И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсны амилаҭтә библиотека амилаҭтә литературеи аҳәынҭқарратә библиографиа асеқтори рыҟәшаҿы еиҿкаауп Владислав Григори-иԥа Арӡынбеи Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшьи ргәалашәара иазку ашәҟәтәы цәыргақәҵа.
10 шықәса раԥхьа, март 4, 2010 шықәсазы иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба.
Ари арыцхә аҟны рышьхәа еиларсуп агәырӷьареи, ахьааи, агәырҩеи. Аҭоурых ҳазхьаԥшуазар, ҳара ҳзы март 4 арыцхә асимволтә ҵакы амоуп. Ари амш аҽны, 1921 шықәсазы Аҧсны иазырхынҳәын уаанӡа иацәдырӡхьаз аҳәынҭқарра, ишьақәыргылан асовет мчра. Март 4 – рыхьӡ иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынбеи Аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаҧшьи: руаӡәы иҧсҭазаара иалҵреи егьи иира амши еиқәшәеит. Ари ҳажәлар рзы асимволтә ҵакы амоуп.
Владислав Арӡынба аҧсуа жәлар Аиааиреи Ахақәиҭреи рзааигазар, Сергеи Багаҧшь ихаан Аҧсны азхаҵахеит. Уи инапхгарала, Аҧсны арбџьар мчқәа Кәыдрытәи аиҩхаа ҭадырцәит. Атәыла аҳәаақәа ахьынӡанаӡааӡо Аҧсны аиурисдикциа шьақәыргылан.
Ихьаа дууп ари амш ҳажәлар зегьы рзы.
Ргәалашәара наӡаӡазааит Аԥсны Ахадацәа!