Мшаҧы 29, 2024

Гәахәара дууп аԥхьахә аԥсахара

Ажьырныҳәа 18, 2018 465

        2016 шықәса раахеижьҭеи И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аусзуҩцәа азҿлымҳара аҭаны рхы аладырхәуеит Краснодартәи атәылаҿацә аҿартә библиотека И. Ф. Варавва ихьӡ зху еиҿнакаауа Жәларбжьаратәи апроект «Евразиатәи абиблиотекатә интернет - форум». Ари афорум иалахәуп Краснодартәи атәылаҿацәи, Аԥсны, Ермантәыла, Казахсҭан, Беларуссиа абиблиотекақәа рхаҭарнакцәа. Апроект тема хаданы иқәгылоуп, аҿар ашәҟәы агәыблра дыркра, аԥхьара радԥхьалара. Ас, еиԥш иҟоу апроектқәа Амилаҭ библиотека ахада Борис Чолариа аԥхьа днаргыланы иусзуҩцәеи иареи адгылара, азҿлымҳара ду арҭоит. Хықәкыла аиҿкаара лнапы иҵылхит абиблиотека аусзуҩы Ламзира Шьынқәырԥҳа.

        Афорум аартын 2016 шықәсазы иагьахьӡын «Абзиабара, апоезиа – аԥсҭазаара амра» ҳәа, («Любовь, поэзия - солнце жизни»). Ари апрект аҿы Аԥснынтәи иалахәыз Амилаҭтә библиотека аԥхьаҩ Мадина Шьушьаниа аиааира лгеит иланашьан I-тәи аҭыԥ «Иреиӷьу авидеонҵамҭа кьаҿ ашәҟәы иазку» аноминациа.

         Жәларбжьаратәи апроект «Евразиатәи абиблиотекатә интернет - форум» иацҵан 2017 шықәсазгьы. Уи иахьӡын «Аҿари ашәҟәи - ҳԥхьаҟатәи аҭынчразы» ҳәа, («Молодёжь и книга - за мирное будущее»). Аԥснынтәи иалахәыз И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аԥхьаҩ қәыԥш, ажәеинраалақәа зыҩуа Милана Габелиаԥҳа даԥсахеит III–тәи аҭыԥ «Иреиӷьу апоет қәыԥш» ҳәа аноминациа.

       Убри инамаданы 2018 шықәса ианвар 10 рзы Милана Габелиаԥҳа Амилаҭтә библиотека дааԥхьан илыҭан, апроект аиҿкааҩцәа Краснодартәи атәылаҿацә аҿартә библиотека И. Ф. Варавва ихьӡ зху илзаарышьҭыз адипломи, аҳамҭақәеи. Уи ланаишьеит Б. Чолариа, иҭабуп ҳәа лаҳәо илзеиӷьишьеит лаԥхьаҟа ақәҿиара дуқәа лнапы злаку арҿиара аҟны.

         Милана Габелиаԥҳа дқәыԥшӡоуп 23 шықәса дырҭагылоуп. Далгахьеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет атуризмтә факультет. Аус луеит амодақәа рыҩны аҟны. Раԥхьаӡа аҩра далагеит 1998 шықәса рзы. Илыҩуеит ажәеинраалақәа, еиуеиԥшым атемақәа рыла, аха еиҳарак лпоезиа алирикатә бзиабара иазкуп. Лара дыҩуеит урысшәала, насгьы илҳәоит: «сызҿыԥшуа, бзиа избо А. Пушкин ипоезиа ауп ҳәа».

        Илзеиӷьаҳшьап Милана лаԥхьаҟа ақәҿиара дуқәа, аманшәалара, аҭынчра, аԥсҭазаара бзиа.

Last modified on Maandag, 22 Жьҭаара 2018 15:25

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика