Мшаҧы 27, 2024

«Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар» ашәҟәы абӷьыцқәа еихыршәшәо...

Ажьырныҳәа 11, 2018 427

Ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩцәа, ҳгәы иаанагом, сааҭк иадамхаргьы акомпиутер инадтәалан иҿыцу жәабжьк ԥшааны иамыԥхьо ауаҩы дыҟоуп ҳәа, иаҳҳәап, ҿырԥштәыс иааҳгозар, амзар xx-тәи ашәышықәса иаҵанакуа ҳаԥсуа шәҟәыҩҩа дуцәа рыԥсҭазааратә мҩа. Иара убас, алшоит ирласны ишәыԥшаарц: дарбанзаалакь аполитикцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, аԥсуа ҵарауаа,  риубилеиқәеи аҭоурыхтә хҭысқәа ррыцхәқәеи.

Амилаҭтә библиотека Ашәҟәытә палата аҟәша аусзуҩцәа, абар шьҭа 13 шықәса ҵуеит, «Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар» ҭрыжьуеижьҭеи. Урҭ ацхыраара рырҭоит рколлегацәа, иарбанзаалак аусбарҭақәа зегьы рҿы Аԥсны ихадоу аиубилеитә рыцхәқәа рхамышҭразы, ргәалашәаразы.

Зхы иазырхәо...

Ҳаҭыр зқәуа Аԥсны иқәынхо ажәлар, асасцәа, ари аҭыжьымҭаҿ иԥшаауп аинформациа нарҭбааны аԥхьаҩцәа рзы. Есышықәса ианылоит хышә инарзынаԥшуа акрызҵазкуа арыцхәқәа: аҭоурыхтә хҭысқәеи, акультуреи, аҭҵаарадырреи, Аԥсны аҟазареи ирызкны. «Амзар» рхы иадырхәар рылшоит аҵарадырреи акультуреи русзуҩцәа, ажурналистцәа, астудентцәа иара убас мҽхакы ҭбаала аԥхьаҩцәа.

Ашәҟәы шәоурц шәылшоит

«Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар» ашәҟәы шәаԥхьарц шәылшоит аелектрон ахархәарала адагьы, ишәоурц шәылшоит ишәҟәынгьы. Ашәҟәы шәылала ижәбарц, ишәымазарц шәҭахызар шәадҵаала Амилаҭтә библиотека аҳасабеилыргарҭатә ҟәшахьы. Аелектронтә версиа жәбарц шәылшоит абра.

  

       

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика