Хәажәкыр 29, 2024

Аҭоурыхтә ҵабырг аиҭаҳәара зылшаз

Ажьырныҳәа 16, 2020 435

Шәышықәса дшырҭагылаз лыҧсҭазаара далҵит Адиле Шахбас-иҧҳа Аббас-оглы, Аҧсны анапхгаҩы, аҵеи хьӡырҳәага Нестор Аполлон-иҧа Лакоба иҭаацәара иахәҭакыз (иабхәында иҧҳәыс), аамҭа еиқәаҵәақәа ирхааныз, уи зегьы хаҭала изхызгаз аҧҳәыс гәымшәа, ауаҩы-легенда.

Амыҟәмабарақәа зегьы дыриааины, лара илыллыршеит иҳаҩсыз ашәышықәса 30-тәи ашықәс еиқәаҵәақәа ирызку ахҭыс хлымӡаахқәа аҭоурых азныжьра. Зегьы еицырдыруа иҟалеит Адиле Аббас-оглы авторс дызмоу ашәҟәқәа (урыс бызшәала): раҧхьатәи "Не могу забыть", иара убасгьы анаҩс ихарҭәааны ҿыц иҭыжьыз "Моя Абхазия... Моя судьба". Урҭ рҟны цәаҳәа ҟаҧшьны иагәылсуеит Нестор Лакобеи, уи иҭаацәареи, асовет тәыла анапхгаҩы И.Сталини, Л.Бериеи уҳәа убас егьырҭгьы ирызку агәалашәарақәа, Аҧсны имҩаҧысуаз арепрессиақәа ртәы.

Аҧсны зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩы, аџьа аветеран, "Ахьӡ-аҧша" аорден II аҩаӡара занашьаз Адиле Аббас-оглы лышәҟәқәа И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека, ҳтәыла егьырҭ абиблиотекақәа рҟны еиҧш, ахьтәы фонд иахыҧхьаӡалоуп. Арҭ аизгақәа ирыбзоураны ҳаҧхьаҩцәа алшара роуит аҭоурыхтә ҵабырг "лабҿаба" агәылаҧшра, автор "илыцны" уи агәылсра.
И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека анапхгареи аколлективи гәалсра дула ирыдышшылоит Адиле Аббас-оглы луацәеи лҭынхацәеи.
Лыҧсаҭа бзиазааит!
Хашҭра лықәымзааит!

Last modified on Woensdag, 22 Ажьырныҳәа 2020 13:48

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика