Даниз ашықәс, дахьиз: 1966 шықәса ажьырныҳа 23 рзы Аҟәа ақалақь.
Иреиҳау аҵара: далгахьеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, афилологиатә факультет «Аԥсуа литература аҭҵааратә» занааҭ ала.
Аџьатә мҩа: аус луан аԥсуа бызшәеи алитературеи рҵаҩыс Очамчыра ақалақь №1 абжьаратә ашкол аҿы, иара убас шықәсқәак аусзуҩыс «Арокетатә Ар астратегиатә ҿҳәарала» захьӡу асанаториа аҟны. 2013 шықәса раахыс Амилаҭтә билиотека аҟны.
Аҭҵаарадырратә зҿлымҳарақәа реикәшара: дрызҿлымҳауп раԥхьатәи аԥсуа журналистцәа, урҭ рҭыжьымҭақәа, насгьы иахьатәи апериодикатә кьыԥхь.
Атәым бызшәақәа рдырра: англызи анемец бызшәеи (ажәар лыцырхыраан).
Аҭаацәаратә ҭагылазаашьа: дҭаацәароуп, ҩыџьа аԥацәа дрануп.