Мшаҧы 24, 2024

Ноиабр 2 рзы И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотека иаҭааит Мурмансктәи аобласт ахаҭарнакцәа - Светланеи Алеқсандри Мамакинаа

   Акрааҵуеит ақалақь Мончегорск аҭҵаара-техникатә библиотека уаанӡатәи анапхгаҩы Светлана Мамакинеи Аҧсны амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариеи рыбжьара аиҩызаратә, аусеицуратә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи. Лара 2007 шықәса раахыс Амилаҭтә библиотека даҭаауеит, акыргьы ацхыраара ҟалҵоит абиблиотека аусхк ахь атехнологиа ҿыцқәа ралагалара азҵааразы. Изныкымкәа Амилаҭтә библиотека аусзуҩцәа рзы асеминарқәа мҩаҧылгахьеит.
Светлана Мамакина уажәтәи лаара акәзар, машәырны иҟамлеит. Уи Амилаҭтә библиотеказы иаалгеит аҳамҭақәа - Евстафи Аҧсил исахьа зну аныхачаҧеи хәы змаӡам аҭыжьымҭақәеи. Аныхачаҧа афинифт иалхуп, инагӡоуп ҩаӡара ҳаракыла, ацәаакыреи, аҧхареи, ахьшәашәареи рҟынтә ҧырхага амоуа.
   "Иазгәасҭарц сҭахуп, аныхачаҧа - ари, зегь раҧхьа иргыланы, адинхаҵацәа, аҧшьаҩцәа ирусуп, аха абиблиотека сара сахәаҧшуеит адыррақәа рхы ахьеиларсу ныхабаак еиҧш. Убри азоуп уи ҳамҭас шәбиблиотека иасҭарц зысыӡбазгьы.", - лҳәеит Светлана Мамакина.
   Аныхачаҧа авторс дамоуп Кандалакш ақалақь аҟны инхо еицырдыруа аурыс сахьаҭыхҩы Нина Снигур. Лара уи аныхачаҧа ҭылхит Алеқсандри Светланеи Мамакинаа зхаҭарнакцәоу Арҿиаратә еидгыла "Снежный лев" иҟанаҵаз аҿаҵаҧҟала.
   Борис Ҷолариа иазгәеиҭеит, Амилаҭтә библиотека ҳамҭас иаҭоу аныхачаҧазы адырра шрыҭахо аҭыҧантәи адинхаҵара ахаҭарнакцәа, насгьы иара ауахәама азакәанқәа рыла иҧшьаны абиблиотека ауадақәа руак аҟны ишыкнаҳахо.
Асасцәа иара убасгьы Амилаҭтә библиотека ҳамҭас иарҭаз аҭыжьымҭақәа иреиуоуп хәызмам альбомқәа ҩба: "Урыстәыла. Романоваа. 1613-2013" (Романоваа рыҩны афотографиақәа рыла), Романоваа рыҩны 400 шықәса ахыҵра иазкны иҭыжьу (атираж зынӡа - 200 екземплиар). Иара ҭнажьит Карл Булла ихьӡ зху аҭоурыхтә ҭыхымҭақәа Рфонд. Амилаҭтә библиотека ахьӡала Мамакинаа иааргаз аекземплиар инапынҵамҭа ануп Афонд анапхгаҩы Валентин Ельбек.
Аҩбатәи аҭыжьымҭа - Урыстәыла ҳаамҭазтәи афотографиа иазку афотобиеннале 5-тәи акаталог (Санкт-Петербург, Аҳәынҭқарратә аурыс музеи).
   Борис Ҷолариа асасцәа иҭабуп ҳәа раҳәауа иазгәеиҭеит, Светлана Мамакина дызхаҭарнаку арҿиаратә еилазаареи Аҧсны амилаҭтә библиотекеи аҧхьаҟагьы русеицура дшақәгәыӷуа, дагьшадгыло аҩганк рзы хәарҭара злоу апроектқәа реиҿкаареи рымҩаҧгареи.
Last modified on Dinsdag, 03 November 2020 10:34

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика