Мшаҧы 26, 2024

Астудентцәа абиблиотекаҿы

Шықәсыкахь ҩынтә астудентцәа рзы иҟоуп даара ихьанҭоу амзақәа, урҭ  ажьырныҳәеи рашәарамзеи роуп. Еигьырҭ аамҭақәа иреиԥшымкәа, арҭ амзақәа рзы Аԥсны Амилаҭтә библиотека аҟәшақәа зегьы рҟны астудентцәа рыла иҭәуп. Изабанзар аԥышәаратә сессиақәа мҩаԥысуеит. Урҭ зегь рылақәа ирхубаалоит ааԥсара, аха зегь акоуп рхы-рҿқәа агәырӷьара рҿықәуп, ргәы шьҭнахуеит адыррақәа рахь, раԥхьаҟатәи рԥеиԥштә ԥсҭазаарахь ршьаҿақәа ахьеихырго.

Раԥхьатәи ацәқәырԥа мҩасит...

Амзар аанымгыло ԥхьаҟа ицоит, иааигәахо иалагеит лаҵарамза. Амра каҷҷоит, даара иԥхаррахеит, амшын агаҿа ихнахуеит астудентцәа азшьақәа зҽазыҟазҵаран иҟоу. Аха дара ргәаҳәара иаҿагыланы абиблиотека аҟәшақәа ҩындырцәажәаауеит, хыԥхьаӡара рацәала иаҭаауеит рдыррақәа иаздырҳауеит. Мчыбжьык аҩнуҵҟала ашәҟәаԥхьаҩцәа ҿыцқәа ашәҟәы иҭагалан 30 ҩык. Абиблиотка аҭааҩцәа рхыԥхаӡара даара иазҳаит, аԥышәарақәа ирылагеит, иара убас адипломқәа рыхьчара...

Еиҳарак афилологцәа...

Лаҵарамза 29 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет астудентцәа раԥхьатәи рызшьақәа рҭиит. Урҭ рыстудент ԥсҭазаараҿы ахаан ирхашҭуам ари аиԥш ахҭыс. И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекахь, абри аҽны имҩахыҵит анемец бызшәа аҟәшаҿы аҵара зҵо астудентцәа. Акурс зегь шеицыз, иара убас ркуырс анапхгаҩы раԥхьа днаргыланы. Иҟан шьоукы-шьоук раԥхьаӡа акәны абиблиотекахь имҩахыҵызгьы. Урҭ аҟәшақәа зегь ирылсит, ирбеит-ираҳаит, рхы азы иҟарҵеит алкаақәа.

Асасцәа атәым бызшәа аҟәшаҿы акыр иаанхеит, избанзар хықәкыла анемец бызшәа аҟәшаҿы аҵара зҵоз ракәын. Ирбеит хра злоу ашәҟәқәа, ирыхәаша аинформациақәа, иҭырхит рфотосахьақәа. Атәым бызшәақәа рышәҟәаҿы аанызқь шәҟәы инареиҳаны иахьыҟоу анемец бызшәала ашәҟәқәа, уажәыҵәҟьа ицхыраа дуны иҟалоит, арҭ астудентцәа рзы аконтрольтә усумҭақәеи акурстә усумҭақәеи анырыҩуа.

Ҩаԥхьа ҳарзыԥшуп...

Астудентцәа рымҩахыҵра гәахәара дула иҳадаҳкылеит, ҳаиԥырҵра уадаҩхеит. Рызҵаарақәа рацәан аҭакқәагь бзианы ироут. Ргәалаҟазаара бзианы, аҵара ргәы аҳәо идәықәаҳҵеит урҭ.

Астудентцәа агәра ҳдыргеит рԥышәарақәа рышьҭахь иааны ишҳарҳәо рԥышәарақәа шырҭииз атәы. Ирзеиӷьаҳшьоит ақәҿиара дуқәа. Ҳашәзыԥшуп ҩаԥхьа еиуеиԥшым афакультетқәа рҟынтәи аԥхьаҩцәа, шәара шәымаҵ ауразы ҳара ҳахиоуп.  

Last modified on Dinsdag, 16 Жьҭаара 2018 11:51

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика