Мшаҧы 19, 2024

Борис Ҷолариа 70-шықәса ихыҵра

Ауаҩ нага, Аԥсны акультуратә ԥсҭазаараҿ зџьабаа рацәаӡоу, Аԥсны ашәҟәыԥхьарҭа ахәышҭаара Амилаҭтә библиотека аибашьра ашьҭахьтәи аиҭашьақәыргылареи, аҿиарамҩеи гәыцәс иамоу. «Ҳаҭыр зқәу аполиграфист», «Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы», «Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы» ҳәа ахьыӡқәа зыхҵоу Борис Шьаликәа-иԥа Ҷолариа ихыҵит 70-шықәса! Уи аиубилеитә еиԥылара еиҿкаан И. Гь. Папсқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы, Екатерина Бебиаԥҳаи аколлектив аусзуҩцәеи реиҿкаарала.

Борис Шьаликәа-иԥа Ҷолариа дызнысыз амҩа мариамызт, ҟәаԥаҿаԥаран, еибарххаран, иагьеибашьран, аха уи иԥсҭазааратә мҩа данысит иуаҩреи, иаԥсуареи, иламыс ацқьареи аԥсуа бираҟ еиԥш иҳаракны, ишьҭыхны.

Ауаҩы еилыхха, аҟәыӷа, иҵаулан ихәыцуа, зажәа аасҭа зус еиҳау, идеиала иҭәу, арласратә ҟазшьа змоу, зегь рыхьӡара зцәаҩоу… Борис Ҷолариа диит сентиабр 20, 1948 шықәсазы Тамшь ақыҭан. Тамшьтәи абжьаратә школ далгоит, уи ашьҭахь Аҟәатәи аиндустриалтә технакум, аррамаҵзура, Аҟәатәи агазеҭтә типографиа, Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогигатә интститут агеографиа афакультет, агеграфиа рҵаҩыс Аҟәатәи ажәабатәи абжьаратә школ, аҵара аминистрра, ахәыҷқәа ирызку аныҟәарақәа рыстанциа напхгараҭара, Одессатәи аполиграфиатә техникум, агазеҭтә типографиаҿ Аԥсны иазку аполиграфиа аиҿкаара, «Декабр 14» иазкны амарафон аиҿкаара ихантәаҩрала, 1995 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа директорс аус иуеит И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы. Абас иҟоуп инысымҩа аиубилиар. Аха ара еиқәысмыԥхьаӡаз заҟа ус дрыхьӡаз, шаҟа ихы иалиршаз аҳәара уадаҩуп. Борис Шьаликәа-иԥа инапы ианырҵоз иарбан усзаалак аҵыхәанӡа инамыгӡакәа дыхнымҳәыц. Ианакәызаалакгьы ицәаҩа хадақәа иреиҳауп иарбан усзаалак иара ихатә усушәа идкылара, дарбанзаалак ихаҵгылара, ицхраара, иҩаӡахара, аус хадақәа алыҟәшәааны рырҵаулара, ганрацәала рызнеира. Борис Ҷолариа илаз ибаҩхатәра еиҳа инарҵаулан иахьааԥшыз Амлаҭтә библиотекаҿы ауп. Аџьынџьтәылатә еибашьраан ааха ду аиуит, иблын зыда ыҟамыз ашәҟәы лышԥаахқәа, абиблиотека ашәқәа ҟьаҟьаӡа иаартын, аԥенџьырқәа ԥҽын, афонд зегь ҟьаны иҩнаԥсан. Убри зегь арҽеира аиҭашьақәыргылара илшеит, агәыҳалалратә фондқәа дырҭааны, ацхыраара даҳәаны мацара аусзуҩцәа ҩналан аус руртә аҭагылазаашьа ҟаиҵеит. Ишдыру еиԥш, Борис Шьаликәа-иԥа иусушьа бзиа збаз ауаа Аԥсны анҭыҵгьы еицгәарҭо иалагеит, избанзар уи Аԥсны аҳәаақәа дырҭыҵит, аимадара бзиақәа еиҿикааит, ауаа нагақәа идиԥхьалеит. Убас мацара иахьа уажәраанӡагьы ацхыраара ду арҭоит Амилаҭтә библиотека Урыстәылатәи абиблиотекақәа. Абиблиотека агәы азҭаҵаны ҿыц аԥсы ҭаҵан арҽеирақәа имҩаԥгаз ала. Уи хацыркын Апсны хадас Александр Анқәаб ибзоурала, аха араҟагьы Борис Ҷолариа ибзоуроу даараӡа ирацәоуп.

Аиубилеитә еиԥыларахь имҩахыҵит иуа-иԥахы, иҩызцәа, иқәлацәа, Аԥсны абиблиотекақәа русзуҩцәа, ашәҟәыҩҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа.

Уи илшарақәеи иџьабааи атәы зҳоз адныҳәаларатә шәҟәы иааишьҭыз Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба, даԥхьеит аиубилеитә хәылԥазы амҩаԥгаҩ, ажурналист ҟаза Екатериа Бебиаԥҳа. Иара убас хаҭала иқәгылараҿ Аԥсны адепутатцәа рхеидкыла аиҳаты Валери Кәарҷиа иазгәеиҭеит, уи аҵара аизырҳараҿы илагала ду, аҿар ашәҟәы аԥхьара агәыблра дыркразы имҩаԥиго аусмҩаԥгатәқәа. Аԥсны акультуратә ԥсҭазаараҿы ҭыԥс иааннакылаз Жәларбжьаратәи аҿартә арт-фестиваль «Амшын аԥшаҳәаҿтәи анеи-ааира» захьӡуи, иара убас раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥгахаз «Абиблиоҵхи», уи адагьы еиуеиԥшым еиҿикаауа аусмҩаԥгатәқәа рзы иҭабуп ҳәа аҳәон акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа адныҳәаларатә шәҟәы иаалышьҭыз, уи лхаҭыԥуаҩ Беслан Ӷәырџьуа дзыԥхьаз аҟны. Акыр ирацәаҩуп аиԥылараҿ иқәгылаз ажәа ԥхақәа изызкыз…

Борис Ҷолариа 70 шықәса ихыҵра идныҳало арҭ амшқәа рзы атәым ҳәынҭқаррақәа рҟынтәи Аԥсныҟа иааит адныҳәаратә шәҟәқәа, авидеонҵамҭақәа. Урҭ зегьы еизаз идырбан. Иара убас аиубилеитә хәылԥазы арлах-ҿыхраз ааԥхьара рыман Аԥсны Жәлар рартист Роза Чамагәуаԥҳа напхгара зылҭо аҭыԥҳацәа рынсамбль «Гәында», дара ирҳәеит ашәақәа.

Есҽны икәша-мыкәша иҟоу иколлектив Амилаҭтә библиотека аусзуҩцәа рыхьӡала ажәа лҳәеит ҩеижәа шықәса инацны аус зухьоу, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы Ламзира Шьынқәырԥҳа. Иара имҩахыҵыз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит… Хазы иалкааны иҭабуп ҳәа леиҳәеит еиҿызкааз знапы иҵызхыз абри аиубилеи зегьы Екатерина Бебиаԥҳа.

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика