Мшаҧы 25, 2024

АБОНЕМЕНТ АҞӘША

Аԥхьаҩцәа еиуеиԥшым адыррақәа ирызку алитература ахьроуа, абонементла рымаҵ ахьыруа аҟәша ауп. Аҟәша аусзуҩцәа хықәкы хадас ирымоуп, аԥхьаҩ дзызҵаауа алитература алхраҿы ацхраара, аелектронтә гаталог ала аԥшаара, уи имоу азҵаараҿы абжьгара иҭара, иара убас, ашәҟәы аԥхьара апропоганда азыруеит. Ари аҟәша аԥхьаҩцәа рацәаҩны изҭаауа ҟәшоуп. Аԥхьаҩ ииҭаху алитература аҩныҟа игар алшоит хә-екземплиарк рҟынӡа жәа-мш, аԥхьаҩ иигаз алитература иҵегь аамҭа ацҵара иҭахызар, уи азыҳәан дааироуп абиблиотекахь, мамзаргьы аҭел дасны иҳәоит, урҭ ашәҟәқәа макьана аус адиуларц шиҭаху. Аҟәшаҟны идырмазеиуеит ашәҟәқәа релектронтә каталог. Аҟәша аусзуҩцәа иҟарҵоит алитературатә цәыргақәҵақәа, ҿыц ироуз алитература ахҳәаа азуны, имҩаԥыргоит еиуеиԥшым амассатә усмҩаԥгатәқәа.

Rate this item
(0 votes)

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика