Print this page

Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада В. Г. Арӡынба 70-шықәса ихыҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа рцикл апроект «Иара далнахит аамҭа»

Ажьырныҳәа 14, 2018 693

Аԥсны «В. Г. Арӡынба ишықәс» ҳәа иахьрылаҳәо инақәыршәаны, И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аԥшьгарала еиҿкаахоит Аԥсны араионқәеи, Аҟәа ақалақьи ршколқәа а-7-11-тәи аклассқәа рҵаҩцәа рзы еиуеиԥшым ардырреи ааӡареи рҟазшьа змоу аусмҩаԥгатәқәа. Апроект ақәкы В. Г. Арӡынба иԥсҭазаареи иусуреи аҿырԥшрала аҿар апатриотизми ацәаҩа бзиеи рылааӡара апроцесс ацхраара, аҭоурых ардырра арҭбаара, «Аԥсуара» иаҵанакуа аԥҟарақәа рылааӡара. Апроект еиҿыркаауеит, иагьымҩаԥыргоит И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека анапхгареи аусзуҩцәеи.

Апроект амҩаԥгара иалахәуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультуреи, аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи Рминистрра, Аҟәа ақалақьи, араионқәеи Рхадарақәа, В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-Аԥша амузеи, Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи. Иара убас аамҭақәак рзы рхы аладырхәуеит Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩцәа, Атәылахьчара Аминистрра, Ешыра ақыҭа «Аибашьцәа рмузеи”, иҭаацәа, иҩызцәа иқәлацәа, АГТРК, «Абаза ТВ», уҳәа егьырҭ аинформациатә хархәагақәеи русзуҩцәа.

Апроект финансла еиқәыршәахоит аҳәынҭқарреи аспонсорцәеи рыцхыраарала.

Аспонсорцәа раҳасабала иазгәаҭоуп аимадаратә компаниақәа «Аквафон», «А-Мобаил», уҳәа убас егьырҭ аусбарҭақәагьы.

          Апроект  «Иара далнахит аамҭа» аусмҩаԥгатәқәа рцикл асценартә план.

Аԥсны абжьаратәи ашколқәа рҵаҩцәа (хыԥхьаӡарала 70-100-ҩык рҟынӡа) автобусқәа рыла иаагахоит Аҟәаҟа, Ахьӡ- Аԥша амузеи ахыбрахь, ара ирԥылоит Амилаҭтә библиотека аусзуҩцәа, урҭ имҩаԥыргоит Ешыра ақыҭа В. Г. Арӡынба ихьӡ зху амемориалтә комплекс аҟынӡа. Апроект алахәыҩцәа ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит В. Г. Арӡынба иҳаҭгәын аҿы. Ара амемориалтә комплекс аусзуҩцәа имҩаԥыргоит аиҿцәажәара. Анаҩс иаҭаауеит В. Г. Арӡынба имузеи, Ешыратәи абжьаратә школ.

Агәыԥ гьежьуеит Аҟәаҟа, Ахьӡ- Аԥша апарк аҿы ишьҭарҵоит ашәҭқәа, ирыхәаԥшуеит В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ- Аԥша амузеи аекспозициақәа. (Иазгәаҭоуп аҵаҩцәеи урҭ ирыцуи рзы акрыфара, акофе-бреик). Анаҩсан, аилатәарҭатә зал аҿы иацҵахоит В. Г. Арӡынба изку атематикатә хәылԥазы. Ара рхы аладырхәуеит аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩцәа, аҵарауаа, -аҭоурыхҭҵааҩцәа Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа, В. Г. Арӡынба иҩызцәа, иқәлацәа, иҭаацәа.

Ақәгыларақәа ртемақәа:

  1. В. Г. Арӡынба инаукатә усура, В. Г. Арӡынба – аҵарауаҩ- аҭоурыхҭҵааҩ; анаукатә усбарҭа анапхгаҩы.
  2. В. Г. Арӡынба - XX ашә. 80-90-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара-аиҿкааҩ, анапхгаҩы.
  3. В. Г. Арӡынба Аԥснытәи Иреиҳаӡоу асовет ахантәаҩы иҭыԥаҿ 1991 шықәсанӡатәи иусура.
  4. В. Г. Арӡынба – Аԥсны иқәынхо ажәлар ақырҭуа агрессор иҿагылараҿы аԥхьагылаҩ, аҳәынҭқарра аиҿкааҩ,  Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьрааан Ар рхада.
  5. В. Г. Арӡынба – ихьыԥшым  Аԥсуа ҳәынҭқарра анапхгаҩы. В. Г. Арӡынба- Аԥсны Ахада; В. Г. Арӡынба жәларбжьаратәи иполитикатә усура, Аԥсны ахьыԥшымра адунеи аҿы азхаҵаразы иқәԥара.
  6. В. Г. Арӡынба – иморалтә, ицәаҩатә, идоуҳатә, иуаҩытәыҩсатә ҟазшьақәа. В. Г. Арӡынба – иҭаацәараҿ; ауаатәыҩсатәи, аиҩызаратәи еизыҟазаашьақәа.
  7. В. Г. Арӡынба изку адокументалтә фильмқәа, авидеохроника дырбара.
  8. В. Г. Арӡынба изку ахыркәшаратә ажәа. (гәаанагарала – С. И. Џьергениа- Арӡынба апроект алахәцәа ҭабуп ҳәа раҳәаразы лықәгылара). ( Иҟалар ауеит апроект алахәцәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ахь рҭаара). Аусмҩаԥгатәқәа ралахәцәа Аҟәантәи рцара.

                     Апроект анагӡара – 2015 ш. Аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара аамҭа инықәырԥшу аҿҳәара мчыбжьык ахь знык.

                                         Иазгәаҭоу аусқәа рхарџьнҵа

  • Апроект алахәцәа Аҟәаҟа, Ешыраҟа раагара, ргара________________________
  • Апроект алахәцәа рыкрыфара________________________
  • Аекскурсиақәа рынагӡаҩцәа рус ахә ахшәаара____________________________
  • Ателехәаԥшра аиҿкааразы ахә ахшәаара__________________________________
  • Абаннерқәеи, егьырҭ еиуеиԥшым лабҿабатә агитациатә хархәагақәеи реиқәыршәара____________________________
  • Егьырҭ ахарџьқәа_________________________

Апроект аҿы И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека еиҿнакаауеит В. Г. Арӡынба 70 шықәса ихыҵра иазку ашәҟәқәеи, егьырҭ акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәеи рыла еиқәыршәоу атематикатә цәыргақәҵақәа.

И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека иалнаршоит «В. Г. Арӡынба ишықәс» ҳәа ирылаҳәо аусқәа рынагӡаразы иахәҭоу аметодикатәи абиблиографиатәи материалқәа рыла ацхыраара рыҭара. Ари апроект ала иалыршахар ауеит Аԥсны еиуеиԥшым аҭыԥқәа рахь анҭыҵтәи аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара.

Last modified on Maandag, 15 Жьҭаара 2018 15:15