Ажәабжьқәа
Dinsdag, 03 November 2020 10:17
Ноиабр 2 рзы И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотека иаҭааит Мурмансктәи аобласт ахаҭарнакцәа - Светланеи Алеқсандри Мамакинаа
Акрааҵуеит ақалақь Мончегорск аҭҵаара-техникатә библиотека уаанӡатәи анапхгаҩы Светлана Мамакинеи Аҧсны амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариеи рыбжьара аиҩызаратә, аусеицуратә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи. Лара 2007 шықәса раахыс Амилаҭтә библиотека даҭаауеит, акыргьы ацхыраара ҟалҵоит абиблиотека аусхк ахь атехнологиа ҿыцқәа ралагалара азҵааразы. Изныкымкәа Амилаҭтә библиотека…
Maandag, 24 Нанҳәа 2020 15:25
ЗХАҾРА МЫӠУА, АҬОУРЫХ ДУ ЗМОУ
Арубрика: Амилаҭтә библиотека – 100 шықәса Март 29, 2021 шықәсазы Аҧсны акультуратә хәышҭаара хадақәа ируаку И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека иахыҵуеит 100 шықәса. Ари аамҭа иалагӡаны атәыла абиблиотекатә ус имариамыз аҭоурыхтә мҩа ианысит. Уи рхаануп «аамҭа еиқәаҵәақәеи», иара убасгьы…
Dinsdag, 17 Хәажәкыр 2020 11:47
Алықьса Џьениа диижьҭеи 90 ш. ҵит
Март 12 рзы И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотекаҿы имҩаҧысит иналукааша аҧсуа шәҟәыҩҩы, апублицист Алықьса Камыгә-иҧа Џьениа диижьҭеи 90 шықәса аҵра иазкыз аиубилеитә хәылҧазы. Ахәылҧаз еиҿнакааит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла, иагьымҩаҧигон уи ахантәаҩы, апоет Вахтанг Аҧҳазоу. Ахәылҧаз рхы аладырхәит Аҧсны…
Dinsdag, 10 Хәажәкыр 2020 13:06
Борис Ҷолариа аҳәса Март 8 рыдиныҳәалеит
И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа аҳәса – атәыла абиблиотекақәа русзуҩцәа Март 8 рыдиныҳәалеит. Акыр иаҧсоу аҳәса – сколлегацәа, Аҧсны абиблиотекақәа русзуҩцәа!Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит ааҧынра ааиреи аҧсабара аҿыхареи ирсимволу аныҳәа ду Март 8. Ҳтәыла аҭоурых аҟны…
Dinsdag, 10 Хәажәкыр 2020 12:53
Владимир Ҳараниа ишәҟәы аӡыргара
Март 6 рзы И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотекаҿы имҩаҧысит еицырдыруа аҧсуа зиндырҩы, 1994 шықәса инаркны Аҧсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭаҿы аус зуаз, 25 шықәса инареиҳаны прокурорс иҟаз, "Ахьӡ-Аҧша" аорден ахҧатәи аҩаӡара занашьоу Владимир Леуа-иҧа Ҳараниа ишәҟәы "Ахьышьҭра мҩала" аӡыргара. Уи…
Woensdag, 04 Хәажәкыр 2020 14:35
Ҳажәлар рзы исимволхаз арыцхә
И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсны амилаҭтә библиотека амилаҭтә литературеи аҳәынҭқарратә библиографиа асеқтори рыҟәшаҿы еиҿкаауп Владислав Григори-иԥа Арӡынбеи Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшьи ргәалашәара иазку ашәҟәтәы цәыргақәҵа. 10 шықәса раԥхьа, март 4, 2010 шықәсазы иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба. Ари…
Donderdag, 27 Жәабран 2020 13:30
Борис Ҷолариа: «АРИНАХЫСГЬЫ ХЬЫМӠӶЫ АНЦӘА ИШӘИМЫРГААИТ!»
И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотека аиҳабы Б.Шь. Ҷолариа Аҧсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа дрыдныҳәалеит. Ҳаҭыр зқәу Аҧсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа, агазеҭ «Аҧсны» аколлектив! И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотека ахьӡала гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит раҧхьаӡатәи аҧсуа газеҭ…
Donderdag, 27 Жәабран 2020 12:24
Акьыҧхьтә ҭыжьымҭақәа ацифрахь ииаргоит
Ишдыру еиҧш, ҳаамҭазы адунеиаҿ абиблиотекақәа русура акыр аҽеиҭанакит, аҧхьаҩцәа рымаҵ аураҿы иаларгалаз аҿыцрақәа маҷӡам. Жәаба-жәохә шықәса раҧхьа иҟаз аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аҽаҧсахит. Иаларгалеит акомпиутерқәа, иҟалеит аинтернет, ицәырҵит еиуеиҧшым аудио-визуалтә хархәагақәагьы. Урҭ зегьы абиблиотекатә маҵзурақәа реиӷьтәра иацхраауеит. Аҧхьаҩцәа рҿаҧхьа иаатуеит алшара ҿыцқәа.…
Woensdag, 12 Жәабран 2020 12:39
Зус иазҟазоу, зҧышәа аҿар ирымаздо
АҞӘА, февраль 12, Алхас Чхамалиа. Аҧсны абиблиотекатә ҧсҭазаара аҭоурых уазхьаҧшуазар, аханатә аахысгьы хыҧхьаӡарала ирацәаҩымызт абиблиотекатә ҵара зманы аус зуаз аҧсуаа. Уи моу, иааидкыланы иугозар, урҭ рахьтә аӡәырҩы иреиҳау аҵарагьы рымамызт. Аха аамҭа цон, маҷ-маҷ аҭагылазаашьа аҽаҧсахуан, ҳкультуратә хәышҭаарақәагьы есааира рҽеибырҭон,…
Maandag, 03 Жәабран 2020 10:49
Амилаҭтә библиотеказы – аҳамҭа бзиа
АҞӘА, февраль 2, Алхас Чхамалиа. И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотека ҳамҭас иаҭоуп иаарылукааша апартиатәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы Шоҭа Мама-иҧа Шьакаиа иҭаацәаратә библиотекатә фонд. Адунеиаҿ иуҧылоит имаҷымкәа ахаҿсахьақәа, мыцхәы зыбжьы мыргаӡакәа, хӡыргарада, зыҧсҭазаара зегьы зыуаажәлари зыҧсадгьыли рымаҵ аура иазызкыз. Ус…
Dinsdag, 21 Ажьырныҳәа 2020 13:12
50 шықәса абиблиотека амаҵ азызуа
АҞӘА, ианвар 21, Алхас Чхамалиа. И.Гь. Папасқьыр ихь зху Аԥсны амилаҭтә библиотека ҳаамҭазы аԥхьаҩцәа ргәазыҳәарақәа ҩаӡара ҳаракыла иназыгӡо, ихазырҭәаауа акультуратә усҳәарҭақәа ируакуп. Зҭоурых шәышықәса инарзынаԥшуа ари абиблиотека аханатә аахыс амаҵ азыруан зус ҭакԥхықәрала иазнеиуаз ауаа, абиблиотекатә усхк аганахьала иахәҭоу азыҟаҵара…