Хәажәкыр 29, 2024

Акьыҧхьтә ҭыжьымҭақәа ацифрахь ииаргоит

Ишдыру еиҧш, ҳаамҭазы адунеиаҿ абиблиотекақәа русура акыр аҽеиҭанакит, аҧхьаҩцәа рымаҵ аураҿы иаларгалаз аҿыцрақәа маҷӡам. Жәаба-жәохә шықәса раҧхьа иҟаз аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аҽаҧсахит. Иаларгалеит акомпиутерқәа, иҟалеит аинтернет, ицәырҵит еиуеиҧшым аудио-визуалтә хархәагақәагьы. Урҭ зегьы абиблиотекатә маҵзурақәа реиӷьтәра иацхраауеит. Аҧхьаҩцәа рҿаҧхьа иаатуеит алшара ҿыцқәа.

Убас, ноиабр 5, 2018 шықәсазы И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотекаҿы иаартын ацифрахь аиагара аҟәша (отдел оцифровки). Убри арыцхә инаркны напаркын акрызхыҵуа агазеҭқәа, шамахамзар уаҩы иҧыхьамшәо аҭыжьымҭақәа рыхҩылаара – ацифрахь риагара.

Аҟәша аусзуҩцәа уажәы хықәкыла аус рыдырулоит агазеҭқәа «Аҧсны ҟаҧшь», «Советская Абхазия». Иааизакны иугозар, иахьазы ацифрахь ииагоуп зынӡа 14 349 газеҭтә номерқәа, 57 430 газеҭтә даҟьа.

Агазеҭқәа ацифрахь риагара апроцесс аан аҟәша аусзуҩцәа азҿлымҳара азыҟарҵоит абиблиотекаҿы ирымам (аибашьраан ибжьаӡыз) аномерқәа. Урҭ зегьы хазы ашәҟәы ианырҵоит. Ари аус ҷыдала ахылаҧшра аиҭоит абиблиотека аиҳабы Борис Ҷолариа.

Иахьазы ацифрахь ииагоуп: агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» (1949 инаркны 2019 шықәсанӡа) – 10 899 газеҭтә номерқәа; агазеҭ «Советская Абхазия» (1938 инаркны 1954 шықәсанӡа) –3 450 газеҭтә номерқәа.

Иазгәаҭатәуп акьыҧхьтә ҭыжьымҭақәа аелектронтә версиахь, ацифрахь риагаразы ишаҭаху зхаҭабзиара ҳараку атехника ҷыда. Уи ала И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху абиблиотека иахьазы еиқәшәоуп. Уи моу, иаҭахааны ианыҟала аамҭазы, иалшартә иҟоуп еиуеиҧшым егьырҭ аусҳәарҭақәеи аиҿкаарақәеи рҟынтәгьы арҭ амаҵзурақәа рынагӡара.

Last modified on Donderdag, 27 Жәабран 2020 12:45

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика