Desember 04, 2024

Кәыҵниа Хатуна Ирадион-иԥҳа

Амилаҭтә литературареи аҳәынҭқарратә библиографиа асектори аҟәша абиблиотекар хада.

Даниз ашықәс, дахьиз: 1981 шықәса абҵара 27 рзы Очамчыра араион Аҭара ақыҭан.

Иреиҳау аҵара: 2000-2003 шықәсқәа рзы далгеит Аҟәатәи аҳәынҭақарратә культуратә ҵараиурҭа, 2003-2007 шықәсқәа рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет, «Аԥсуа бызшәа иаԥсыуам ашколқәа рҟны» азанааҭ ала. 2009 шықәсазы дрылгеит акурсқәа х-мзтәи аҳасабеиларгаҩ изанааҭ ала, 2013 шықәсазы дҭалоит ААУ «ажурналистика» азанааҭ, лҵара хлыркәшоит 2016 шықәсазы.

Аџьатә мҩа: 2005-2008 шықәсқәа, аус луан Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә авокал-инструменталтә ансамбль «Гәында» аҟны. 2009 шықәсазы шықәсык аус луит аҳасабеилыргаҩыс афирма «СУОР» аҟны, «еиуеиԥшым ахыбрақәа реиҭашьақәыргыларатә усурақәа» ирызкны. 2007 шықәса раахыс аус луеит И. Гь. Папсқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҟны.

Аҭҵаарадырратә зҿлымҳарақәа реикәшара: азҿлымҳара лымоуп ажурналист ҭҵаарадырратә усура. Илҵоит абиблиотекатә ус иахьатәи ҳаамҭақәа ирықәшәо аҿыцтә тихнологиақәа.

Атәым бызшәақәа рдырра: анемец бызшәеи аҭырқә бызшәеи, ажәар ацхыраала.

Амилаҭтә жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи, ассоциациақәеи ихы злаирхәыз: 2012 шықәсазы далахәын, Маикоп ақалақь Адыгеиатәи Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысуаз анаука -практикатә семинар «Акультуратә хкырацәара - аладатәи Кавказ абиблиотекақәа русура аганахьала». 2013 шықәсазы лхы алалырхәит Урыстәыла еицырдыруа ажурналитцәа Аԥсны имҩаԥыргоз аконференциа Аполитологиатә Центр «Север-Юг» ажурналисттә ҟазара апрограммала «Ҳаамҭазтәи ажурналистикеи иҿыцӡоу адырраҭаратә технологиеи» ҳәа захьӡызи, 2014 шықәсазы иара убри апрограммала «Ҳаамҭазтәи амедиа-поле Аладатәи Кавказ» захьӡызи. Лхы ахьалалырхәыз азы иланашьоуп асертификатқәеи аҳамҭақәеи. Иара убас, активла далахәуп абиблиотекатә ус иазку аусмҩаԥгатәқәа. Иазлырҳауеит ажурналистика иазку аҿыцтә технологиала лдыррақәа.

Аҭаацәаратә ҭагылазаашьа: дҭаацәараӡам.

Super User

Selfies labore, leggings cupidatat sunt taxidermy umami fanny pack typewriter hoodie art party voluptate. Listicle meditation paleo, drinking vinegar sint direct trade.

www.themewinter.com

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика