшьгарала, уи адгылара арҭеит Амилаҭтә библиотека аусзуҩцәеи, Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратә школ арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи. Аиубилеитә хәылԥазы ахь имҩахыҵит ашәҟәыҩҩцәа, апоет иҭынхацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, ашкол хәыҷқәа. Абаҩхатәра ссир змаз икалам иҵыҵыз иҩымҭа ссирқәа рҿы дыззышәаҳәо аԥсадгьыли аԥсуа жәлари ртема ауп. Зыжәлар рхьааи ргәырҩеи рыцеиҩызшоз, ианакәзаалакгьы рыгәҭа игылаз, рыуаҩреи рфырхаҵареи, иреиӷьӡоу ацәаҳәақәа рзызкыз, згәы ҭыӷьӷьааны Аԥсни уи ажәлари ашәа рзызкыз поетын Кәымф Ломиа. Уи иажәеинраалақәа рсахьаркыратә гьама ҳаракуп, аԥхьаҩ игәы аҟынӡа инаӡоит. Иҩымҭақәа еиҭагоуп егьырҭ атәым бызшәақәа рахьгьы. Уи Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылаҿы 27 шықәса инеиԥынкыланы амаҵ азиуит аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩыс. Аԥсны мацара акәымкәан анҭыҵгьы алитературатә еимадарақәа реиҿкааразы кыр аус азиуан. 

Аҩызцәа ражәа…

Иҩызцәа дыргәаларшәо иалацәажәеит ирҿиареи иԥсҭазааратә мҩеи. Анатоли Лагәлаа ашәҟәыҩҩы дигәаларшәо иҳәеит: «Кәымф Ломиа иаҟара зхы зыԥсы ақәҵаны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгылаҟны аус зухьоу дмаҷуп, дпоет иашаҵәҟьан, иҩымҭақәа даара ахә ӷәӷәаны иушьартә иҟоуп, аԥсуа литература бзиа ибон, аԥсуа литераторцәа еиҳарак иахьнеиуаз афареи ажәреи аҩымҭақәеи иахьрылацәажәоз уи иҩнаҭакәын, ачеиџьыка бзиа иман. Ушьҭахь иааиуа уара ихуҵаз ацҳа игәырӷьан иқәлартә ианыҟауҵа, уара уакәзаап ахаан имиасуа анасыԥ зцу» ҳәа уи иажәа хиркәшеит.

Алықьса Гогәуа иқәыгараҿ дазааҭгылеит «Кәымф Ломиа ажәлар рҭоурых, рлитература аҭоурых, аԥсҭазаараҟны зегь раԥхьа иргылон, иара ҟазшьас иман егьа рҳәаргьы аӡәы ииҳәо дашьҭалан ҟалашьак амамызт, дақәӡуазаргьы ишиҭахыз игәы ишаанагоз ашәҟәы ианиҵар акәын» ҳәа.

Ахәылԥаз иалахәыз аԥшьбатәи ашкол аҵаҩцәа иаздырхиаз апрограмма мҩаԥган, урҭ инеимда-ааимдо Кәымф Ломиа иажәеинраалақәа ирыԥхьеит, ашәақәа рҳәеит, икәашеит.

Ахәылԥаз ахыркәшамҭаз Геннади Аламиа иҭабуп ҳәа реиҳәеит аиубилеитә хәылԥазы еиҿызкаази иалахәызи, «Сара сзын насыԥ дууп абри иҩыза аб иашьа дахьсымаз...» ҳәа инациҵоит уи.

Ахәылԥаз даара иԥханы, ибзианы имҩасит. Абриаҟара шықәса шцахьоугьы, уи иҟаиҵаз абзеира дуқәа ауаа еигәырӷьаны иргәалашәоит.

Last modified on Maandag, 15 Жьҭаара 2018 15:46

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика