Мшаҧы 20, 2024

Ажәабжьқәа

Шәышықәса дшырҭагылаз лыҧсҭазаара далҵит Адиле Шахбас-иҧҳа Аббас-оглы, Аҧсны анапхгаҩы, аҵеи хьӡырҳәага Нестор Аполлон-иҧа Лакоба иҭаацәара иахәҭакыз (иабхәында иҧҳәыс), аамҭа еиқәаҵәақәа ирхааныз, уи зегьы хаҭала изхызгаз аҧҳәыс гәымшәа, ауаҩы-легенда. Амыҟәмабарақәа зегьы дыриааины, лара илыллыршеит иҳаҩсыз ашәышықәса 30-тәи ашықәс еиқәаҵәақәа ирызку ахҭыс…
Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрреи Аҧсны Аҳәынҭқарра И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека Ашәҟәытә палатеи рыгриф ала иҭыҵит "Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар2020". Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар - ари есышықәса иҭыҵуа, аиллиустрациа зызуҭыжьымҭоуп. Уи хықәкы хадас иамоуп аҧхьаҩцәа Аҧсны аҭоурыхи,акультуреи, аҭҵаарадырреи, аҟазареи ирызкны…
Ҳаҭыр зқәу Аԥсны абиблиотекатә система аусзуҩцәа, сколлегацәа! Ҳаҭыр зқәу ҳаԥхьаҩцәа! Мышқәак роуп иаанхаз зегьы ргәы хыҭхыҭуа иззыԥшу – Ашықәс ҿыц аныҳәа аҟынӡа. Ҳашьҭахьҟа иаанҳажьуеит акыр ауадаҩрақәа зцыз, имариамыз, аха убри аан культуратә хҭысла ибеиаз 2019-тәи ашықәс. И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху…
«Иҿыхоит сгәаҵаҿ апоезиа…» – абас хьӡыс иаман иахьа И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсны амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысыз, Аҟәа ақалақь ашколхәыҷқәеи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәеи злахәыз ахәылԥаз. Уи аиҿкаара хықәкыс иамоуп алитература бзиа избо, зхатә ҩымҭақәа раԥҵараҿы зхы ԥызшәо ахәыҷқәеи аҿарацәеи рбаҩхатәра…
И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотекаҿы имҩаҧысит иналукааша аҧсуа шәҟәыҩҩы, апублицист, Аҧсны зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩы, "Ахьӡ-Аҧша" аорден III аҩаӡара занашьоу Владимир Констонтин-иҧа Басариа 85 шықәса ихыҵра иазкыз аиҧылара. Аусмҩаҧгатә иалахәын Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа, ауаажәларра, аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа, ажурналистцәа. Аиԥылара аартуа Аҧсны…
И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотека аҟны имҩаҧысит ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы Ҳаири Қәҭарба 60 шықәса ихыҵра иазкыз аиҧылара. Ҳаири Қәҭарба занааҭла дынџьныруп. Аха акыршықәса раахыс инапы алакуп ашәҟәыҩҩреи аиҭагареи. 2007 ш. раахыс Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иалоу Ҳаири Қәҭарба…
Октиабр 29 рзы И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсны амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа литература акафедра адоцент, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабы Тыжын Али Чуреи урыс бызшәала иҭлыжьыз лышәҟә ҿыц «Ҭырқәтәылан аԥсуааи…
«Абиблиотекақәа рыла – аҧеиҧш ахь» зыхьӡу XIX Жәларбжьаратәи аконференциа аҟынтә Сентиабр 16 инаркны 21 рҟынӡа Краснодартәи атәылаҿацә Анапа ақалақь аҟны имҩаҧысуан «Абиблиотекақәа рыла – аҧеиҧш ахь» ҳәа хьӡыс измаз XIX Жәларбжьаратәи аконференциа. Уи еиҿнакааит И.Ф. Варавва ихьӡ зху Краснодартәи атәылаҿацә…
Цәыббра 25 рзы Аҟәа имҩаҧысит VII Жәларбжьаратәи аҿартә арт-фестиваль «Амшын аҧшаҳәаҿтәи анеиааира». Уи И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны Амилаҭтә библиотека еиҿнакаауа, уажәшьҭа итрадицианы ишьақәгылаз, атәыла ауаажәларрагьы адгылара зырҭаз культура-массатә усмҩаҧгатәуп. Сынтәатәи афестиваль девиз хадас иаман: “Ашәҟәы шҳацу XXI ашәышықәсахь”. Ишдыру…
 Зоиа Мџьыҭ-иҧҳа Кәыҵниаҧҳа – 80 шықәса Сентиабр 10 рзы И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаҧысит абиблиотека аусзуҩы, аҩаӡара ҳаракы змоу абиблиограф, абиблиотека Зҽаҧсазтәыз аусзыҩы ҳәа ахьӡ зыхҵоу, абиблиотекатәи аҭҵааратәи усқәа рзы Амилаҭтә библиотека аиҳабы ихаҭыҧуаҩ, зыҧсҭазаара аиҳарак абиблиотекатә ус…

Актәи аҭыԥ иаԥсахаз

Ажьырныҳәа 22, 2019
2018 шықәса ноиабр 27 рзы ихыркәшахеит аинтернет-форум «Ашьапылампыл - аспорт, аҟазара, арҿиара» ҳәа захьӡыз Жәларбжьаратәи апроект. Апроект авторцәас, еиҿкаҩцәас иаман И. В. Варрава ихьӡ зху Краснодартәи атәылаҿацә аҿартә библиотека аусзуҩцәа. И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека есышықәса рҽаладырхәуеит аинтернет-форум.…
И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аколлектив аиҳабы Борис Шьаликәа-иԥа Ҷолариа раԥхьа днаргыланы гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит: ҳаԥхьаҩцәа, ҳколлегацәа, Аԥсны иқәынхо ажәларқәа зегьы, ҳазҭало Ашықәс ҿыц 2019-тәи ашықәс. Инаскьаҳго ашықәс азы иҟаз ацәгьарақәа зегьы 2018-тәи ашықәс иагааит. Ҳазҭало ашықәс ҿыц шаҟа…

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика