Print this page

Алықьса Џьениа диижьҭеи 90 ш. ҵит

Хәажәкыр 17, 2020 620

Март 12 рзы И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотекаҿы имҩаҧысит иналукааша аҧсуа шәҟәыҩҩы, апублицист Алықьса Камыгә-иҧа Џьениа диижьҭеи 90 шықәса аҵра иазкыз аиубилеитә хәылҧазы.

Ахәылҧаз еиҿнакааит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла, иагьымҩаҧигон уи ахантәаҩы, апоет Вахтанг Аҧҳазоу.

Ахәылҧаз рхы аладырхәит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, ашәҟәыҩҩы иус ицызуаз иҩызцәа, иколлегацәа, изааигәаз ауаа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, аҿар, иара убасгьы Алықьса Камыгә-иҧа имаҭацәа.

Ахәылҧаз ааиртит абиблиотека аиҳабы Борис Ҷолариа. Уи иазгәеиҭеит, Алықьса Џьениа ирҿиара, ишәҟәқәа аҿар бзиа ибаны ишаҧхьо, абиблиотека амилаҭтә литература афонд ишахыҧхьаӡалоу, насагьы иҳәеит абиблиотекаҿы асеиҧш иҟоу аусмҩаҧгатәқәа ахьымҩаҧысуа даара аҵак ду шамоу. Абиблиотека аиҳабы иара убасгьы иазгәеиҭеит, есышықәса еиқәыршәаны ишыҭрыжьуа акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, уаҟа ишарбоу Аҧсны иалкаау ауаа риубилеитә рыцхәқәагьы.

Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аиҳабы Вахтанг Аҧҳазоу иқәгылараҿы инарҭбааны дазааҭгылеит Алықьса Џьениа иҧсҭазаареи инысымҩеи, иазгәеиҭеит уи ирҿиара ароль аҧсуа шәҟәыҩҩра аҭоурых аҿы.

Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахада, Аҧсны жәлар рпоет, академик Мушьни Лашәриа Алықьса Џьениа ирҿиара дахцәажәауа, ажәытә гәалашәарақәа акыр дырзааҭгылеит.

Ахәылҧаз аҟны иқәгылеит иара убасгьы Алықьса Џьениа иҩызцәа, ашәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы. Урҭ иазгәарҭеит Алықьса Камыгә-иҧа ирҿиара иахьа уажәраанӡагьы инҭырҳәыцааны ишыҭҵаам, изыхәҭоу ахәшьарагьы шамоуц. Избан акәзар Алықьса Џьениа ибызшәа убриаҟара ибеиоуп, иҧшӡоуп, аҧсуа ҧхьаҩы дыхнахыртә еиҧш.