Мшаҧы 19, 2024

АТӘЫМ БЫЗШӘАҚӘА РЫЛА АЛИТЕРАТУРА АҞӘША

Атәым бызшәақәа здыруа, урҭ зҵар зҭаху Амилаҭтә библиотека хыԥхьаӡара рацәала иаҭаауа аԥхьаҩцәа рахь иахыԥхьаӡалатәуп. Дара рзоуп изеиҿкаазгьы атәым бызшәақәа рыла алитература аҟәша. Аҟәша иамоуп асахьаркыратә литература, арҵагатә литература, ажәарқәа, аилыркаагақәа, аенциклопедиақәа 40 бызшәа рҟынӡа ашәҟәқәа. Иамоуп иара ахатәы инвернтартә шәҟәы, ихадоу ашәҟәытә каталог, алфавитттә, асастиматикатә каталог, ахатәы картотека. Имҩахыҵуеит арахь аԥхьаҩцәа: аҭҵраадырра аусзуҩцәа, анаука ҭҵааҩцәа, астудентцәа, ашкол хәыҷқәа уҳәа уб. егь. Иамоуп аԥхьарҭатә зал, иара убас аԥхьаҩ ииҭаху ашәҟәы ҭаҩны аҩныҟа игартә аҭагылазаашьа аԥҵоуп. Иаԥҵоуп аелекторнтә база, имҩаԥыргоит ашәҟәытә електронтә каталог. Аҟәша аусзуҩцәа ҵыхәаԥҵәарада имҩаԥыргоит ашәҟә ҿыцқәа рцәыргақәҵақәа.

Rate this item
(0 votes)

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика