Мшаҧы 24, 2024

Владимир Ҳараниа ишәҟәы аӡыргара

Хәажәкыр 10, 2020 559

Март 6 рзы И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотекаҿы имҩаҧысит еицырдыруа аҧсуа зиндырҩы, 1994 шықәса инаркны Аҧсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭаҿы аус зуаз, 25 шықәса инареиҳаны прокурорс иҟаз, "Ахьӡ-Аҧша" аорден ахҧатәи аҩаӡара занашьоу Владимир Леуа-иҧа Ҳараниа ишәҟәы "Ахьышьҭра мҩала" аӡыргара. Уи азкуп Ҳараниаа рыжәла аҭоурых. Иҩуп иара х-бызшәак рыла: аҧсышәа, аурысшәа, аҭырқәшәа.

Ашәҟәы аӡыргара иазкыз аусмҩаҧгатә ааиртит абиблиотека аиҳабы Борис Ҷолариа. Уи иазгәеиҭеит, асеиҧш иҟоу аӡыргарақәа абиблиотека аусура аганахьала акрызҵазкуа усны дшахәаҧшуа.

Ашәҟәы иазкны инарҭбааны ажәахә ҟаиҵеит аетнолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Валери Бигәаа.

Иазгәаҭатәуп, иахьазы забшьҭрақәа рхылҵшьҭра иазкны ашәҟәқәа ҭзыжьхьоу аҧсуаа рхыҧхьаӡара шырацәам. Убри аҟынтә, иааидкыланы аҧсуа жәлақәа рыҭҵаараҿы Владимир Ҳараниа ишәҟәы акрызҵазкуа лагаланы ишыҟоу.

Аиҧылараҿы иқәгылаз зегьы инаҵшьны иазгәарҭеит, ари ашәҟәы ҿырҧшыс иҟаҵаны аҧхьаҟа егьырҭ аҧсуа жәлақәагьы рыҭҵаара ихымҧадатәу усны ишыҟоу.

Ашәҟәы аиқәыршәашьеи аиҿкаашьеи даара ахәшьара ҳаракы алҭеит аӡыргараҿы иқәгылаз аҵарауаҩ-абызшәадырҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Лили Ҳаг-ҧҳа.

Ашәҟәы иахцәажәауа иқәгылеит иара убасгьы Светлана Ладариаҧҳа, Леонти Абӷаџьаа, Ҟарачы-Черқьестәылантәи иааз Ҳараниаа раҳәшьаҧа Қьамал Агержанов уҳәа убас егьырҭгьы.

Аҵыхәтәаны ашәҟәы аҩра аидеиа шизцәырҵызи, аинформациа шеидикылози, аҭыжьраан ацхыраара изҭази ртәы дазааҭгылеит автор Владимир Ҳараниа.

***
Ҳараниа Владимир Леуа-иҧа диит Џьгьарда ақыҭа, аҧсуа нхаҩы иҭаацәараҿы.
1958 шықәса рзы иқыҭаҿы абжьаратә ҵара аныхиркәша ашьҭахь, дцоит аусурахь аҩбатәи Тҟәарчалтәи арацәаҵхырҭатә шахтахь. Араҟа уи аус иуан слесарс, хышықәса инарзынаҧшуа. Уаҟа аус шиуаз ауп аррамаҵура ишиҧхьазгьы. Хышықәса ирратә уалҧшьақәа наигӡон Германиа аҳәынҭқарраҿы.

Аррамаҵура ихганы дхынҳәуеит Тҟәарчалҟа, уаанӡа аус ахьиуаз. Ашьҭахь, 1967 шықәсазы дҭалоит Томсктәи аҳәынҭқарратә аиуристтә факультет латәарадатәи аҟәша. Иара убри аамҭазы аусурагьы далагоит Новокузнецк ақалақь аихамҩатә милициа ацәгьауцәа рыҧшаара аҟәшаҿы. Еилеигӡон аусуреи аҵареи. Ауниверситет қәҿиарала далганы аиурист идиплом аниоу ашьҭахь, Владимир диасуеит Кемеровтәи аобласт ақалақь Таштагол апрокуратурахь усеилыргаҩыс, анаҩс – Кузбасс, аӡбарҭеи абаандаҩцәа ашьауҕа ахьырхыргоз алагерқәеи рхылаҧшрахь, ақалақь Таштагол апрокурор ицхырааҩыс.

1975 шықәсазы Владимир Ҳараниа дхынҳәуеит иҧсадгьыл ахь. Уи аус иухьеит: Тҟәарчал ақалақь апрокурорс, Аҧсны иреиҳаӡоу аусӡбарҭаҿ ӡбаҩыс, анаҩс – дукатс.

Владимир Ҳараниа иоуп раҧхьаӡа акәны напазыркыз аӡбарҭаҿы аусқәа аҧсышәала рымҩаҧгара.

Владимир Ҳараниа инапы алакуп Аҧсны азинхьчаратә усбарҭақәа рзы аҭҵаарадырратә база аҧҵара. Иҭижьхьеит акымкәа-ҩбамкәа аусеилыргаҩцәеи аӡбаҩцәеи цхыраагӡара рзызуша адокументқәа рқәырҧшқәа аҧсышәала. Еиқәыршәаны иҭижьхьеит иара убас 4 нызқь термин рҟынӡа еидызкыло аиуристтә жәар. Уи инаҷыдангьы, Владимир дазҿлымҳауп, бзиа ибоит асахьаркыратә литературагьы. Хаҭала авторс дрымоуп ацәгьоурақәеи урҭ реилыргарақәеи ирыдҳәалоу исахьарку аҧҵамҭақәа.

Иазгәаҭатәуп, Владимир Ҳараниа изанааҭ хада анаҩсгьы инапы шалакыз, иагьшалаку адраматә ҩымҭақәа рыҩрагьы. 1984 шықәсазы уи иҩуеит адетективтә темала ҩ-пиесак: «Ашьауҕа зықәнагада», «Ачарҳәаҩ» зыхьӡу. Арҭ адраматә ҩымҭақәа иаразнак ала ахәшьарагьы роуит.

Владимир Ҳараниа ипрофессионлтә ҩаӡареи иҧышәеи ҳасаб рзуны, 1994 шықәсазы Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иусҧҟала, дҟаҵан Аҧсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҟны ӡбаҩыс. Абри аамҭа инаркны, Владимир Ҳараниа напаиркуеит аҧсуа иуриспруденциа аматериалтә база азаҧҵара. Аус рыдулара далагоит акодексқәа (азакәанеидкылақәа), хкы-хкыла аҧкаанҵақәа, ашьауҕақәҵарақәа, азыӡбақәа уҳәа убас аиуриспруденциа аматериалқәа. Реидкылара далагоит аҧсышәала аиуристтә терминқәа.

4500 термин аҧсышәалеи урыс бызшәалеи изгәылаз аиуристтә терминқәа ржәар ҭижьуеит 2002 шықәсазы. Изларҳәо ала, ари ажәар раҧхьаӡатәи аекземплиар Владислав Григори-иҧа инапы ианадыркы иҳәеит: «Анцәа иџьшьоуп, уажәшьҭа ҳбызшәа мыӡыр ҟалап».

Зыӡбахә ҳамоу ари ажәар ашьҭахь Владимир Ҳараниа иҭижьуеит даҽа ҩба-хҧа шәҟәы. Еиқәиршәеит аҧсышәалеи урыс бызшәалеи еиҵаҩны аӡбаратә бланкқәа. Аҵыхәтәаны, тәанчара данца ашьҭахь, адукатра дахьалагаз ашьаусқәа рыӡбараан данықәгылоз ииҳәоз аҿаҧыцажәақәа рахьтә еиҳа азҿлымҳара заушаз еидкыланы иҭижьит.

2004 шықәсазы Аҧсуа бызшәа аҿиара аҳәынҭқарратә фонд иҭнажьит Владимир Ҳараниа анаҩстәи ишәҟәы «Аусеилыргареи ашьаусӡбареи рдокументқәа рқәырҧшқәа» зыхьӡу атәылауаҩратә усқәа ирызку ашәҟәы.

Ихыраагӡа бзиақәоуп акыр шықәса аџьабаа зыдбаланы аҧсышәала еиқәиршәаз арзаҳалқәеи, азыҳәаратә арзаҳалқәеи, ашшыҧхьыӡқәеи, аӡбаратә ҳәаақәҵақәеи, ақәҵарақәеи, азыӡбақәеи, апрокуратура-хылаҧшратәи усшәҟәқәа уҳәа убас егьырҭгьы.

2012 шықәсазы Владимир Ҳараниа ихатә харџь ала иҭижьит «Азинхьчаратә ҿаҧыцажәақәа» зыхьӡу ашәҟәы (аҧсышәалеи урыс бызшәалеи).

2015 шықәсазы аиуристтә терминқәа ржәар аҧсышәала ирҽеины, ихарҭәааны, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аредакциа-ҭыжьратә хеилак ақәҵарала ҩынтәны иҭыжьын. Уи ахәшьара ҳаракгьы арҭеит аҵарауаа: Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аиҳабы, академик З.Џьапуа, зыҧсҭазаара иалҵхьоу А.Хьециа, Аҧсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩыс иҟаз Р.Мышәба, аиурист Б.Тапаҕәуа.

Владимир Ҳараниа аиуриспруденциа аҧсшәахь аиагара напы анаиркы раҧхьатәи амшқәа инадыркны ивагылаз, акыр аџьабаа идызбалоз аҵарауаа дреиуан абызшәадырҩы Анатоли Хьециа.

Иазгәаҭатәуп, 1994 шықәса инаркны Аҧсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭаҿы аус зуаз, 25 шықәса инареиҳаны прокурорс аус зухьоу Владимир Ҳараниа дышреиуоу раҧхьаӡа акәны аусӡбара аҧсышәала имҩаҧызгаз. Уи 2000 шықәса нанҳәа 22 рзы аҧсышәала ашьаусӡбара мҩаҧганы ашьауҕақәҵара аҧсышәала ирылеиҳәеит. Ари аамҭа ақәшәеит аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан апроект адкылара ианаздырхиоз.

Владимир Ҳараниа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аҟынтәи ихы дақәиҭтәын 2006 шықәсазы. Иара излеиҳәо ала, усҟан аҧсуа маҭәала иҽеилаҳәаны аҧсыуа бызшәала даҽа ҩ-уск рыӡбара иҽазыҟаиҵон, аха дахьымӡеит… Иара иҽазишәахьан иара убасгьы ашьаусмҩаҧгаратә закәанеидкыла (уголовно-процессуальный кодекс) аҧсуа бызшәахьы аиҭагара.

Аҧсны аусӡбара асистемаҿы иџьабаақәа азгәаҭаны, 2011 шықәсазы Владимир Ҳараниа ианашьан Аҧсны Аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу аҳамҭа «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара.

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика