Хәажәкыр 28, 2024

Чувашиеи Аԥсни - «Аиҩызара алакә маҟа»

Мызкы аԥхьа иааит ашәҟәы Чувашиантәи, Амилаҭтә библиотека ахада Борис Ҷолариа ихьӡала. Чувашиатәи Амилаҭтә библиотека аҟәша Надежда Вишневскаиа иҳадылгалеит рыпроект ҳҽалаҳархәырц. Убри ашәҟәы иабзоураны иҿиеит аҩ-бибилиотекак реиҩызара.

Апроект, иахьӡуп - «Аиҩызара алакә маҟа» ҳәа («Сказачный пояс дружбы»). 2017 шықәса рзы, ари апроект еиднакылеит Чувашиеи китаитәи апровинциа Анхоии, сынтәа Чувашиеи Аԥсни. Апроект аус адырулоит, еиҳарак Аԥсны Амилаҭтә библиотека атәым бызшәақәа рыҟәшеи Чувашиатәи Амилаҭтә библиотека алитературатә ҟәша аусзуҩцәеи. Арҭ аҟәшақәа рхадацәа, Аԥснынтәи Илона Елерџьиаԥҳаи Чувашиантәи Надежда Вишневскаиеи рыбжьара активла иалацәажәоит апроект амҽхак ырҭбааны ишымҩаԥыргаша, иара убас еимырдоит рԥышәа, ҳаԥхьаҟагьы абри апроект еиԥшу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы.

Апроект иазкны

Апроект ахи-аҵыхәеи мариоп. Аҩ-жәларык рхәыҷқәа иднарҵоит ркультура, рҭоурых, рфольклор, рлакәқәа. Урҭ ианаԥхьалакь ашьҭахь ирышьҭуеит иалырхыз алакә асахьа ацҵаны. Иара убас апроект иаҵанакуеит, рыҩбибилиотекак рыҟны асахьатә цәыргақәаҵақәа реиҿкаара.

Иахьа апроект аус шауа збарц агәаҳәара змоу зегьы шәааҳаԥхьоит Аимлаҭтә библиотека абонемент аҟәшахьы, ара ижәбоит апроект «Аиҩызара лакә маҟа» («Сказочный пояс дружбы») ацәыргақәҵа. Чувашиеи Аԥсни аиԥшымзаара шрымоугьы ажәлар рлакәқәа рыла еизааигәоуп.

Амилаҭтә библиотка абонемент аҟәша аиҳабы Диана Гәлиаԥҳа аҭагылазаашьа бзиа аԥылҵеит апроект зҽалазырхәырц зҭаху ахәыҷқәа ргәы иақәшәаратәы рԥылара. Ҳаҭыр зқәу Аԥсны иқәынхо аԥхьаҩцәа, асасцәа шәааҳаԥхьоит абиблиотека ахәышҭаарахьы алакәқәа рыԥхьара.

Иаарласны ишәаҳауеит...

Аԥхьаҩцәа шәхаҵкы, аусумҭақәа шыҟазаракәу, зхы алазырхәуа иқәра, апроект аамҭа ахьанӡамоу, шәҳацыз шәахәаԥшла ҳсаит абызкаҭаҳаҿы зегьы шәбараны шәыҟоуп.

Last modified on Dinsdag, 16 Жьҭаара 2018 11:35

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика