Мшаҧы 26, 2024

«Иҿыхоит сгәаҵаҿ апоезиа…» – абас хьӡыс иаман иахьа И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсны амилаҭтә библиотекаҿы

«Иҿыхоит сгәаҵаҿ апоезиа…» – абас хьӡыс иаман иахьа И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсны амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысыз, Аҟәа ақалақь ашколхәыҷқәеи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәеи злахәыз ахәылԥаз. Уи аиҿкаара хықәкыс иамоуп алитература бзиа избо, зхатә ҩымҭақәа раԥҵараҿы зхы ԥызшәо ахәыҷқәеи аҿарацәеи рбаҩхатәра аарԥшра, ацхыраара рыҭара, амҩа иаша рықәҵара.

Абиблиотка анапхгареи аусзуҩцәеи, ҷыдала ари апроект аиҿкаара зҭакҧхықәраз Виолетта Иванбеи даара аус руит аҳҭнықалақь аҟны: ашколқәа рнапхгаҩцәеи арҵаҩцәеи рыҽрымаданы иалрыԥшааит имаҷҩымкәа абаҩхатәрақәа, аусгьы рыдырулеит. Апроект иақәҿырҭит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет В.П. Анқәаб ихьӡ зху акабинет аҟны еиҿкаау алитературатә еилазаара алахәылацәагьы.

Борис Ҷолариа иажәақәа рыла, ахәылԥаз зхы алазырхәыз аҿарацәа реиҳараҩык И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсны амилаҭтә библиотека аԥхьаҩцәа роуп, аусмҩаԥгатә аиҿкаарагьы хықәкы хадас иамоуп урҭ ашәҟәы агәыбылра, абзиабара дыркра, аԥхьаратә культура ашьҭыхра.

Апроект еиднакылеит зынӡа 34-ҩык аҿарацәа. Зегьы алшара рыман рхатәы жәеинраалақәа исахьаркны рыԥхьаразы. Урҭ рахьтә иҟоуп раԥхьаӡа акәны зажәеинраала хәыҷқәа рыла ицәырҵызгьы.

Аусмҩаԥгатә далахәын Аԥсны акультура аминистрра ахаҭарнак Адамыр Гәынба.
Ахәылԥаз мҩаԥысит даара аҩаӡара ҳаракы аманы, илахҿыхны. Аҿар рпоезиатә қәгыларақәа хадырҭәаауан арахь ааԥхьара змаз Аԥсны жәлар рартист Роза Чамагәуаԥҳа напхгара зылҭо аҭыԥҳацәа рашәаҳәаратә гәыԥ. Инарыгӡеит акымкәа-ҩбамкәа аҧсуа жәлар рашәақәа.

Иазгәаҭатәуп, абиблиотека анапхгара рыбзоурала ахәылԥаз иалахәыз авторцәа ҿарацәа ражәеинраалақәа еидызкыло аизга шәҟәы шҭыжьыз. Уи дара рзы зегьы иреиҳау ҳамҭа дуны иҟалеит.

Афото: © Чхамалиа А.А.

Last modified on Woensdag, 22 Ажьырныҳәа 2020 13:46

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика