Мшаҧы 20, 2024

Зус иазҟазоу, зҧышәа аҿар ирымаздо

АҞӘА, февраль 12, Алхас Чхамалиа. Аҧсны абиблиотекатә ҧсҭазаара аҭоурых уазхьаҧшуазар, аханатә аахысгьы хыҧхьаӡарала ирацәаҩымызт абиблиотекатә ҵара зманы аус зуаз аҧсуаа. Уи моу, иааидкыланы иугозар, урҭ рахьтә аӡәырҩы иреиҳау аҵарагьы рымамызт. Аха аамҭа цон, маҷ-маҷ аҭагылазаашьа аҽаҧсахуан, ҳкультуратә хәышҭаарақәагьы есааира рҽеибырҭон, русура еиҿыркаауан, ицәырҵуан акадр ҿыцқәа. Убас, иҳаҩсыз ашәышықәса 50-60-тәи ашықәсқәа инадыркны азҿлымҳара арҭо иалагеит абиблиотекатә занааҭ. Аӡәаӡәала ицәырҵуан иреиҳау абиблиотекатә ҵарахьы зхы зырхоз, уи аҵакы еилкааны иазнеиуаз аҧсуаагьы. Убри инаркны иааиҵагылаз абиблиотекатә усхк аспециалистцәа дырхыҧхьаӡалоуп иахьа И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотека аметодист нага, 1958 шықәса раахыс зыҧсҭазаара адыррақәа рхыҵхырҭа – ашәҟәқәа ирыдҳәалоу, Аҧсны зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩы, «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара занашьоу Виолетта Елызбар-иҧҳа Иванба. Лара 17 шықәса ракәӡан илхыҵуаз раҧхьаӡа акәны Очамчыра араионтә библиотекахь аусура даннарыҧхьаз.

Виолетта Елызбар-иҧҳа Иванба диит апрель 12, 1941 шықәсазы Очамчыра ақалақь аҟны.

1948 шықәсазы дҭалоит Очамчыратәи аурыс абжьаратә школ №2, аха 1954 шықәсазы ҩаҧхьа аҧсуа школқәа анаадырт, уахь диасуеит аҵаразы. Ашкол далгоит 1958 шықәсазы.

Виолетта Елызбар-иҧҳа ашкол аҿы аҵара анылҵоз зегь рыла дҿырҧшыган: лхы рылалырхәуан ашкол аҟны имҩаҧыргоз ауаажәларратә усқәа зегьы, ашколтә радио аҟны дикторк лаҳасабала лхы ҧылшәон, аныҳәақәеи аконцертқәеи раан мҩаҧгаҩыс далырхуан. Активла лхы аалырҧшуан аспорт аҿы, еиҳаракгьы атлетика ласи амҵәышәымпыли рганахьала.

Ашкол даналга илыӡбоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт атәым бызшәақәа рыҟәша дҭаларц, аха ацхыраара ахьылмоуз иахҟьаны абалқәа лзымхеит. Аха гәкажьрак ҟамҵакәа дхынҳәуеит лықалақь гәакьахь, аусуразгьы Очамчыра араионтә библиотекахь днарыҧхьоит. Убри инаркны Виолетта Елызбар-иҧҳа абиблиотека агәыбылра шьҭылхуеит.

1960 шықәсазы дҭалоит Москватәи акультура аинститут абиблиотекатә факультет, дагьалгоит қәҿиарала 1965 шықәсазы, занааҭла – иреиҳаӡоу аквалификациа змоу абиблиотека аусзуҩы-абиблиограф. Иара убри ашықәс азы аус ахьылуаз Очамчыра араионтә библиотекаҿы аҧхьарҭатә зал еиҳабыс дҟарҵоит.

1976 шықәсазы абиблиотекақәа реидҵа хада асистема анаҧырҵа ашьҭахь, ашәҟәытә фонд аиҿкаареи ахархәареи рыҟәша еиҳабыс диаргоит. Шықәсык аҟара ааҵуаны Очамчыра араион абиблиотекақәа реидҵа хада аиҳабы ихаҭыҧуаҩс дҟарҵоит. Ари амаҵураҿы ламысцқьала жәашықәса аус анылу ашьҭахь, абиблиотекақәа реидҵа хада анапхгара лнапы ианырҵоит.

Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь Виолетта Елызбар-иҧҳа илыллыршеит аибашьраан ааха зауз Очамчыра араион абиблиотекақәа реидҵа хада аиҭашьақәыргылара. Лара илыбзоураны иаартын акымкәа-ҩбамкәа абиблиотекақәа: Тамшь, Баслахә, Ҧақәашь, Кәтол, иара убасгьы Очамчыра ақалақь аҟны иҟаз Аҧсны атәылахьчара аминистрра Архәҭа мрагыларатәи агәыҧ акоменданттә ротаҿы. Урҭ раартра анаҩсгьы, еснагь дрымадан, ихалырҭәаауан рфонд ҿыц иҭыҵуаз алитературала, имаҷымкәа ацхыраара рылҭон еиуеиҧшымыз акультуратә усмҩаҧгатәқәа реиҿкаараҿы.

Иазгәаҭатәуп, Виолетта Иванба абиблиотекаҿы лусура лҽахаршәаланы лхаҭа активла ауаажәларратә усура лхы шалалырхәуаз. Асовет аамҭазы 20 шықәса инареиҳаны аҭыҧантәи арадио аҟны дикторс аус луан, аныҳәа дуқәеи апарадқәеи рымҩаҧгара акәзар, лдикциа ахьыбзиаз азы, еснагь лара лнапы ианырҵон. Араион аҿы лассы-лассы еиуеиҧшым ахәылҧазқәеи аиҧыларақәеи еиҿылкаауан, иагьымҩаҧылгон. Уи иадлыҧхьалон аџьаус аҿы аҧхьагылара аазырҧшуаз анхацәа, 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа, Аҧсны жәлар Рџьынџьтә еибашьра афырхацәа, анацәа, ашәҟәыҩҩцәа, апоетцәа, аҵарауаа уҳәа убас егьырҭгьы. Ҷыдала аусмҩаҧгатәқәа еиҿылкаауан алитература абзиабаҩцәа, аҩраҿы зхы ҧызшәоз аҿар рзы: имҩаҧылгон ахәылҧазқәа, ахәмаррақәа, аицлабрақәа.

Виолетта Елызбар-иҧҳа шықәсырацәала инеиҧынкыланы  лусуреи иаалырҧшуаз ақәҿиарақәеи азгәаҭаны усҟантәи Қырҭтәылеи Аҧсны автономтә республикеи рнапхгара изныкымкәа аҳаҭыртә шәҟәқәа, адипломқәа уҳәа ланаршьахьан. 1983 шықәсазы абиблиотекатә ус арҿиараҿы ллагала азгәаҭаны илыхҵан «Аҧснытәи АССР зҽаҧсазтәыз абиблиотека аусзуҩы» ҳәа ахьӡ ҳаракы.

Апрель 3, 1970 шықәсазы В.И. Ленин диижьҭеи 100 шықәса аҵра аҳаҭыраз СССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ахьӡала Виолетта Иванба иланашьан аиубилеитә медал.

2009 шықәсазы абиблиотека аусзуҩы 50 шықәса лусура, лааҧсара еихызшьаало акакәны иҟалеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.У. Багаҧшь иқәҵарала «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара ланашьара.

Виолетта Елызбар-иҧҳа шықәсырацәалатәи лусура иалагӡаны ирацәаҩуп ашәҟәы абзиабара, агәыбылра злыркыз, аҵарадыррахь ихьалырҧшыз, анаҩс ҳаҧсуа культура, ҳаҧсуа ҟазара уҳәа инаҵагылаз ауаа. Лара аханатә аус лыцызуаз лҩызцәа иазгәарҭоит, Виолетта Елызбар иҧҳа луаҩышьа ҳаракы, лаамсҭашәара, лыламыс, лчеиџьыка. Иуҳәар ҟалоит, ари аҧҳәыс аҧсҭазаараҿы акыр џьа лбахьазаргьы, акыр амыҟәмабарақәа дрықәшәахьазаргьы, насыҧ ду змоу уаҩуп ҳәа. Избан акәзар лара илааӡеит ахшара бзиа: илымоуп хҩык ахәыҷқәеи хҩык амаҭацәеи.

Абраҟа иазгәасҭарц сҭахуп, Виолетта Иванба ишлылоу даҽа ҟазшьа ҷыдакгьы: лгәы иҭалкуа, дызлаго аус аҵыхәтәанынӡа иналыгӡаанӡа лгәы ҭынчым, иналмыгӡаргьы луӡом. Изхысҳәаауа, аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рзы Очамчыра абиблиотекақәа реидҵа хада аматериал-техникатә база аганахьала аҭагылазаашьа даараӡа иуадаҩын: адашьмақәа ҭаҧыҽҽын, ишьыхыз аҭыӡқәа ана-ара икыдыҩрны илеиуан, ацәаакыра мыцхәы иахҟьаны ашәҟәқәа аҧхасҭа роур ҳәа ашәарҭара ыҟан. Араион аҿы афинансқәа рыҟамзаара иахҟьаны изалыршахомызт абиблиотека ахыбра арҽеира. Аха уи аус ӡбамкәа иаанхар луазма Виолетта Елызбар-иҧҳа! Уахи-ҽни дзызхәыцӡоз иара акәын. Изныкымкәа апроблема шьҭылххьан араион ахадараҿы. Убас, 2013 шықәсазы арион ахада Мурман Џьапуа ибзоурала ақалақь агәҭаны абиблиотеказы 9 уадак ылхын. Уи ахыбра аиҭашьақәыргыларазы уаанӡа ацхыраара ҟаиҵахьан С.У. Багаҧшь. Абиблиотекатә маҭәарқәа аахәан араион ахадара рыбзоурала.

Абасала, Очамчыра абиблиотекақәа реидҵа хада ахыбра ҿыц ашәқәа аартын 2015 шықәса, ноиабр мзазы. Уи официалла аартра иалахәын атәыла акультура аминистрра, Аҧсны амилаҭтә библиотека анапхгара, араион ахадара, акультура аҟәша ахаҭарнакцәа, абиблиотекақәа русзуҩцәа. 

Виолетта Иванба иахьа лышьҭахьҟа дынхьаҧшны дызнысхьоу аҧсҭазааратә амҩа даныҧшылауа иазгәалҭоит: «Сара насыҧ сыманы схы сыҧхьаӡоит Аҧсны абиблиотекатә ҧсҭазаара аҿиара саӡәыкны сахьалахәу. Сазыгәдууп 61 шықәса аус ахьызуаз Очамчыра абиблиотекақәа реидҵа хада, насгьы агәахәара снаҭоит уи ҿыц аиҭашьақәыргылара сџьабаа ахьаду. Сгәы азыбылуеит иахьагьы. Абиблиотека – ари сара исыҧсҭазаароуп. Исылшоз ҟасҵеит, иҟасҵоит иахьагьы. Аха уажәшьҭа аамҭа зтәу шәара шәоуп, аҿар», – лҳәоит лара.

Ҳазҭысыз ашықәс февраль 1 азы Виолетта Елызбар-иҧҳа лқәыҧшра ашықәсқәа инадыркны аус ахьылуаз Очамчыра абиблиотекақәа реидҵа хадаҿы лусура аанлыжьит хатәгәаҧхарала. Аха асеиҧш ззанааҭтә ҩаӡареи зыҧсҭазааратә ҧышәеи ҳараку аспециалист абиблиотека еснагь даҭахуп. Убри ҳасабс иҟаҵаны ауп И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа Виолетта Елызбар-иҧҳа длыҳәаны ҩаҧхьа абиблиотекатә ус дзадиҧхьалазгьы. Лара Амилаҭтә библиотекаҿы аусура далагеит октиабр 1, 2019 шықәсазы. Араҟагьы лдырреи лҧышәеи аҿар ирымалдоит. Аколлектив акәзар, ҳаҭыр дула илзыҟоуп.

Аамҭа кьаҿк иалагӡаны Виолетта Иванба Амилаҭтә библиотекаҿгьы еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа рынагӡара напалыркит. Убас, мызқәак раҧхьа еиҿылкааит 33-ҩык Аҟәатәи ашколхәыҷқәеи Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәеи злахәыз, алитература абзиабаҩцәа, ҿыц аҩра иалаго ирызкыз «Иҿыхоит сгәаҵаҿ апоезиа» ҳәа хьӡыс измаз ахәылҧаз. Уи аихшьаалақәа рыла хаз шәҟәны иҭыжьын авторцәа ҿарацәа еидызкыло аизга.

Илзеиҕьаҳшьап нас Виолетта Елызбар-иҧҳа агәабзиара, аҧсуа иқәранҵыра ду, агәалаҟазаара бзиа!

 

 

 

 

 

 

Last modified on Donderdag, 13 Жәабран 2020 10:47

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика