Хәажәкыр 29, 2024

Амилаҭтә библиотеказы – аҳамҭа бзиа

Амилаҭтә библиотеказы – аҳамҭа бзиа © Алхас Чхамалиа

АҞӘА, февраль 2, Алхас Чхамалиа. И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотека ҳамҭас иаҭоуп иаарылукааша апартиатәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы Шоҭа Мама-иҧа Шьакаиа иҭаацәаратә библиотекатә фонд.

Адунеиаҿ иуҧылоит имаҷымкәа ахаҿсахьақәа, мыцхәы зыбжьы мыргаӡакәа, хӡыргарада, зыҧсҭазаара зегьы зыуаажәлари зыҧсадгьыли рымаҵ аура иазызкыз. Ус еиҧш иҟоу ауаа лассы-лассы иубаӡом, есҽны убла ихгылаӡом, рыӡбахә уаҳаӡом, аха ианраамҭоу дасу рус иаҿуп, рыжәлар рыгәҭа игылоуп, рхьаа рхьаауп, ррыцҳара даргьы иррыцҳароуп, гәырҕьарак рымазаргьы, иалахәуп. Аҧсны аҭоурых аҿгьы иҟан, иҟоуп иахьагьы урҭ реиҧш ахаҿсахьақәа.

Урҭ рхыҧхьаӡарахь даҵанакуеит иҳаҩсыз ашәышықәсазы Аҧсны иаарылукааша апартиатәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы Шоҭа Шьакаиа.

Ҳәара аҭахым, Шоҭа Мама-иҧа Шьакаиа Аҧсны ахы-аҵыхәа ахьынӡанаӡааӡо аиҳабыратә абиҧара ибзианы дыргәалашәоит. Уи дреиуоуп иҳаҩсыз ашәышықәса 50-тәи ашықәсқәа инадыркны ҳтәылаҿы иааиҵагылаз апартиатәи аҳәынҭқарратәи усзуҩцәа хатәрақәа, аҧхьагылаҩцәа.

Шоҭа Шьакаиа иџьатә мҩа алагоит Тҟәарчалтәи арацәаҵхырҭа аҟынтәи. Нас аус иуан апартиа Тҟәарчалтәи ақалақьтә комитет актәи маӡаныҟәгаҩс. Уи ашьҭахь диаргоит Очамчыраҟа. Анаҩс Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет депутатс далхын. Арҭ аамақәа рзы имаҷым Шоҭа Мама-иҧа ибзоурала инагӡаз аус бзиақәа. Аамҭак азы хантәаҩра азиуан уаанӡа еицаркхьаз Аҧсны атопонимитә хьыӡқәа рырҽеиразы иаҧҵаз аҳәынҭқарратә комиссиа. Шоҭа Шьакаиа иредакциала раҧхьаӡа акәны 1979 шықәсазы адунеи абеит афотоальбом «Аҧсны». Уи ҭыжьын ахаҭабзиара ҳаракны, тираж рацәала, ирласынгьы Асовет Еидгыла зегьы иахыҵәеит: Аҧсны ззымдыруазгьы ирбеит, ираҳаит, ахьӡ шьҭыҵит.

Шоҭа Мама-иҧа ибзоурала, инапхгарала 1982 шықәсазы «Мосфильм» иҭнахит Аҧсны асовет мчра ашьақәыргыларазы ақәҧара (1918-1922) иазкыз аҭоурыхтә фильм, аҧсуа шәҟәыҩҩы Шьалодиа Аџьынџьал исценариала. Абасала, Шоҭа Мама-иҧа Шьакаиа иганахьала иуҳәаша рацәоуп. Аха сара уажәы сыззааҭгыларц исҭаху даҽакуп.

Ааигәа аҵарауаҩ, агеографиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Лаура Шоҭа-иҧҳа Шьакаиа И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотека ҳамҭас иалҭеит лара лаб, иаарылукааша апартиатәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы Шоҭа Мама-иҧа Шьакаиа иҭаацәаратә библиотекатә фонд.
Иазгәаҭатәуп, ҳамҭас абиблиотека иаҭоу Шьакаиаа рҭаацәаратә фонд аҟны ишыҟоу ашәҟәқәа реиҧш, еиуеиҧшым адокументқәа, афотосахьақәа, асувенирқәа.

«Ҳара зынӡагьы ҳазыҧшӡамызт ари аҩыза аҳамҭа, – иҳәоит Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа. – Зегь раҧхьа иргыланы, Шоҭа Шьакаиа дҵарауаҩӡамызт, аха дуаҩ дуун, аҳәынҭқарратәи апартиатәи усзуҩын, деиҿкааҩ наган. Ҳара иҭаҩны иҳадаҳкылеит 1600 инарзынаҧшуа ашәҟәқәа, насгьы урҭ зҭагылаз амебельгьы нацҵаны. Иҟоуп иара убасгьы еиуеиҧшым аамҭақәа рзы Шоҭа Мама-иҧа ирҭахьаз аҳамҭақәа, еиҳаракгьы 1980 шықәсазтәи аолимпиада иадҳәалоу. Адокументқәа ртәы ҳҳәозаргьы, араҟа иаҳҧылоит усҟантәи аамҭазы Шоҭа Шьакаиа хантәаҩра ззиуаз, Аҧсны атопонимиатә хьыӡқәа рышьақәыргыларазы аҳәынҭқарратә комиссиа еиқәнаршәаз аматериалқәа. Урҭ рыхҩылаақәа, ҳәарада, ирыҭахоит Аҳәынҭқарратә архив ахьгьы», – иазгәеиҭеит Борис Ҷолариа.

Шоҭа Шьакаиа ҵеи дихымшеит, аха иааӡеит аӡҕабцәа бзиақәа. Лаура лакәзар, хыхь ишаҳҳәахьоу еиҧш, дҵарауаҩуп. 1986 шықәса раахыс дынхоит Хорватиа (лыҧшәма дхорватуп), Загребтәи ауниверситет аҟны аус луеит. Агеографиатә ҭҵаарадыррақәа дырдокторуп, профессоруп. Лыҭҵааратә усура азкуп акультуратә географиа. Авторс дрымоуп аҭҵаарадырратә шәҟәқәа хҧа. 40 инареиҳаны лусумҭақәа акьыҧхь рбахьеит Урыстәыла, Хорватиа, Франциа, Бразилиа, Швециа, Англиа, Германиа. Лара алекциақәа дрыҧхьон Лиублиантәи, Москватәи ауниверситетқәеи, иара убасгьы Порто (Португалиа) ауниверситети Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Агеографиа аинститути рҟны.

Лаура Шоҭа-иҧҳа лыҧсадгьыл акыр дацәыхараны дшынхогьы, аимадара лырӡуам, Аҧсни аҧсуааи ирыдҳәалоу аинформациа еснагь дазҿлымҳауп. Лара илыбзоураны европатәи аҭыжьымҭақәа руак аҟны акьыҧхь абахьеит аҧсуа литература аклассикцәа ирызку аочерк, иара убасгьы аҧсуа поетессацәа гәыҧҩык ражәеинраалақәа еиҭаганы илкьыҧхьхьеит.

Шоҭа Мама-иҧа Шьакаиа иҭаацәаратә библиотекатә фонд шықәсырацәала еизигон, гәцаракрыла дазыҟан, дагьахӡыӡаауан. Иусура дшаахашәалалак, ашәҟәыҧхьара далагон. Иара лымкаала бзиа ибон аҧсуа литература; адокументалтә ҩымҭақәа, Аҩбатәи адунеитә еибашьра иадҳәалаз; аҳәаанырцәтәи алитература, аурыс поезиа; ауаа нагақәа рнысымҩа аазырҧшуа аҩымҭақәа – амемуаристика.

