Мшаҧы 25, 2024

Тҟәарчал ақалақь фырхаҵаҿы ауахәама аргыларазы еиҿкааз агәыҳалалратә марафон

Нанҳәамза 4 рзы Тҟәарчал ақалақь фырхаҵа акультуратә хан аԥхьа еиҿкаан агәыҳалалратә марафон аусмҩаԥгатә, уахь имҩахыҵуан ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи. Ақалақь фырхаҵа Тҟәарчалаа ари аҩыза агәырӷьара иазыԥшуижьҭеи акыр аамҭа ҵуан. Аԥшәмацәа ргәырӷьара ҳәаак амамкәан асасцәа ирԥылон. Избанзар ирҭахуп рааигәара иҟазарц Анцәа иахьимҵаныҳәаша ԥшьа ҭыԥк, ирҭахуп 25 шықәса раԥхьа аибашьра ҟалаанӡа ишыҟаз еиԥш ақалақь ажәлар аҭаауа, иамоу аԥшӡарақәа, абеиарақәа атәым ҳәынтқаррақәагьы ирбо ираҳауа иаҟаларц.

Амарафон адгылара азҭаз...

Тҟәарчал иаҭааит Аԥсны аҳәынҭқарра амаҵзуҩцәа Апрезидент раԥхьа днаргылан, атәыла ауааԥсыра. Еиҿкааз аныҳәатә программа иалагааанӡа, инеит ашәҭшьыҵәрақәа рыманы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра зхы ақәызҵаз ирызкны игылоу абаҟахьы.

Тҟәарчал ақалақь ахада Аиба Чачхалиаԥҳа иаалыртит амарафон. Уи ҭабуп ҳәа ралҳәеит иахьа имҩаԥысуа аҭоурыхтә хҭыс ацхыраара ҟазҵази зхы алазырхәызи зегьы.

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба дазааҭгылеит ауахәама аргылара аҵак ду шамоу, уи ақалақь аргылара, ажәлар шьҭахьҟа рырхынҳәра, ақалақь аиҭарҿиара ишазку...

Аб Виссарион Аԥлиа дрықәныҳәан иԥшьеит амарафон аиҿкааҩцәеи алахәылацәеи.

Аганахь иаанымхакәа, Тҟәарчал ауахәама аргыларазы агәыҳалалратә марафон еиҿкааз ахаҵгылара анаҭеит излалшоз ала, Аԥсны И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекагьы. Абиблиотека ахада Борис Шьаликәа-иԥа Ҷолариа иусзуҩцәеи иареи ирылшоз ала аҟәрышь еизганы инаган амарафон ахь. Аԥара дук ыҟамзаргьы гәыкала еизгоуп Тҟәарчал ақалақь аҿы, ажәлар зымҵаныҳәо инеины рылахь рыџьамшь ӡатәны цәашьык наркны ргәы ахьаарыԥсахша ауахәама аргыларазы агәыҳалалратә цхыраара иҟарҵоз иахырыԥхьаӡалеит.

Агәыҳалалратә марафон мҩаԥган аконцерттә программала Аԥсны ашәаҳәаҩцәеи акәашаҩцәеи рынагӡарала.    

Last modified on Maandag, 15 Жьҭаара 2018 15:39

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика