Print this page

И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы аҿыцрақәа.

November 15, 2018 538

Амилаҭә библиотекаҟны иҿыцны еиҿкаауп аҟәшақәа ҩба: ашәҟәқәа ацифрахь риагареи аԥхьаҩцәа ҳаамҭазтәи атехникатә ҿыцрақәа ирықәшәо рымаҵ ахьыруеи.

Амилаҭтә библиотека хықәкыс иамоуп есымшаара ҳаамҭа иақәшәо аҿыцрақәа рыԥшаара, иазҿлымҳауп аҭоурыхтә шәҟәқәа рыҵәахра, насгьы иахьынӡазалшо урҭ ргәылаԥшра марианы аҟаҵара. Убри инамаданы Амилаҭтә библиотекаҟны еиҿкаахеит ашәҟәқәа ацифрахь ииаганы рыҟаҵара. Ҳара ҳҳәынҭқарра хәыҷы азы уи ихымадатәины ҳахәаԥшуеит. Насгьы аԥхьаҩцәа рзы 2019 шықәса нахыс иҟалоит И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека ахатәы абызкаҭнаҳатә интернет даҟьаҿы. Уа, иубарц улшо иҟалоит аелектронтә версиала, шамахамзар иуԥымло, зоура уадаҩу ҳҭоурыхтә шәҟәы лыԥшаахқәа, ажурналқәа, агазеҭқәа. Амилаҭтә библиотекаҿы урҭ ашәҟәқәа ҵәахуп уаҩы илаԥш иахьыҵамшәо, насгьы хазы иазалху ашәҟәытә палата аҟәша ҳәа иахьашьҭоу. Иаарласны урҭ абхьыцқәа еихыршәшәо аԥхьаҩ ила иабо иҟалоит, аха аелектронтә верисала. Абиблиотека, ари аҩыза амҩахь акыр шықәса азнеира иаҿын, абыржәоуп ианынагӡахаз. Хышықәса ҵуан иааганы ишьҭоуижьҭеи зыхә даара иҳараку аппаратура аус рзаламуа, уи зыхҟьоз аԥареи апрофессионалтә кардла иахьеиқәшәамыз акәын. Аԥсны дыҟамызт атәы здыруаз ауаҩы. Аха абиблиотека аиҳабы Борис Ҷолариа ибзоурала Урыстәылантәи дыԥшаан уи аппарат аус адулашьа дзырҵашаз ауаҩы. Ноиабрь 5 инаркны 8-нӡа Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысуан асеминарқәа, апрактикатә усурақәа ашәҟәқәа ацифрахь риагаразы аппаратурақәа ахьыҭрыжьуа афирма "ПроСофт-ПК" аҟынтәи аспециасит Андреи Дубков Владимир-иԥа инапхгарала. Ноиабрь 15 инаркны аппаратура знапахьы иаазгаз Амилаҭтә библиотека аусзуҩцәа рынагӡарала аҟәша аусура напы аркын.

Акомпиутертә техника абзоурала аԥхьаҩ имаҵ ахьухо аҟәша

И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы иаартхеит даҽа ҟәша ҿыцк, араҟа дарбанзаалакь аԥхьаҩ урысшәалагьы ԥсышәалагьы ииҭаху аинформациа ԥшааны иаарласны иркьыԥхьырц ахьрылшо, аксерохҩылла, аламинированиа ҳәа изышьҭоу - ашәҟәқәа, мамзаргьы адокументқәа еиқәҵаны ацәа рхаҵара, иара убас акурстә усумҭақәеи адипломтә усумҭақәеи дырхиоит, хымԥада уи иазҟазоу апрофессионалтә усзуҩцәа.

Last modified on Woensdag, 28 November 2018 15:23

Related items