Print this page

50 шықәса абиблиотека амаҵ азызуа

Ажьырныҳәа 21, 2020 580

АҞӘА, ианвар 21, Алхас Чхамалиа. И.Гь. Папасқьыр ихь зху Аԥсны амилаҭтә библиотека ҳаамҭазы аԥхьаҩцәа ргәазыҳәарақәа ҩаӡара ҳаракыла иназыгӡо, ихазырҭәаауа акультуратә усҳәарҭақәа ируакуп. Зҭоурых шәышықәса инарзынаԥшуа ари абиблиотека аханатә аахыс амаҵ азыруан зус ҭакԥхықәрала иазнеиуаз ауаа, абиблиотекатә усхк аганахьала иахәҭоу азыҟаҵара змаз аспециалистцәа. Усҟан, ҳәарада, урҭ хыԥхьаӡарала имаҷҩын.

Аамҭа ҿыц иабзоураны, ари акультуратә хәышҭаара анапхгара рымчала абиблиотека аус акыр иҿиеит, ԥхьаҟа ицеит, еиҵагылеит аҿар бзиа. Аха зхатә ҷыдара змоу абиблиотека аусзуҩы изанааҭ азҟазацәа, уи аганахьала апрофильтә ҵара змоу зынӡагьы ирацәаҩӡам иахьагьы. Урҭ рахьтә иҟоуп зыԥсҭазаара аӷьырак абиблиотекатә усура иазызкыз. Убарҭ дырхыԥхьаӡалоуп Лиудмила Тимофеи-иԥҳа Черевко.

Л.Т. Черевко иаҳхысыз ашықәс азы 70 шықәса лхыҵит. Урҭ рахьтә 50 шықәса абиблиотека амаҵ аура иазылкит.

Л.Т. Черевко диит ианвар 14, 1949 шықәсазы Узбекистан аҳҭнықалақь Ташкент, аруаҩ, аҳәаахьчаратә архәҭа афицар Тимофеи Иван-иԥа Черевко иҭаацәараҿы. Уи 1963 шықәсазы ирратә уалԥшьақәа рынагӡаразы Аҟәаҟа дахьиаргаз иахҟьаны, иҭаацәа иманы нхара арахь даауеит.

1966 шықәсазы Л.Т. Черевко А.С. Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №2 даналга, дҭалоит Аҟәатәи акультура-ҵаралашаратә ҵараиурҭа. 1969 шықәсазы қәҿиарала далгоит ихарҭәаау акурс «Абиблиотекадырра» азанааҭ ала, иагьланаршьоит аквалификациа: «Абжьаратә квалификациа змоу абиблиотека аусзуҩы».

Ииуль 1, 1969 шықәса инаркны аусура далагоит Аԥсны ареспубликатә библиотекаҿы (иахьа – И.Гь. Папасқьыр ихь зху Аԥсны амилаҭтә библиотека) абиблиотека аусзуҩы еиҵбы лаҳасабала.

1970-1975 шықәсқәа рзы аҵара лҵон А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт (латәарадатәи аҟәша) аҟны. Далгеит аҭоурыхтә факультет.
1976 шықәсазы дҟаҵан апериодикатә литература асектор еиҳабыс. Лзанааҭ хада инаваргыланы лнапы алакын ауаажәларратә усурагьы: акомсомолтә еиҿкаара маӡаныҟәгаҩс даман, апрофильтә комитет дахантәаҩын, иара убасгьы еиуеиԥшымыз ауаажәларратә напынҵақәа налыгӡон.

Абиблиотека аусхк аҟны ллагалеи шықәсырацәала инеиԥынкыланы лусуреи рзы 1989 шықәсазы Л.Т. Черевко илыхҵан «Қырҭтәыла ҳаҭыр зқәу абиблиотека аусзуҩы» ҳәа ахьӡ ҳаракы. Иара убасгьы 2011 шықәсазы – «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы».

1995 шықәса раахыс абиблиотека аԥхьарҭатә зал аҟәша напхгара азылуеит.

Гәык-ԥсык ала илыдаҳныҳәалоит Лиудмила Тимофеи-иԥҳа Черевко иааиԥмырҟьаӡакәа лџьатә усура 50 шықәса ахыҵра. Илзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, аҭынчра, агәалаҟазаара бзиа, лнапы злаку аус аҟны аманшәалара.

Last modified on Woensdag, 22 Ажьырныҳәа 2020 13:50