«Ганкахьала, даара сгәы азхьаауеит саб ибиблиотека, аха, даҽа ганкахьала, сеигәырҕьоит уи иахьарнахыс Аҧсны амилаҭтә библиотека анапаҵаҟа иахьыҟало, уи уажәшьҭа жәлары зегьы иртәуп, – лҳәоит Лаура. – Ишыжәбо еиҧш, Борис Ҷолариа инапхгарала ари абиблиотека аҿиара, аизҳара амҩа иануп».

Амилаҭтә библиотека Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ааха ҕәҕәа аиуит, уи иахьа уажәраанӡагьы ахарҭәаара иаҿуп, ибжьаӡыз алитература еиҭашьақәдыргылоит. Борис Ҷолариа иажәақәа рыла, убри аганахьала Шьакаиаа рҭаацәара иҟарҵаз аҳамҭа лагала дууп.

Шоҭа Мама-иҧа иқәлацәа, иааигәаны дыздыруаз, аус ицызуаз реиҳараҩык рыҧсҭазаара иалҵхьеит. Аха иҟоуп уи азҿлымҳара ззиуаз, абжьгарақәа зиҭоз, шықәсыла акыр иеиҵбацәазгьы. Убарҭ дыруаӡәкуп ҳтәылаҿы еицырдыруа аҳәынҭқарратә усзуҩы Виачеслав Михаил-иҧа Цыгәба. Ҳаиҿцәажәараан уи иазгәеиҭеит:

– Шоҭа Мама-иҧа Шьакаиа – зус ҭакҧхықәрала иазнеиуаз, инаумыгӡаз аус азы ҕәҕәала иуазҵаар зылшоз, аихьӡарақәа уоур, гәык-ҧсык ала еигәырҕьоз, ҟазшьала аџьбарареи агәыҧшқареи еицны излаз еицырдыруаз апартиатәи аҳәынҭқарратәи усзуҩын. Анаҩстәи абиҧарақәа, иара саргьы убрахь снарылаҵаны, Шоҭа Мама-иҧа ишкол иааӡаз рацәаҩуп. Лассы-лассы насгьы ҳаҭыр дула дысгәалашәоит, аамҭак азгьы аус еицаауан: сара усҟантәи Аҧсны аиҳабыра рхантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩыси обком абиуро лахәыласи сыҟан, иара – мацара хаҭыҧуаҩын. Аха иқәреи иҧышәеи ҳаҭыр ақәҵаны, лассы-лассы икабинет ахь сылбаауан, ҳаидтәаланы абжьааҧнытәи аусқәа ҳрылацәажәон. Иабжьгарақәа сара сзы еснагь акыр рыҵаркуан. Иаамҭамкәа иҧсҭазаара далҵит, зегьы ҳгәы иалоуп, аха мышкызны ҳтәыла апартиатәи аҳәынҭқарратәи усзуҩцәа рҭоурых аӡәыр иҩуазар, сгәы иаанагоит, Шоҭа Мама-иҧа Шьакаиа урҭ рыбжьара иҷыдоу аҭыҧ шааникыло», – иҳәеит Виачеслав Михаил-иҧа.

Ишырҳәо еиҧш, адунеиаҿ зегьы аамҭак-аамҭак, ҿҳәарак-ҿҳәарак рымоуп, аха наунагӡа иаанхоит ахьӡ, агәалашәара. Шоҭа Шьакаиа иҭаацәаратә библиотекатә фонд Аҧсны амилаҭтә библиотекахь аиасра даҽазныкгьы иарҵабыргуеит ари ауаҩ нага ихьӡ лаша аҧсуа жәлари аҧсуа культуреи ыҟанаҵы ишыҟазаауа, ҧсра-ӡра шақәымло. Игәалашәара наӡаӡазааит!

Last modified on Maandag, 03 Жәабран 2020 11:04

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика