Мшаҧы 20, 2024

Борис Ҷолариа аҳәса Март 8 рыдиныҳәалеит

Хәажәкыр 10, 2020 757

И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа аҳәса – атәыла абиблиотекақәа русзуҩцәа Март 8 рыдиныҳәалеит.

Акыр иаҧсоу аҳәса – сколлегацәа, Аҧсны абиблиотекақәа русзуҩцәа!
Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит ааҧынра ааиреи аҧсабара аҿыхареи ирсимволу аныҳәа ду Март 8.

Ҳтәыла аҭоурых аҟны ажәытә аахысгьы аҧҳәыс лроль даараӡа акраҵанакуеит. Саҭанеи Гәашьеи Баалоуҧҳа Мадинеи инадыркны иахьатәи ҳамшқәа рҟынӡа ирацәоуп ҳтәылаҿы иуҧыло акрызҵазкуа ахаҿсахьа ссирқәа. Уаанӡа аҧҳәыс – ан, ахәышҭаара еиқәзырхо лакәны дыҧхьаӡазҭгьы, иахьатәи ҳаамҭазы уи аҧсҭазаара даҧхьагылаҩны, ауадаҩреи амыҟәмабареи ирызмырхәо, ахацәа ирыцназго уаҩҧсуп, ианаҭаххо аамҭазгьы, џьара-џьара иагьраҧылгоит. Уи ус шакәу ааҧшит Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибараан. Ҳаԥсадгьыл еиқәзырхаз ираҧхьагылоуп аҳәса-агәымшәацәа.

Иҿцәажәарақәа руак аҿы Аҧсны Афырхаҵа, ар раҧхьагыла, аинрал Сулҭан Асламбек-иҧа Сосналиев Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира зыбзоурада ҳәа ианиазҵаа, иазгәеиҭеит – «Аиааира зыбзоуроу Афырхацәа зааӡаз Анацәа роуп» ҳәа. Иҵабыргны, Аиааира зыҟаломызт асеиҧш згәамч ӷәӷәаз, ачҳара ду злаз аҳәса, анацәа, аиҳәшьцәа ҳамамызҭгьы. Урҭ рахьтә аӡәырҩы еибашьуаз рашьцәа инарывагылеит.

Аибашьра еиҧнарҟьеит ҳаҧсҭазаара зегьы, ааха рыҭан ҳкультуратә хәышҭаарақәа. Убарҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟан ҳтәыла абиблиотекақәа. Аха аибашьра анеилга инаркны шәарҭ иаашәылшоз зегь ҟашәҵон урҭ ҩаҧхьа реиҭашьақәыргыларазы, ибжьаӡыз, еимҵәаз афонд ахарҭәааразы. Акыр ауадаҩрақәа шыҟоугьы, ишәылшо зегьы ҟашәҵоит иахьагьы, еиҵагыло ҳабиҧарақәа доуҳала рырбеиареи, урҭ асахьаркыратә культура рылааӡареи рус аҿы. Адыррақәа рдунеи ахь амҩа рзаартра шәацхраауеит.

Шәзанааҭтә ҩаӡареи ааҧсара ҟамҵа есҽнытәи шәусуреи ирыбзоураны, аҧхьаҩцәеи абиблиотекеи реимадара ыӡуам, есааира иҿиоит. Ламысцқьалатәи шәусура иалҵшәоуп, егьа техникеи атехнологиа ҿыцқәеи цәырҵзаргьы, ашәҟәы адыррақәа рхыҵхырҭаҿы ихадоу хархәаганы иахьыҟоу.
Шәнапы злаку аус ҧшьаҿы аринахысгьы ишәыцзааит аманшәалареи ақәҿиарақәеи. Зегьы ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аҭынчра, агәалаҟазаара бзиа, ҩнаҭала аҿиареи аизҳареи!

Сара гәык-ҧсык ала ирыдысныҳәаларц сҭахуп иара убасгьы ҳтәыла иқәынхо аҳәса зегьы: андуцәа, анацәа, аиҳәшьцәа, аҭыҧҳацәа. Ҽаанбзиала шәнеиааит!

Ҳаҭырла,
И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху
Аҧсны амилаҭтә библиотека аиҳабы
Б.Шь. Ҷолариа

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика