Хәажәкыр 28, 2024

Ажәабжьқәа

Декабр 13 рзы И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥган апрозаик, апублицист, адраматург, еицырдыруа ажәа азҟаза, уаажәларратә усзуҩы Ӡаӡ Харитон (Хәанакьа)-иԥа Дарсалиа диижьҭеи 120 шықәса ихыҵра иазкыз аиубилеитә хәылԥазы. Уи еиҿыркаат Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи Амилаҭтә библиотека аусзуҩцәеи. Арахь имҩахыҵит…
Ҳазну ашықәс абҵара 27 рзы ихыркәшахеит аинтернет-форум «Ашьапылампыл - аспорт, аҟазара, арҿиара» ҳәа захьӡыз Жәларбжьаратәи апроект. Апроект авторцәас, еиҿкаҩцәас иаман И. В. Варрава ихьӡ зху Краснодартәи атәылаҿацә аҿартә библиотека аусзуҩцәа. И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека есышықәса рҽаладырхәуеит аинтернет-форум.…
Амилаҭә библиотекаҟны иҿыцны еиҿкаауп аҟәшақәа ҩба: ашәҟәқәа ацифрахь риагареи аԥхьаҩцәа ҳаамҭазтәи атехникатә ҿыцрақәа ирықәшәо рымаҵ ахьыруеи. Амилаҭтә библиотека хықәкыс иамоуп есымшаара ҳаамҭа иақәшәо аҿыцрақәа рыԥшаара, иазҿлымҳауп аҭоурыхтә шәҟәқәа рыҵәахра, насгьы иахьынӡазалшо урҭ ргәылаԥшра марианы аҟаҵара. Убри инамаданы Амилаҭтә библиотекаҟны еиҿкаахеит…
Ауаҩ нага, Аԥсны акультуратә ԥсҭазаараҿ зџьабаа рацәаӡоу, Аԥсны ашәҟәыԥхьарҭа ахәышҭаара Амилаҭтә библиотека аибашьра ашьҭахьтәи аиҭашьақәыргылареи, аҿиарамҩеи гәыцәс иамоу. «Ҳаҭыр зқәу аполиграфист», «Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы», «Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы» ҳәа ахьыӡқәа зыхҵоу Борис Шьаликәа-иԥа Ҷолариа ихыҵит 70-шықәса! Уи аиубилеитә еиԥылара еиҿкаан…
Жәларбжьаратәи аҿартә Арт-фестиваль, ари акыр шықәса АУ «И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека» еиҿнакаауа итрадициатәхаз ауаажәларратә арезонанс зауз ауааԥсыра адгылара зырҭаз акультура-массатә усмҩаԥгатәуп. Афестиваль мҩаԥысуеижьҭеи ишьақәгылеит итрадициатәу аформақәа, ақәкы хадақәеи ауснагӡатәқәеи рынагӡаразы аметодқәа. Урҭ зегьы аанхоит ԥсахрада. 2018-тәи аҿартә…
Амилаҭтә библиотека есышықәса имҩаԥнаго, итрадарицахаз Жәларбжьаратәи арт-фестиваль «Амшын аԥшаҳәаҿтәи анаи-ааира» амҩаԥгаразы аиҿкааратә комитет аусура иалагеит. VI аҿартә арт-фестиваль азкхоит сынтәа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира 25 шықәса ахыҵреи Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара 10 шықәса ахыҵреи. Уи мҩаԥгахоит цәыббрамза 25 рзы, асааҭ 12:00…
Нанҳәамза 10 рзы И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысит Ҳаири Қәҭарба ишәҟәы «Сыхдырҵәеит сыхҵәараххеит...» аӡыргара, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи арепатриациа ахадареи реиҿкаарала. Иара шьақәгылоуп х-шәҟәык рыла еиҭеигеит ауаажәларратә усзуҩы Оқтаи Чкотуа. Аԥсны амҳаџьырра иазкны Ҳаири Қәҭарба ашәҟәы аҩра инапы…
Нанҳәамза 4 рзы Тҟәарчал ақалақь фырхаҵа акультуратә хан аԥхьа еиҿкаан агәыҳалалратә марафон аусмҩаԥгатә, уахь имҩахыҵуан ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи. Ақалақь фырхаҵа Тҟәарчалаа ари аҩыза агәырӷьара иазыԥшуижьҭеи акыр аамҭа ҵуан. Аԥшәмацәа ргәырӷьара ҳәаак амамкәан асасцәа ирԥылон. Избанзар ирҭахуп рааигәара иҟазарц Анцәа иахьимҵаныҳәаша…
Мызкы аԥхьа иааит ашәҟәы Чувашиантәи, Амилаҭтә библиотека ахада Борис Ҷолариа ихьӡала. Чувашиатәи Амилаҭтә библиотека аҟәша Надежда Вишневскаиа иҳадылгалеит рыпроект ҳҽалаҳархәырц. Убри ашәҟәы иабзоураны иҿиеит аҩ-бибилиотекак реиҩызара. Апроект, иахьӡуп - «Аиҩызара алакә маҟа» ҳәа («Сказачный пояс дружбы»). 2017 шықәса рзы, ари…
Лаҵарамза 6 рзы Аԥсны Амилаҭтә библиотека атәым бызшәақәа рыҟәша аҟны иаартын, аԥсуаааи чувашиааи аҿарацәа рҭыхымҭатә цәыргақәҵақәа. Апроекти алахәылацәеи... Жәларбжьаратәи апроект «Аиҩызара алакә маҟа» еиҿкаан Аԥсни Чувашиеи рыбжьара ҳазҭалаз ашықәс 2018 рзы. Еиҿкааҩцәас иҟан Аԥсны Амилаҭтә библиотека атәым бызшәақәа рыҟәша аусзуҩцәеи…
Шықәсыкахь ҩынтә астудентцәа рзы иҟоуп даара ихьанҭоу амзақәа, урҭ ажьырныҳәеи рашәарамзеи роуп. Еигьырҭ аамҭақәа иреиԥшымкәа, арҭ амзақәа рзы Аԥсны Амилаҭтә библиотека аҟәшақәа зегьы рҟны астудентцәа рыла иҭәуп. Изабанзар аԥышәаратә сессиақәа мҩаԥысуеит. Урҭ зегь рылақәа ирхубаалоит ааԥсара, аха зегь акоуп рхы-рҿқәа…

Абиблиотека Амш!

Лаҵара 24, 2018
Лаҵарамза 27 рзы адунеи зегь аҟны иазгәарҭоит абиблиотека Амшныҳәа. Аԥсны Амилаҭтә библиотека аколлектив, реиҳабы Борис Ҷолариа раԥхьа днаргыланы ирыдырныҳәалоит рколлегацәа рыпроффесианолтә ныҳәа. Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, анасыԥ лаша, шәгәазыҳәарақәа зегь нагӡхо, шәзанааҭтә усураҿ иҿымцәаауа аинтереси, агәаҳәареи, агәалаҟазаареи шәоуа, есымшааира шәыпрафессионалтә дырра…

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика