Print this page

АԤХЬАҨЦӘА РҬАҨРА АСЕКТОР

Аԥхьаҩ изы абиблиотека алагоит, аԥхьаҩцәа рҭаҩреи ргәаҭареи рсектор ала. Ара аԥхьаҩцәа абиблиотекахь иҭарыҩуеит, ирырҭоит аԥхьаҩ ибилеҭ, ианаамҭоу имҩаԥыргоит аиҭаҭаҩра. Аҟәша аусзуҩцәа рус хадақәа рахь иԥхьаӡатәуп абиблиотека ахархәаразы абжьгаратә цхыраара рыҭара, урҭ аԥхьаҩцәа ирарҳәароуп изышьҭоу алитература иарбан ҟәшоу иахьыҟоу. Иаԥҵоуп аԥхьаҩцәа рҭаҩратә билеҭ аелектронтә база.

Rate this item
(0 votes)